Изжәхьада, Ҭоумышьтәи ачаи?

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса шҵхьоугьы, ақыҭатә ҧсҭазаара рацәак еиҕьымхац. Ҳабацәа-ҳабдуцәа рыдгьылқәа рахьтә игәыгәҭажьхаз ыҟоуп.

Еиҳарак аҧыжәара аиуит ақалақь ҧсҭазаара. Аха, егьа ус акәзаргьы, иахьатәи ҳаамҭазы иҟоуп аҧсуа қыҭақәа аизҳара иахьаҿу.

Убас, зџьынџь аанмыжькәа,ақыҭа бзиа ибаны, забацәа рыдгьыл иқәаарыхуа иреиуоуп Очамчыра араион Кәтол ақыҭа Ҭоумышь аҳаблан инхо Адгәыр Гьергьиеи Алиас Асланӡиеи. Урҭ ачаиаарыхра рнапы алакуп.

Аҧсуаа ишырҳәо еиҧш ахы умҳәакәа,аҵыхәа узҳәом. Убри азы сазааҭгыларц сҭахуп,  Асоветтә аамҭазы Кәтол ақыҭан ишыҟаз ачаитә фабрика. Уаҟа иҭрыжьуаз ачаи гьамала,егьырҭ рҟны аасҭа еиҳа ишеиҕьыз, Аҧсны аҩнуҵҟа еиҧш, уи анҭыҵгьы ираҳахьан. Уа  аус руан хыҧхьаӡара рацәала ауаа.  

Убас Аҧсны 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга, Асоветтә аамҭазы еиҧш акәымзаргьы, аамҭа кьаҿк аус ауан ачаитә фабрика. Аха иазгәаҭатәуп, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы ауаа рсоциалтә ҭагылазаашьа ахьыцәгьаз, иара убас ачаитә дәқәа ахьеимиааз, иҟаз амаругақәа ахьыҧхасҭахаз уҳәа еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны Аҧсны иҟаз ачаитә фабрикақәа зегьы аркын.

Аха акыр шықәса шыҵхьазгьы, хыхь ишасырбаз еиҧш Адгәыр Гьергьиеи Алиас Асланӡиеи ргәы иҭаркит, рабацәа аус здырулоз, иахьатәи ҳаамҭазы игәыгәҭажьыз ачаи аус адулара.

Раҧхьаӡакәны рхатә харџьқәа рыла ачаитә дәқәа аус адулара иалагеит 2000 шықәсазы. Адгәыр саниҿцәажәоз игәалаиршәон, усҟан ачаи арыцқьара ианаҿыз, амаҕқәеи аҵлақәеи ахылҿиаан ишыҟаз,ишыуадаҩаз рхатәы мчқәа рыла арыцқьара. Иазгәеиҭеит, аҧхьаӡа ачаи ус баша ирҟәыдны ишкарыжьуаз.

Анаҩс ирырҭоит атрактор, аусураҿы рхы иадырхәаларц. Убри инамаданы идыргылоит ачаитә цех маҷ.

Уи аамышьҭахь 2022 шықәсазы Аҧсны ақыҭанхамҩа ашьҭыхразы иаҧҵаз аҳәынҭқарратә программа рхы аладырхәит. Уаҟа ирыҭаз 2 миллионки 200 нызқь мааҭ аҧареи рыла иаахәан хыҧхьаӡара рацәала ахархәагақәа. Урҭ ааган Китаинтә.

Иазгәаҭатәуп, убасгьы ааигәа Кәтол ақыҭа ахада Гена Ҵулаиеи  Жәлар Реизара адепутат Вахтанг Гәаланӡиеи рыдгыларала даҽазнык ацхыраара аҟаҵаразы арзаҳал шаларҵаз ақыҭанхамҩа аминистрраҟны. Аҳәынҭқарратә  апрограмма ала ирзоужьын 500 нызқь мааҭ аҧара.

Адгәыр иазгәеиҭеит, 2023 шықәса инаркны, атауартә сахьа аҭаны, агәаҭеи ахаҿреи еиқәшәо «Эко чай» ҳәа хьӡыс иаҭаны ачаи еиқәаҵәа аҭира ишалагаз. Аахәаҩцәа иаразнак азҿлымҳара арҭеит ари ачаи хкы.  Уи агьама збахьоу, даҽа чаи хкык ажәра игәы аҳәом. Сынтәа дара иазҧхьагәаҭаны ирымоуп, аиаҵәеи аҩежьи аахәаҩцәа рыдгалара. Урҭ зҭарыҧсо аҭрақәагьы, еиҳа еиҕьны еиҿкаауп. Убас «Экочай» ҭыҵлоит хых-кыкны: аиқәаҵәа, аиаҵәа, аҩеижь.

Ари анаплакы аҟны аус руеит 40-ҩык инарзынаҧшуа аусзуаҩцәа. Урҭ рахьтә 30-ҩык иаҿызхуа,7- ҩык ацех аҟны аус зуа, 4-ҩык изрыцқьо. Урҭ руалафахәы мышкы инаӡоит : изрыцқьо – 2500 мааҭ, иаҿызхуа – 1500 мааҭ.

Иазгәаҭатәуп маи мзазы ҩынтә ишхыхыз ачаи, уи анаҩс идырҟәыдуеит, арҵәыра аларгалоит. Адгәыр иажәақәа рыла ачаи бзиа иабаӡом зынӡаск аарҩара, амреи ақәеи ианаамҭо иаиулар,иаҿало ачаигьы  бзиахоит. Иаҿырхуа аҟата ҩба-ҩба бҕьыц  иреиҳамзароуп,  ахҧатәи абҕьыц  шамахамзар  икьакьахоит аҟнытә.  Шықәсык иалагӡаны 7-8-нтәы ачаи иҿырхуеит.

Аҧхьаӡа ачаи дәы аус адулара ианалагоз аҵакыра наӡон 10 гектарк. Иахьа  8 гектарк роуп аус здыруло, егьи 2 гектарк иахьӡаӡом аус адулара аусзуаҩцәеи амаругақәеи ахьырзымхо рҟнытә.. Мышкы ацех аҟны ацәаҳәа  500-600 кьыла иеиҳаны ирзахыжьуам. Адгәыри Алиаси излаҳарҳәаз ала, раҧхьаҟа ргәы иҭоуп рнапы злаку аусхк арҭбаара.

Ишаабо еиԥш ҳазну аамҭазы аԥсҭазаара иҳаднагало еиҳаракгьы анхашәа-чашәа азҵаарақәа рҟны есааирагьы иуадаҩхоит. Аха ега ус акәзаргьы, Аԥсны иқәынхоз  еиҳаракгьы аԥсуаа жәытәӡа аахыс рыхныҟәгара, адгьыл ақәаарыхра акәын изыдҳәалаз. Иҵабыргны, иахьаауаҩы ихы зланыҟәигаша ахырхарҭақәа адгьыл ақәаарыхра аасҭа иманшәалоу аусхкқәа уԥшаар  шалшоугьы, зегь  дара роуп ҳаԥсадгьыл иқәаарыхуа еиҳа хаҳара  шалоу агураҳгалар ииашазар акәхап.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me