Аԥсуа литература аб

Аԥсуа ҵарауаҩ ду Шьалуа Инал-иԥа ииҩыз ари астатиа агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» ианылеит 70 шықәса уажәаԥхьа. Аԥсны жәлар рпоет Д.И.Гәлиа диижьҭеи 80 шықәса анҵуаз – 1954 шықәса февраль 21 аҽны.

Хысгьы иаман «Аԥсуа литература аб» ҳәа. Усҟан акьыԥхь зегьы қырҭуа шрифтла иҭыҵуан. Ари астатиа Шь.Инал-иԥа иҭижьхьоу ишәҟәқәа џьаргьы ирылаӡам. Убри азы акьыԥхь арбара иаԥсоуп. Аҵарауаҩ иҵауланы инарҭбааны иааирԥшуеит аԥсуа жәлар рҵеи хазына дызҭагылаз аамҭа хьанҭа дацәымшәаӡакәа дызнысыз ахаҵаратә мҩа, ижәлар рбызшәа, рҵара аус, рҳәамҭақәа рҭоурых иааидкыланы иуҳәозар – ркультура аиқәырхара иадибалаз аџьабаа.
Асовет мчра анышьақәгыла аахыс мацара ауп ибӷа еиҵыхны данаақәгыла абаҩхатәра ӷәӷәа злоу аԥсуа поет Дмитри Гәлиа, ҳтәыла дуӡӡаҿы еицырдыруа, аԥсуа литература ашьапы зкыз, уи аклассик, аԥсуа литературатә бызшәа шьақәзыргылаз, аԥсуа культура зегьы абду ззырҳәо. Ажәлар рҿы усгьы ддыруп ҳәа изыгәдуны, бжеиҳан ихьӡ мацара ауп ирҳәо, аԥсышәала – Дырмит! Иаҵанакуа заҟа ирацәоузеи ари ахьӡ аԥсуа жәлар зегьы рзы! Измаҳацда уи, дзымбацда ихаҭа Аԥсны! «Дырмит дышԥаҟоу, дад!» ҳәа раԥхьа иуазҵаауеит қыҭас уахьнеилак. Аҿарацәа урҟәаҵ, аҭаҳмадцәагьы аӡәырҩы иахьтәоу Д.Гәлиа ишәҟәқәа кны ирыԥхьоит. «Дырмит иҩымҭа ҿыцқәа сзаауҭиндаз, дад!» – ҳәа сеиҳәеит 70 шықәса зхыҵуа нхаҩык. Ҵыԥх зны, Ԥақәашь ақыҭан аӡәы, ажәлар рҳәамҭа жәабжьқәа ашәҟәы ишаниҵоз, уаатәи нхаҩык деиҿамсӡакәа иҳәеит ажәеинраалак. «Ари ажәлар ирҳәамҭаӡам, Д.Гәлиа иҩымҭоуп», – иҳәеит уи иаԥхьахьаз ашәҟәанҵаҩы. «Аиаша уасҳәап, исыздырам, ажәлар ирҳәамҭоу џьысшьоит сара, избан акәзар зегьы ирдыруеит ари ҳқыҭан», иҳәеит аҭакс анхаҩы.

Абас ирылаҵәаны иҟоуп жәлар зегьы апоет иажәа. Ашәаԥыџьаԥ злагылоу аԥашәи иареи узеиҟәыхуа аиҳа, иузеицрыхуам Д.Гәлиеи ажәлари. Убри азы ауп ажәлар рпоет ҳәа уи иқәнагаҵәҟьаны изирҭаз ахьӡ ду. Хара-ааигәантәи изаауеит иара асасцәа. Тәарҭас-гыларҭас ирымоуп зышә аарту иҩнра, аҿар, абыргцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵара дула аус зуа зегьы ирҭахуп ари ауаҩ ду иҿы инеины дырбалар, илаф хаақәа, ҵыхәаԥҵәара змам иажәабжь ҟәыш ссирқәа ирзыӡырҩлар, иҩымҭақәа дырзаԥхьаны иреиҳәалар.
