Аԥсуа школқәа рырҵаҩцәа рахь ҩбаҟа ажәа

Дадраа, аҧсуа школқәа рыр­ҵаҩцәа!


Шәара шәнапы злаку шәхаҿы иааганы, ишәымоу аус, уалс шәхы иашәҭаз, аҧсацәа рҵеицәа аҵара рыҭара даара иус хьанҭоуп, иус дууп Аҧсназы, уи аҵкыс еиҕьу, уи еиҳау уск зыҟаларым. Издыруада шәџьабаа зыҧсоу ззымдыруа макьана аҧсацәа рахь имаҷзар ҟалап, аха уи шәара шәгәы канамыжьроуп, шәызҿу аус напы агшәмырхароуп, ахәыҷқәа аҵара рышәҭароуп, иаҳџьызшьода ҳәа, ҳџьабаа еилызкааодашь ҳәа шәышьҭахьҟа шәхьамҧшыкәа, аҵара зышәҭауа наҟ-наҟ шәџьабаа ахә ақәырҵап, изыҧсоу рдырп, шәанааҧсауа аамҭазы урҭ рҕьажәҩаны ишәыдгылап, шәара амҩа илшәхыз, жәлары зқәыжәгалаз, дара инарыгӡап.
Ари зҳәауа ҭынч итәоу шәџьабаа ду хәы ақәзымҵауа аӡәы иакәу џьышәымшьааит. Шәара ишәывагылоу, шәџьабаа џьабаас измоу, шәара шәзы абзиара зхатә абзиара еиҧш иахәаҧшуа аӡә соуп.

Агазеҭ «Аҧсны»
1920 ш. ииун 12, №20 (58)

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me