АЖӘАК АҦСУАА РЗЫ

Мыцра злам жәытәтәи аҭоурых излаҳәо ала хнызқь шықәса хараӡа иреиҳауп ҳажәлара аҧсацәа ожәы ехьынхо Амшын еиқәа иаванхоижьҭеи.


Убри иаркны ехьа ожәраанӡа шьарда мыҟәмабара аҩсхьеит, ахнагахьеит, шьардагьы раҩсхьеит аҧсацәа абзиарагьы, ацә­гьарагьы.
Зны убысҟак рымч ҭаны ира­цәаҩны иҟазаарын Ҟәбина аӡы еркны Қырҭтәылан агәаҟынӡа емҽхакны ирымазаарын дара.
Рхы ала аҳәынҭқар дрыманы, рдин ҽеила иқәызҵаша аиҳабацәа рыманы, иарбанзаалакгьы русқәа аибашьра иатәызааит, анхара иатәызааит, рхала ир-бо, рхала иныҟәырго иҟазаарын шьарда аамҭа.
Жәаҩаҩык раҟара ҳәынҭқарцәа Аҧсны ныҟәызгоз рыхьӡқәа ааҧшуеит иахьагьы.
Убыс­ҟаҩыкгьы адин иахылаҧшуаны иҟазаап.

Аҧсны абзиара аҟнытә жәытәгьы иа­меилаҳауаз милаҭ ыҟамызт. Ҳнапаҿы иаагандаз ҳәа шьардаҩы қәылахьеит Аҧсны.
Шьардаҩы ықәнагалахьеит ара, рынхара, рынҵыра ара иҟаҵаны Аҧсны иахы­ҵәарцы акы рыгымкәа иҟалахьеит акыр, аха инҵәахьеит, иаанхаз рышьҭахь ицеит.
Иҵабыргуп, аҧсацәа азалым ианақәшәоз ыҟан, даҽаџьара ианахнагозгьы ҟалахьеит, аха рыҧсадгьыл зынӡак иацәыӡны иҟамлацт.
Рбызшәа – аҧсшәа, мыр­ҩашьакәан, рыламыси, раамы­сҭашәеи мырӡкәа, рчеиџьыка бзианы иааиуан уажә­раанӡа.
Абас акәын жәытә ҳауаажәларра, аҧсацәа ахьӡи, аҧшеи рыманы, хар змам ауаа рҿы иҧхьаӡаны ишыҟаз. Усҟан аҧсацәа раҳаҭыр дузаарын, рыламыси рыҟазшьеи, рыбзиашьеи атәым уаа мыцхәы еилаҳаны иҳаундаз ҳәа иашьҭаза-арын.
Аха ожәы ехьатәи ҳауаажәлара, аҧсацәа рыҟазшьеи рыбзазашьеи бзиарас оҩы иахиҳәаараны иҟоу шьарда имаҷуп.
Оҩы дзышьцылоу егьа ицәгьазаргьы имхабзиоуп, ҳаблақәа еишьцылан аҟнытә ҳаграқәеи ҳаҟазшьа бааҧсқәеи ҽеины иаабом, жәытә ҳаныбзиаз, ҳаҧсу-ара мырӡкәа енныҟәаагоз ҳаиҧшу џьаҳшьоит ехьагьы. Аха ебаҟоу инасыҧдара-ны уахь ҳаҟаӡам.
Милаҭс ҳзеиуоу оҩы излаидыршаз иҳациз ҳбызшәа – аҧсшәа, мдыршақә, енагь ҭәамшьарақә, иҳаҭырдатәны зынӡак иҳампыҵаӡырцы акымзарак агым.
Ҳанамыси ҳаҟазшьа бзиақәеи иаҳхаршҭны, атәым уаа рыҟазшьеи рбызшәеи шьҭыхуа, ҳашаҧсыуоу оҩы излеидырша дыргак ҳазнымхакәа ҳаиасырцы агьҳа-гым.
Атәым уаа наҟ ҳашцо ҳарбоит, џьоукы иаҳхыччоит арҭ ажәлар лашәуп, идагәоуп, иҟарҵо рбом ҳәа, џьоукы имӡакәа иҳаҽҧнырҳәоит ҳаграқәа, шәабаҟаз шәиасхьеит ҳәа ҳахҳәаауа. Ҳара ҳаҟоу џьышьа абри еиҧш аҵабырг ҳазҳәауа ҳрызгәаахуеит, иҳацәҳаит ҳәа. Ҳазлаҟақәоу оҩы ҽеила еиликаар, ииашаны џьоукы ҳаҧсадгьыли ҳауаажәлари рзы ҳаҧсы шҭоу ҳаиасхьеит егьырҭгьы ҧыҭҩык ҳарҩызоуп урҭ рзы.
Аҧсра ҩба рыуала иҟан: Анцәа иҧҟарала аоҩтәыҩса цәала, жьыла, хьымӡҕыда адунеи данықәҵуа, уи ҧсра бзиоуп, ус ииасуа дгәырҩатәӡам.
Оҩытәыҩсак, мамзаргьы жәларак шынеи баку рыҧсы шҭоу, рыблақәа шааҧшуа, ианиасуа ҟалоит. Ари ҧсра бааҧсуп, ҩынтә ҧсроуп.
Иуциз убызшәа бзиа ухаршҭны, тәым бызшәала уцәажәо, тәым ҟазшьала уныҟәо уаныҟала, узлыҵыз ажәлар рзыҳәан иҧсыз, ииасыз аӡәы уиҩызоуп.
Агазеҭ «Аҧсны»
1920 №7(45) март 6

АҦСУА РҴАҨЦӘА РАХЬ
Арҵаҩцәа ианакәызаалак руалафахәы аҳасабала анапы рыгуп, ажәлар рахьгьы ирықәнагауаз ацхыраара рымамызт, аха рус рнапы злаку заҟа жәлары рзы ихәарҭоу дырны, ирыгыз зегьы чҳаны, жәлары аус рзыруан, уажәгьы ируе-ит. Убас зегьы рхазы мацара аус аныруаз, арҵаҩцәа рхазы акәымкәа, жәлары рзы аус руан.
Дадраа ҳарҵаҩцәа! Шәышықәса иныҟәаз шьыбжьаанӡа ныҟәа игхеит ҳәа ирҳәауа еиҧш, ҳаҧсуа школқәа иаҳа ацхыраара анырҭаху, ҳаҧсацәа аҵарахьы иаҳа ианхьарҧштәу аамҭазы, ишәхашәмыршҭааит шәуал, арҵаҩы иуал «Ажәлар рзы аус уы, ухазы акәым». Шәымшәан, шәара шәҭыҧан шәыҕәҕәаны шәгыл, шәусура иацшәымҵозар иагшәмырхан. Арҵаҩы иџьабаа ахә инагӡаны ианакәызаалакгьы имоуӡац, аха ҳгәыҕуеит ажәларгьы аҿыхара иалагеит ҳәа. Шәџьабаа ма ажәлар, ма аиҳабыра, ахылаҧшцәа ишәыцәдырӡрым. Абри еиҧш аамҭа хьанҭазы зышкола зхамышҭыз, аҵара иацхрааз иоуп жәлар шьҭызхыз, жәлара зааӡаз, зус аҵыхәанӡа иназыгӡаз. Уи иара иахь ихьаирҧшуеит жәлар-гьы, ихылаҧшцәагьы. Зуал здырызгьы убри иоуп. Убас «Жәлар рзы зегьы, уха-зы акгьы!»

Агазеҭ «Аҧсны» №13
1919 ш. ииун 21.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me