Бжьышықәса Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Арӡынба Владислав Григори-иԥа иҟны еиҿкааз Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзураҿы дыҟан. Иара, Владислав Арӡынба идҵала 2000 шықәсазы Ахада иусбарҭа еиҳабыс дҟаҵан. Дҭаацәароуп. Имоуп ҩыџьа аԥацәа.
– Ишԥаҟалеи Владислав Григори-иԥеи уареи шәеибадырра?
– Владислав Григори-иԥа Ҭырқәтәыла 1991 шықәсазы даннеи, данаҳба нахыс зегьы ҳаԥсы илахеит. Аԥсуа жәлар ҳԥеиԥш дадаҳҳәалеит. Дарбанзаалак ипатреҭқәа ҭырхуан, иҟарҵон. Сара ипатреҭ дуны иҟаҵаны Ҭырқәтәылан аус ахьызуаз ихшьны исыман.
Аԥсныҟа 1993 шықәса ԥхынҷкәын мзазы сааит. Аҭыршба Кавкази Кчач Алики Владислав Григори-иԥа ишҟа сыргеит. Иуада дахьтәаз сыҩналаразы асекундқәа анаанха, сшьапқәа ҵысуа иалагеит. Усҟан имаҷӡаны аԥсшәа исҳәоз деигәырӷьеит. Иасҳә́еит, саб иашьа иԥа Оҭиллеи иареи Лондон ишеибадырыз, сашьа Адуани иареи аибабара шрыбжьоу… Урҭ рыӡбахәқәа далацәажәеит, игәалаиршәеит, деигәырӷьеит. Акыраамҭа ҳаницәажәа ашьҭахь аусура сидикылеит.
Уара бжьышықәса инеиԥынкыланы Аԥсны Ахада ихьчараҿы уҟан. Аибашьра ашьҭахьтәи Ахада игәалаҟазаара зеиԥшразеи?
– Ииашаҵәҟьан, еснагь зыжәлар ирызхәыцуаз ауаҩы изы даара иуадаҩын иҭагылазаашьа. Аиааира ҳажәлар иргеит, аха аекономикатә блокадеи аҩнуҵҟатәи ахымҩаԥгашьеи уадаҩын. Аҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы амал аҭахын, уи ыҟамызт… Ҳаԥсадгьыл аҩнуҵаҟа зегьы абџьар рыман. Уи иахылҵуаз арыцҳарақәа рацәан. Усҟан Владислав Григори-иԥа зынӡа дыцәаӡамызт. Дгәамҵуан, аҭаҭын ирацәаны дахон.
– Ҳаидгылареи ҭаацәакны ҳусуреи роуп ҳаиқәзырхо иҳәон. Исгәалашәоит уи игәыԥжәарақәеи игәамҵрақәеи… Акызаҵәык, Ешыраҟа ҳаныхынҳәлак, уаҟа иагьа аамҭа царгьы, имыцәаӡакәан иԥшыз иан Надежда Шьаабан-иԥҳа заҵәык игәшәа аҳәареи илабжьареи лылшон… Иара изы иан зегьы дреиҳан, лажәақәа рыгәра игон…
Владислав Григори-иԥа иԥсшьара амш шԥеихигоз?
– Иара изы зегьы раԥхьа игылаз Аҳәынҭқарратә усқәа ракәын… Аха убри иахаршәаланы сааҭқәак аниауаз, даара бзиа ибон ауҭраҿы аусура, аӡахәа аилыхра, ашәырқәа рхылаԥшра, реиҭаҳара… Хҭыск шәасҳәоит. Зны ҳшаауаз аџьырмыкьаҿы ҳанкыдгылеит. Уаҟа аџьымшьы алаҵаразы иааихәеит. Аҩны ҳаннеи, иҽааиҭеикын, ус иҳәеит: – Ибрагим, уажәы уареи сареи ари аџьымшьы ыҵаҳҵоит, – иҳәан, ауҭрахь иҿынеихеит. Ацәаҳәақәа алидеит, нас аџьымшьы еицыҵаҳҵеит. Ҳаналга, сара ус сеиҳәеит: – Ари уара узы иаасхәеит, исҭахуп уаргьы аҩны илоуҵарц. Нас, ианаалак, еиҳа еиӷьхо збар сҭахуп, - ҳәа. Сара исиҭаз ыҵасҵеит. Владислав Григори-иԥа иҿы саннеилак, иаразнак сцаны игәасҭон, иџьымшьқәа шыҟалаз. Аамҭа анца, ацәаҳәақәа ииашаӡа, еиврыԥхаа иаразнак улаԥш иҵашәон. Сара еиҭасҳаз, иааз маҷхеит, ацәаҳәақәагьы ииашаны исзыҟамҵазар акәхап, иԥшӡамхеит. Иџьамшьы аназҳа, сара стәы аниба, еиликааит абжакы ииашаны ишыҵасымҵаз. Урҭ аарҳәны иҵан, уи иччаԥшь ахаан исхашҭуам…
– Иҟазма аусура иадҳәалаз, иухамшҭуа ахҭыс?