«Жәлар рпоет» – ари пату ду зқәу хьӡуп, ажәлар иаԥсам ихырҵом уи, иреиӷьқәоу роуп изырҭо. Аха иара убри аамҭазгьы, уи ипату қәҵагангьы иҟам, «жәлар рпоет» иаҵанакуеит ашәҟәыҩҩы ибаҩхатәра аҷыдарақәагьы. Ус иҟоу ашәҟәыҩҩы идикылоит, илаирҵәоит иуаажәлар ирымоу адырра зегьы, урҭ рхәыцрақәа, ргәаԥхарақәа, ихшыҩ азишьҭуеит изызхьуа, изышьҭоу зеиԥшроу, нас абарҭ зегьы поезиатә сахьалеи ажәа лыԥшаахлеи еибаркны, исахьатәҩыраны иҟаҵаны дара ажәлар ирзишахуеит.

Абасҵәҟьа иҟақәоу дреиуоуп Д.Гәлиа. Ирацәаӡоуп уи ижәлар ирҿиҵааз, аха ижәлар иара ириҭазгьы қәнагала ахә ашьара имариоу усым, ихы дамеигӡакәа ажәлар рзы аџьабаа иибахьоу, аԥхӡы икаиҭәахьоу, дхәыҷы аахыс дызхысхьоу, иҟаиҵахьоу ааԥсара ззымдыруа ари ауаҩ ирҿиахьоу зегьы баша аиқәыԥхьаӡарагьы акыр иуадаҩуп. Уахьихәаԥшуа уаҩаса хәыҷык излаилшазеи инапы злакыз абри аҟара аусқәа, иҳәап ауаҩы. Уи иара ифырхаҵара мацара иабзоураӡам. Ажәытә ишьҭаханы иҟаз аԥсуа жәлар рԥа бзиахә Д.Гәлиа уи илзыршаз ареволиуциатә Урыстәыла иаҳзаанагаз ауп, ауаа ахақәиҭра рызҭаз Асовет мчра ауп. Дизар аахыс апоет ацәгьеи абзиеи акры ибахьеит, дызхысхьоу, дзыниахьоу-дзынԥахьоу рацәоуп, аха ианакәзаалак дырмеижьеит ажәлар, дырԥырҵны хара днамгылт. Имырҩашьакәа ижәлар рыгәҭа дышгылаз ихигеит уи ажәытәра иагаз аамҭа еиқәара, иахьагьы иареи дареи еилаҵәаны, рнапы еикәыршаны иануп амҩа лаша.
Аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы акыр рыцҳара, ҭагәҭасра ирыниахьеит, ацәқәырԥа еиқәара дуқәа заҟа ажәлахьоузеи иахәаҳтәып ҳәа Аԥсны хәыҷы ԥшӡа. Аха аԥсуа жәлар фырхаҵарала ирыхьчеит рыԥсадгьыл бзиахә, еицамкуа еиқәдырхеит рхатәы бызшәа, рҟазшьа, рқьабз ҷыдақәа, хамеигӡарала иазықәԥон ахақәиҭра.
Абри ажәлар рыгә­ҭаҵәҟьа далҵит Д.Гәлиа. Дызлыҵыз ажәлар рҭоурых дуун, аха ажәытә урҭ ирымамызт ашәҟәыҩыра, рхатәы бызшәала аҵара, иҟамызт аҭыԥантәи арҵаҩцәа, дрымамызт апоет, иҟамызт алитература, дҟамлацызт аԥсыуак Аԥсны аҭоурыхи абызшәеи наукала еилзыргоз. Абарҭқәа зегьы ршьапы зкыз, насгьы акырӡа инеиҵыхны ԥхьаҟа инаскьазгаз даҽаӡәым, иара иоуп, Д.Гәлиа.
