Аҵара аминистрцәа реиԥылараҿы

Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа рашәарамза 10 – 12 рзы Казан ақалақь аҿы имҩаԥысыз аҵара аминистрцәа аҩбатәи Жәларбжьаратәи рфорум «Ԥхьаҟатәи аԥеиԥш» ихы алаирхәит.

Афорум аусуратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа жәларбжьаратәи аҵара асистема, ааӡара, аҵара ахаҭабзиареи уи  алыршареи ирыдҳәалоу  актуалра злоу апроблемақәа ирылацәажәеит.  Иара убас урҭ аекономика аҿиара аус аҿы аҵарадырра инанагӡо ароль, аҿари згәабзиара ԥку ахәыҷқәеи аус рыдулара иаҵоу аҷыдарақәа уҳәа атемақәа рыла ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

   Афорум ахь ааԥхьара роуит 100-ҩык инареиҳаны аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп  20-ҩык рҟынӡа абжьаратәи, иреиҳауи аҳәаанырцәтәи аҵара аминистрцәа.

  Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Инал Габлиа Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҵара аминистррақәеи аусбарҭақәеи жәпакы рнапхгаҩцәа дырԥылеит.

Аԥсны ахәыҷтәы лагер аргылара, иааиуа аҵара ашықәс азы Урыстәылатәи арҵага шәҟәқәа рыла ҳашколқәа реиқәыршәара, Аԥсны ашколқәа рхы иадырхәо Урыстәыла арҵага шәҟәқәа аԥсуа компонент рылагалара иалацәажәеит Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи Урыстәыла аҵара аминистр Сергеи Кравцови.

Иара убас, Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи ахәыҷреи, аҭаацәареи, ааӡареи Ринститут аиҳабы, аҵареи ааӡареи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә палата акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Наталиа Агреи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Уи мҩаԥысит Казан, аҵара аминистрцәа II Жәларбжьаратәи рфорум инақәыршәаны. 

Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟан  Аԥсны аҵара аминистр ицхырааҩ Ҭемыр Гобечиеи ауаажәларра аҽрымадаразы Аминистрра аҟәша аиҳабы  Аслан Қәыҭелиеи.  

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me