– Ирацәоуп урҭ ахҭысқәа. Сара схаҭа ақьаад ахь ииазгахьоу маҷӡам. Исҭахуп урҭ шәҟәны иҟасҵарц. Владислав Григори-иԥа иҟазшьа ҷыдақәа ируакын, уахынла ашәҟәқәа рыԥхьара, аҩра уҳәа, дыцәаӡомызт. Ҽнак аусура аҟнытә ҳааԥсаны ҳааит. Иҩны аԥхьа аԥацха гылан, ҳарҭ дзыхьчоз зегьы дышьҭалаанӡа уаҟа ҳаҟан. Данышьҭала, сара сҷаԥшьон. Ақәа кыдҵәаны илеиуан. Ашьыжь амра хааӡа иԥхеит, хәыцрак сҭанагалеит. Иара заа дгылеит, днеиааит, иуҭра гәеиҭеит. Аамҭа ԥыҭк цазар акәхап, ибжьы неиҵыхны: – Ибрагим! – ҳәа ҿиҭит. Исҳәо сҿамшәо ашырҳәа сҩагылеит. Иара ишиҟазшьаз еиԥш дыччо, ус иҳәеит: – Узырхәыцуазеи? Уи акәӡам еилыскаар исҭаху, иарбан бызшәала, –иҳәеит. Дааччан: – Ибрагим, макьана уахь ауп уахьыҟоу! – иҳәеит.
Ииашаҵәҟьан, сара иахьа санхәыцуа, ԥсышәалоуп сышхәыцуа, уи иаанаго рацәоуп.
– Иҟазма, иара игәаҳәарыла ааԥхьарақәеи аиҿцәажәарақәеи? Иҟазар, изусҭцәадаз урҭ?
– Иҟан хымԥада. Владислав Григори-иԥа даара бзиа ибон анхаҩы жәлар рыдтәалара, рацәажәара, ргәаанагарақәа азыӡырҩра. Ҽнак ашьтәа ишьит. Иара имаҵ зуазгьы, иқыҭаҿы иҟаз игәылацәагьы еизигеит. Уи ус иҟаз аиҿкаарақәа рҿы зынӡа даҽаӡәын. Ахҭысқәа иҟаз рҟны ауаа рхымҩаԥгашьа уҳәа ииҳәоз зегьы азыӡырҩра аинтерес рыҵан. Нас цәгьала бзиа ибон анхацәа ргәы иалоу, ирҳәо аиаша азыӡырҩра. Ус ҳаштәаз, Владислав адин азҵаара шьҭихит. Аӡәы диазҵаан: «ҳара ҳтәы аныхақәеи ажьирақәеи роуп» иҳәеит. Даҽаӡәы «амсылманра ҳара иаҳтәӡам, мчыла иҳадыргалаз усуп» иҳәеит, егьи ҳақьырсианцәоуп» иҳәеит. Владислав аҵыхәтәан итәаз абыргцәа ирҳәоз иҽаламырхәыкәан, акрыфара иаҿыз, ус диазҵааит: – Уара уԥсылману, уқьырсиану? – ҳәа. Уи ижьахәҭа нықәиҵан – Сара саԥсыуоуп, иҳәеит. Владислав зегьы дааҳалаԥшын: – Абасоуп, аԥсуаа аиҳарак ҳшыҟоу, иҳәеит.