Амаҵурахьы ҳәа раԥхьа ишьапқәа анеихига инаркны, Д.Гәлиа ҽышәала иҽазикит аԥсуа жәлар ркультура арҿиара, азырҳара. 17 шықәса анихыҵуаз, 1892 шықәсазы уи днатәаны иҩуеит Аԥсуа нбан шәҟәы. Усҟантәи аамҭазы уи ашәҟәы аҭыҵра иаҵанакуаз даара ирацәан, избан акәзар шәҩык рахьтә аҵара змаз аарлаҳәа аӡәы дҟалар, Аԥсны деицырдыруан. Насгьы еиҳарак уи анбан аҭыжьрала Д.Гәлиа ишьақәирӷәӷәеит аԥсышәала ашәҟәыҩыра. Убри аахыс иааԥымкӡакәа аус ду даҿуп Д.Гәлиа ехьанӡагьы, аԥсуа школқәа рҵага шәҟәыла реиқәыршәаразы. Урҭ ашәҟәқәа заҟа еиқәыршәаны иҭижьхьоу аԥхьаӡарагьы уаҩы дахәарҭам ус мариала. Дмаҷуп аԥсыуак Д.Гәлиа ишәҟәқәа рыла аҵара иаламгаз. Убас иҟоуп ехьагьы.

Анбан шәҟәы аиқәыршәара раԥхьаӡа данаҿыз аахыс, Д.Гәлиа наукатә зҵаарақәакгьы иҽрылархәуа даауеит. 1907 шықәсазы уи шәҟәны Қарҭ иҭижьит ажәлар рҿы иара иеизигоз «Аԥсуа жәаԥҟақәа»… Арҭ реиԥш ашәҟәқәа зыԥсоу атәы автор ихаҭа иҳәоит иара уа: «Ажәлар ирзеиқәырхатәуп дара рыхшыҩ ду ирзыннажьыз абаҟақәа – жәлар ражәахә арҿиамҭақәа. Урҭ зхәарҭоу рацәоуп… Аԥсуа жәлар рҭоурых макьана иҩым, убри азы жәлар рдырра ахьыршәыгәқәа реиԥш еизыркәкәаны иахьыҟоу – ажәахә рҿиамҭақәа аҭоурых ҟаҵага маҭәахә бзиа ҳарҭар рылшоит». Убри аахыс ехьа уажәраанӡа аџьабаа адибалахьеит Д.Гәлиа аԥсуаа рҭоурых, рбызшәа, рфольклор наукала еилырганы ашьақәыргыларазы. Арҭ азҵаарақәа рзы иҩхьеит жәабала астатиақәа, ашәҟәқәа, 1925 ш. иикьыԥхьыз «Аԥсны аҭоурых» актәи атомгьы убрахь иналаҵаны. Д.Гәлиа дахагылан «Аԥсуа бызшәа академиа» ҳәа зны еиҿкааны иҟаз. Уи иалҵит қәҿиарала аус зуа Қырҭтәылатәи ССР Анаукақәа ракадемиа абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи ринститут. Еиҿыркааижьҭеи ехьанӡагьы Д.Гәлиа ԥымкрада аус иуеит ари аинститут аҟны. Есышықәса иалаигалоит уахьгьы аҩымҭа ҿыцқәа. Иаҳарак хыс имоуп аԥсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори наукала рҵара.
Аха, ҳәарас иаҭахузеи, ҷыдала иазгәаҭатәуп Д.Гәлиа илиршаз аԥсуа литературеи аԥсуа литературатә бызшәеи рышьақәыргылареи, нас ирҿианы акырӡа ԥхьаҟа ргареи аус аҿы.
