Ԥхынгәы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агәабзиара иауасхыру

Иарбан ҳәынҭқарразаалак  ишдыру еиԥш, асоциал економикатә ҿиара шиашоу иахьыԥшуп уи иқәынхо аусуралшаратә қәра змоу ауааԥсыра рхыԥхьаӡареи урҭ ргәабзиара аҩаӡареи.

Ҵабыргны иахьа XXI ашәышықәса ҳанану, ауаҩытәыҩса ибзазара ахырхарҭақәа, еиуеиԥшым азнеишьа ҿыцқәа рыла рымҩақәҵара ианаамҭоу, жәпакы аҳәынҭқаррақәа рҟны еиԥш, ҳтәылаҿгьы агәабзиара азҵаарақәа ишҵару иаанхоит. Аха, егьа ус акәзаргьы, Аԥсны назлоу Кавказтәи атәылаҿацә ауаатәыҩса адунеи рықәнагалареи гәабзиарала реизҳареи ирхыҵхырҭаны ирыԥхьаӡон аҵарауаа ианакәызаалак.

«Анцәа иҭыԥ» ҳәа ҵабыргыхаҭаны иззырҳәо ҳадгьыл ԥшьаҟны, Абраскьыл ихылҵшьҭроу аилҟьацәеи, аиҿамсқәеи, агәымшәақәеи реизҳара шыԥкым иаршаҳаҭгоуп, ҳтәылаҿы есымшааирагьы зхыԥхьаӡара рацәахо, еиҵагыло абиԥарақәа ганрацәалатәи абаҩрҵәыратә хырхарҭақәа рыла рҽахьазыҟарҵаша аҭагылазаашьақәа ахьаԥҵахо.

«Акәиц иазурҳар ҟалоит мца дуны, аха изыҟалом амца, акәиц ыҟамзар» – ҳәа баша имҳәеит ҳдоуҳатә культура ауасхыршьҭаҵаҩ Гәлиа Дырмит Ду.

Убас еиԥш, еиуеиԥшым абаҩрҵәыратә хкқәа рыла зылшарақәеи зеихьӡарақәеи Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруа, зкәиц алашареи аԥхареи ахылҵуа аҵеицәа маҷҩым ҳҳәынҭқарраҿы. Уи ус шакәҵәҟьоу адунеи ажәларқәа еиҭаддырҳарц, даҽазныкгьы ишьақәдырӷәӷәарц рхықәкы хаданы ауп ииун 11 рзы «Ахақәиҭра ашҭа» аҟнытә, амҩа изықәла 63- ҩык аспортсменцәа злахәу, 102-ҩык рыла ишьақәгылоу Аԥснытәи аделегациа Татарсҭан аҳҭнықалақь Казанҟа.

Ишдыру еиԥш, уаҟа ииун 12-23 рзы имҩаԥысуеит, Брикс ҳәа изышьҭоу, Урыстәылеи еиҩызаратә еимадарала зусеицура ҳәаақәҵоу аҳәаанырцәтәи жәпакы  аҳәынҭқаррақәеи рыбҩарцәыратә хәмаррақәа.

Аԥнытәи аспортсменцәа ҳтәыла абираҟ рхашәыршәыруа мҽхакыҭбаалатәи жәларбжьаратәи ахәмаррақәа аҽрылархәра, ҳтәыла аспорт ашықәсҩыраҿы раԥхьаӡатәиуп, убри аҟнытә ари аҭакԥхықәра ҳараки агәеизҳареи зцу усмҩаԥгатәуп ҳәарада.

Ахәмаррақәа мҩаԥгахоит зынӡа 29 спорт хкы рыла, Аԥснытәи аспортсменцәа урҭ рахьтә рхы рыладырхәуеит 14 хкы рҟны: атлетика ласы, абокс, ашахмат, аӡиудо, карате, самбо, аԥкьаҭмпыл, аишәатә ԥкьаҭ, абҩарҵәыратә қәԥара (ахы иақәиҭны еиԥш, агреко-римтә хкы алагьы), ушу, бӷарҵахьы аиқәԥара убасгьы зынӡа иҿыцу аспорт хкқәа иџьитал-амҵәышәымпыл, фиџьитал-ашьапылампыл рҟны.

Жәларбжьаратәи ахәмаррақәа аатит ииун 12 рзы, уи иазку шьаҿеиқәшәалатәи аныҟәара хацыркхеит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ гәадурала иҳаракны иназгоз, адунеи зыхьӡ еицадыруа аԥсуа шьапылампыласҩы Цәеиба Ахрик дызԥызаз Аԥснытәи аделегациа рцәырҵрала.

Аихьӡара ҳаракқәа шәаҭәашьазаать Ҳазшаз имчала Аԥсны ахьӡ анагаҩцәа!

Ахра Анқәаб

аредактор хада

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me