– Владислав Григори-иԥа идҳәалоу ахҭысқәа рацәоуп. Исҭахын иугәалауршәарц дахьынхоз иҩны аҿаԥхьа аплакатқәа зманы гәыԥҩык ауаа инеиз рышьҭахь иҭагылазаашьа зеиԥшразеи? Иахиҳәаазеи?
– Уи амш хьамҭа агәаларшәарагьы, алацәажәарагьы хьамҭоуп. Данрылаԥш иҭагылазаашьа атәы салацәажәар сҭахӡам. Акызаҵәык исзеилымкаауа абри ауаҩ ижәлар рзы иҟаимҵаз иҟоузеи?! Адунеи ахьынӡанаӡааӡауа ҳадзырдырыз, уи азы зхи згәабзиареи иазымхәыцыз изы, иарбан мчу уи аҿагылара дзыргәаӷьыз?! Амала, Владислав игәнаҳа иаҵалаз, уи ихьӡоит… «Абри збараны сзыҟазеи? – ҳәа даара ихьааигеит… Дцәажәаӡомызт.
– Уара аҭаацәара уалалара Владислав Григори-иԥа ибзоуроуп рҳәоит. Уи шԥаҟалеи?
– С.Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҟны «Аԥшӡа» зыхьӡыз аицлабра мҩаԥысуан. Владислав Григори-иԥа днаԥхьан. Маҷк дахьтәаз иацәыхарамкәан снаскьаны сгылан. Аицлабра агәҭахьы инеихьан еиԥш, аҭел дысзасит. Ус аныҟаиҵоз, амашьына аниҭаххоз акәын. Иаразнак сҵааит, аха иара ишҟа снеирц сеиҳәеит. Саннеи, ихы-иҿы лашо, ус ибжьы ааиргеит: – Абни, Нанԥҳа цәгьала дысгәаԥхеит, улыхәаԥш! – ҳәа сеиҳәеит. Аҩны иан Надежда Шьаабан-иԥҳа илеиҳәеит, абас Нанба Лиа Закан-иԥҳаи сареи аҭаацәара аԥаҳҵеит. Ҩыџьа аԥацәа Аԥсари Арсоуи ҳааӡеит.
– Владислав Григори-иԥа аибашьра ашьҭахьтәи иусураҿы ауадаҩрақәа иҟаз дыриааины, аҳәынҭқарраҿы мал дук шыҟамызгьы, илшаз рацәаӡоуп. Ушԥахәаԥшуа уи аамҭа?
– Уи иара иепоха акәын. Иара ихы аӡыргара ихаҭа илшеит, иажәеи иуси ихшыҩи рыла. Иҟаҵоу иҳәамҭақәа ҳрықәныҟәар, иӷәӷәоу ҳәынҭқаррахоит ҳтәыла. Аӡәгьы игәы иалымсааит, уи илшази, иҟаиҵази, ижәлари иԥсадгьыли рзы, иааигәа аӡәгьы дыҟам. Иџьынџьуаа рзы ииҳәаз ҿыӷәӷәала изҳәашаз дҟамлеит. Урҭ рырхынҳәра ауп, ҳаԥсадгьыл еиқәзырхо, измырӡуа… Иара иусумҭақәа, иҳәамҭақәа ҿырҳәала иаадыруазар ауп… Ҭырқәтәыла Ататиурк дыҟамижьҭеи шаҟа ҵуазеи?! Анбан инаркны ипатреҭқәа рыла иаатуеит, арҵага шәҟәқәа зегьы рҿы дануп… Ҳара изыҟаҳамҵозеи, иаҳԥырхагада уи аус аҿы?
– Владислав Григори-иԥа лассы-лассы дугәалашәома?
– Дансгәаламшәо ыҟаӡам. Ирацәаӡоуп сыхдырраҿы наунагӡа иаанхаз, еиқәырхоу ахҭысқәа… Ҳара ҳҭаацәараҿы итрадициахеит, Владислав Григори-иԥа анышә дахьамадоу, ес-сабша аҭаара… Иага ус сымзарагьы уи насыгӡоит…
Дызхьымӡаз зегьы нагӡара аиуааит! Сара еснагь длашаӡа, дыӷәӷәаӡа сыбла дыхгылазаауеит. Владислав ахра ҳаракы ду еиԥш иӷәӷәаз, адунеи иақәлазаауа фырхаҵоуп.
Гугуца Џьыкырба