Абаҩхатәра ду злаимаз ала, Д.Гәлиа даныҷкәыназ инаркны апоезиа ихшыҩ азцон, дазыҳаҵҳаҵо дыҟан. Ҳәара аҭахымкәа, Д.Гәлиа ипоезиа, иаҳараӡак раԥхьаӡатәи иҩымҭақәа рԥашә ажәлар рҳәамҭа еиуеиԥшым ажәабжьқәа иҵауланы ирыларсуп. Ҿырԥшыгас иугозар, «Мыса Барганџьиа иҳәамҭоуп, Д.Гәлиа ианҵамҭоуп» ҳәа иануп акырџьара апоет раԥхьатәи ишәҟәқәа рҿы. Абас аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа раԥхьаӡа Д.Гәлиа инапаҿы ироуит алитературатә сахьеи аԥшӡареи.
Аҭоурых меижьарада излаҳнарбо ала, ҿыц ашьақәгылара иаҿу алитература иарбанзаалак, ахала ашьапы иқәгыло иҟалаанӡа, изықәныҟәо, традициак аиԥш изҿыԥшуа ажәлар рҳәамҭатә рҿиамҭақәа роуп.
Ажәлар рҳәамҭақәа, рфольклортә мотивқәа ихы архәара, ҳәарас иаҭахузеи, дааҟәымҵӡакәа, Д.Гәлиа лассы данылеит алитература иаша мҩа. Ара хымԥада иазгәаҭатәуп, раԥхьаӡатәи аԥсуа поет иидеиақәеи иҟазарақәеи рышьақәгылареи рырҿиареи аус аҿы, аҿҳәамҭатә инаҭоз атрадициақәа рҟны мацара даанымгылакәа, ишимаз уи иара убас алитературатә рҵаҩцәа.

Алитературатә ҟазара ашьҭыхраҿы Д.Гәлиа рҵаҩцәас иман раԥхьаӡагьы аурыс шәҟәыҩҩцәа дуқәа, адемократцәа, нас ақырҭуа литература аклассикцәа.
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поет аҩра далагеит Урыстәыла раԥхьатәи ареволиуциа ашықәсқәа раан. Аԥсынтәыла усҟан даара ишьҭаханы иҟаз тәыла ҿацәк акәын. Д.Гәлиа иҩуан ажәеинраала заманақәа, аха урҭ изкьыԥхьуамызт акыр аамҭа – изҭахыдаз, иашьҭадаз усҟан аԥсуа литература аҿиара, агәхьаа зкыдаз ҷкәынак дыҩуеит ҳәа, ицхраауадаз! Ус ишыҟазгьы, апоет игәы камыжькәа, шьҭахьҟа дхьамҳәкәа даҿын напы злеикыз аус ду анагӡара.
Иаҳхысыз ашәышықәса ан­ҵәамҭазы (19-тәи ашәышықәса ауп зыӡ­бахә имоу – аред.) ажәеин­раалақәа рыҩра иалагаз Д.Гәлиа раԥ­хьаӡа 1912 шықәсазы Қарҭ иҭижьит иаҳарак ихатә ԥарала хаз шәҟәык «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи» ҳәа хыс иаманы. Аԥсуа сахьатәҩыра аҭоурых аазыртыз абри ашәҟәы иақәҩуп хыхь абри еиԥш аԥсуа жәаԥҟа ҟәыш: «Аҽы ԥсыр – адәы аҭынхоит, ауаҩы дыԥсыр – иажәа иҭынхоит».
