Амилаҭтә кадрқәа реиҵааӡаҩ

Владимир Џьгәанаҭ-иԥа Кәарҷелиа диит 1919 шықәса ииун азы Аҷандара ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы. Алагамҭатә ҵара иоуит иқыҭа гәакьаҿы, 1930 инаркны 1936 шықәсазынӡа Гәдоуҭатәи абжьаратә школ аҟны аҵара иҵон.

Быжькласск данрылга дҭалеит Гәдоуҭатәи ақыҭанхамҩатә техникум аҩыҟаҵаратә ҟәша. Уи даналга, ҩымз изанааҭ ала аус иуан, анаҩсан акомҿареидгыла анаԥхьарала рҵаҩыс ддәықәҵан иқыҭа гәакьахь.
1938 ш. инаркны 1940 ш. азынӡа Ӡыбзатәи алагарҭатә школ аҟны рҵаҩыс, нас еиҳабыс аус иуан.
1940 шықәса ианвар азы аррамаҵзурахь иԥхьеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ихьӡеит Мрагыларатәи Пруссиа аҳәааҿы. Аимадара архәҭақәа рҟны аррамаҵура дахысуан аимадаҩ - телеграфистк иаҳасабала, нас аимадара арота акомандир ицхырааҩс дыҟан. 1942 шықәса февраль инаркны, аибашьра ааилгаанӡа аполк акомҿареидгыла анапхгаҩы дихаҭыԥуаҩын. Аибашьра зегьы дагәылсит – аимадаҩ инаиркны аполитрук ихаҭыԥуаҩ иҟынӡа.
Ленинград аблокада ианҭакыз Ладогатәи аӡиа ала «Аԥсҭазаара амҩа» шьҭазҵоз аибашьцәа дрылагылан.
1945 шықәса, ноиабр азы иԥсадгьыл ахь даныхынҳә, дҭалеит А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет, 1949 ш. инаркны 1954 ш. азынӡа апропагандеи агитациеи рыҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс, нас убри аҟәша аиҳабыс аус иуан апартиа Гәдоуҭатәи араиком аҟны.

1954 ш. инаркны 1967 ш. азынӡа Аԥснытәи АССР акультура аминистрс дыҟан. 1967 ш. инаркны 1973 шықәсазынӡа аџьатә ресурсқәа ахрархәаразы Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Рсовет Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы иҭыԥ ааникылон. 1973 ш. инаркны 1985 шықәсазынӡа Аԥснытәи АССР ауааԥсыра рыбзазаратә маҵзура аминистрс дыҟан.
В.Кәарҷелиа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет дадепутатын, апартиа Аԥснытәи аобком далахәылан. Ианашьан Аеҵәа Ҟаԥшь, Аџьа Абираҟ Ҟаԥшь, «Аҳаҭыр дырга» аорденқәа, «Агәымшәаразы», «Ленинград ахьчаразы» амедалқәа уҳәа.
Еиуеиԥшым аҭыԥ дуқәа аанызкылоз аибашьра аветеран иуадаҩыз, аҭакԥхықәра зцыз ауснагӡатәқәа рҭыԥ рықәҵараҿы иааирԥшуан аус адырра, аҽадцалара.
Владимир Џьгәанаҭ-иԥа илшоз зегь ҟаиҵеит акультуреи аҟазареи рганахьала амилаҭтә кадрқәа разыҟаҵараҿы. Иԥсҭазаара далҵит 1985 шықәса апрель 22 азы.
Иналукааша аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩы, 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран, Аԥсны акультура аминистрс иҟаз Владимир Кәарҷелиа дыргәаладыршәоит аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩцәа Виачеслав Цыгәбеи Нугзар Ашәбеи.

«Владимир Џьгәанаҭ-иԥа – иналукааша ауаажәларратә аҳәынҭқарратә усзуҩцәа дыруаӡәкуп. Уи Аԥсны аибашьра ҟалаанӡатәи аҭоурых данылеит, 15 шықәса акультура аминистрс дыҟан. Абиԥара еиҳабыра иаҵанакуа акультура аусзуҩцәа иахьа уажәраанӡагьы дыргәаладыршәоит. Ианаамҭаз хадара азиуан аџьатә ресурсқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы, ашьҭахь абзазаратә маҵзура аминистрс дыҟан. Еиҿкааҩык иаҳасабала ихы бзианы иааирԥшуан. Аԥсны иналукааша аинттелигенциа рхаҭарнакцәа дыруаӡәкын.
Аиҳабыра ры­ҩнуҵҟагьы зхы­ԥхьаӡара рацәаҩымыз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз дреиуан, амацәаз иҭакыз Ле­нинград ихьчон. Им­аҷымкәа ао­рденқәа ианаршьахьан.
1985шы­қәсазы Вла­димир Џьгәанаҭ-иԥа иԥ­сыжра аи­ҿкааразы ак­омиссиа ха­­дара аз­ызуан. Сгәалашәараҿы даанхеит Аԥсны дапатриотҵәҟьаны, аинтерес зҵаз, ахшара бзиа зааӡаз уаҩны.
Ааигәа наӡаӡа ҳәа лаҳҳәеит уи иԥшәма, иԥсҭазааратә мҩа ицанысыз Анна Владимир-иԥҳа Марганиа. Абарҭ ауаа шьахәқәа ргәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҵаҿ иаанхоит», – иҳәеит Виачеслав Цыгәба.
«Иҵабыргыҵәҟьаны, даара аинтерес зҵаз, аинтеллигентра злаз уаҩын, аибашьра дафырхаҵан. 1954 шықәсазы Владимир Кәарҷелиа Аԥсны акультура Аминистрра хадара азиуит. Убасҟантәи аамҭазы ужәлар ринтересқәа ухьчарц азы иаарԥштәын ахаҵара, аӷьеҩра, ужәлар рыбзиабара.
20 шықәса анҵы ашьҭахь, акультура аминистрс сҟарҵеит. Иааигәаны ҳанеибадыр, Аԥсны абзазаратә маҵзура аминистрс дыҟан. Акы­рынтә ишҟа сымҩахыҵхьан, иҟасҵаша, изуша сеиҳәарц азы. Иԥсҭазааратә ԥышәа беиа ауаа ирымаидон. Ганкахьала уи дуаҩыаамысҭашәан, аха аусураҿы дыӷәӷәан, иҩызцәа ргәы дақәшәон. Даԥсыуа хаҵаҵәҟьан», – иазгәеиҭеит Нугзар Ашәба.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me