Ареволиуциа ҟалаанӡатәи ипо­езиаҿы Д.Гәлиа иааирԥшуеит анхаҩыжәлар рыбзазашьа, агәаҟра ишҭагылазгьы урҭ ргәеиҵамхара, рхәыцра иалаз ахақәиҭра, изызхьуаз анасыԥ ахь реихара. Иааркьаҿны, иара иажәала иуҳәозар, апоет «аиашахь дгыланы, ахәахәа иацәиршәон». Д.Гәлиа иааирԥшуеит аԥсҭазаараҿы иҟаз азалымдарақәа, шьоукы рыԥхӡаша, егьырҭ қьаф шаларуаз, ҭауади-аамсҭеи рыԥсыцәгьара, ауаа еи­чырчан ишеимырҵәоз, ррыцҳара ишалачоз. Аха агә­наҳарақәа идырҿиоз рыхьӡаны, ус иҟаз ар­гәаҟыҩцәа дара рҵыхәтәа шыԥҵәашаз («Хо­џьан ду»). Апоет дры­хцәажәоит иара убас тәым чысла зыхныҟәгара иашьҭаз ауаа гәаҩа бжьыс ҟьалақәа, хәарҭара зламыз ауаа мыцхәқәа, «лыԥсаа хьшәашәақәа» («Абжьаҩашьа хабжьаҟьала», «Шаҟа дыԥстәы цәыбзахәузеи») . Иара убарҭ ашықәсқәа раан Д.Гәлиа аԥсуа жәлар репос аҿынтә ҷыдала ихшыҩ азишьҭуеит Абрыскьыл – ажәлар рҩыза ду, афырхаҵа, ауаатәыҩса бзиа избоз, рыцхырааҩы, рыԥсҿыхҩы, ауаа цәгьақәеи жәлар ирԥырхагази адунеи иқәзмыргылоз, «ахыларҟәра зҭахымыз, Анцәа сиҳәошәа сҟалоит» ҳәа («Абрыскьыл»).
Д.Гәлиа ижәлар даарҟәамҵӡакәа ирабжьигон аусура, аҿиара, аҵара, адырра. Ахшыҩи аҵареи еибыҭазар «ауаҩы аԥсабараҿы амреи амзеи реиԥш длашахоит», – иҳәон Д.Гәлиа. Усҟан апоет иҩуеит иара убас аиҩызареи абзиабареи ирыхҳәааны игәырҿыхагоу, ажәа хаа лыԥшаахла ихыркықәҵаны иҟаҵоу, зегь еицырдыруа апоема ԥшӡа «Арԥызбеи аԥҳәызбеи рышәҟәы».
Д.Гәлиа илитературатә рҿиам­ҭақәа рҿы акраҵанакуеит ажәларқәа реиҩызара аидеиа. Ареволиуциа ҟалаанӡагьы иазгәеиҭон уи аурыс жәлар ду зыԥсоу ҳтәылаҿтәи егьырҭ ажәларқәа зегь рзы. Даныҷкәыназ аахыс апоет бзиа ибеит Урыстәыла.. 1917 шықәсазы ииҩыз ажәеинраала «Ԥхьаҟа» аҿы апоет дрыԥхьоит жәлары иазықәԥарц ахақәиҭра.

Аамҭа аҽаԥсахт, иа­хыҵит ашәшьы.
Амра ҳалаԥхан, ҳарҿыхеит зегьы,
Иаабоит аргама ҳтәылаҿы иҟалаз уажәы,
Шәнеиха шәаԥхьаҟа,шәеиҵамхан аӡәгьы!

Урыстәылан октиабртәи ареволиуциа аиааира анага ашьҭахь, даҽа хышықәса Қырҭтәыла иахаԥаны иҟан аменшевикцәа рдиктатура аамҭа еиқәаҵәара. Аи­мпериалисттә тәым ҳәынҭқаррақәа ршьаарҵәыратә ԥсақәа ҵыргәас измаз аменшевикцәа ажәлар рыбзазара еиҳагьы еицәартәит, амилаҭқәа еичдырчон, урҭ рынхара аиԥш, ркультура арҿиара аҟынгьы ԥырхагас иҟоу зегьы ҟарҵон. Ари аамҭазы Аԥсны алушәак аԥҭа цәгьақәа ахаԥаны иҟан. Апоет иуаажәлар зҭагылаз агәаҟра илахь еиқәнаҵеит, иузеиҭамҳәо хьаас иман. Игәыԥшаагоу иажәеинраала «Сыԥсадгьыл» аҿы уи иҳәон абас:

Сыхаара, сыԥсадгьыл,
Иҟалазеи, закәызеи?
Иуԥшаауазеи, иуцәыӡзеи,
Абас улахь зеиқәузеи?

Аамҭа бааԥс иҭагылан апоет иԥсадгьыли иареи, аха иара агәыӷра ицәыӡуамызт бзынҵы, дшаҿыц даҿын дааҟәымҵӡакәа жәлар ирзеиӷьыз аусқәа.
1919 шықәазы иҭыҵуа иалагеит аԥсуа газеҭ «Аԥсны», редакторс Д.Гәлиа дызмаз. «Ари агазеҭ иаҳарак алитературатә наԥшыра аман, апоет ҿарацәа уаҟа ианырҵон рҩымҭақәа», – игәалаиршәоит иара. Аха уи анаҩсгьы, Д.Гәлиа уа ианиҵоз ирацәаны астатиақәа рҿы мшәарада иаартны иҳәон аменшевикцәа имҩаԥыргоз азалымдарақәа ртәы, уажәы- уажәы дрыхцәажәон ажәлар зыргәаҟуаз азҵаарақәа акыр. Аԥсуаа аҵарахьы иадиԥхьалон, рхатәы бызшәа арҿиара гәныркыларазы, ирабжьигон. Икәша-мыкәша иазыҟаиҵон ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа. Иара еиҿикааз раԥхьаӡатәи алитературатә кружок иҭнажьуан мчыбжьык ахь знык алитературатә журнал «Ашарԥы еҵәа» .
Аԥсынтәылатәи ажәлар абџьар шьҭыхла иқәԥаны, аурыс жәлар ду рыцхыраарала ирыхҳәаны наҟ икарыжьит рыжәҩа иқәз аменшевикцәа руӷә. 1921 шықәсазы наӡаӡа ишьақәгылеит ахақәиҭра, Асовет мчра.
Убри инаркны ауп амҵәыжәҩа роуны ианыԥры аҩада, ԥырхагада инеиужьны рҽанеиҵырх Д.Гәлиа ҵҩа змам иусурақәа, иҟазара. Аԥсуа жәлар ркультура арҿиараҿы иҟам изаҟаразаалак уск Д.Гәлиа напхгара ззимуа, ма инапы злакым.
Убри инаркны ауп амҵәыжәҩа роуны ианыԥры аҩадаық ирыҵаркуа, изызку даараӡаҵәҟьа иҵаулахоит, иҭбаахоит. Абасала, Аԥсны жәлар рпоет илитературатә усура, 60 шықәса раԥхьа нап зиркыз, есааира еиӷьхо, иҵархо иаауеит, ишәҭыкакаҷуа аҿиара иаҿуп ехьагьы. Зхыԥхьаӡара рацәоу апоет иҩымҭақәа рҿы иаабоит ажанрқәа шамахамзар зегьы – алирикатә жәеинраалақәа, апоемақәа, абаллада, ажәабжьқәа, адрама, ароман. Иаҳдырбоит асовет уаа рҟазшьа, рсахьақәа, ҵҩа змам рпатриотизм, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан урҭ иаадырԥшыз афырхаҵара, аҭынч нхара иахьаҿу урҭ ирчаԥо анасыԥ атәы: ашәа азырҳәоит асовет жәларқәа еилшәара зқәым риашьара, реиҩызара.
Ԥшьынҩажәа шықәса иахьа изхыҵыз, асовет шәҟәыҩҩцәа рҿы иреиҳабӡақәоу рахь иҟоу, Аԥсны жәлар рпоет Д.Гәлиа ихы идыруа дҟалеижьҭеи ибаҩхатәра, иԥсҭазаара зегьы гәык-ԥсыкала дыззыҟоу ажәлар рымаҵ аура иазкын, иазкуп иара убас ехьагьы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me