Ԥхынгәы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыԥсадгьыл агәеисра иацу

Ахьааи агәырҩеи еиднакыло, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зыхшара ҭахаз анацәа, жәытә-натә аахыс аҭоурых ишаҳәо еиԥш, еиҿамсын.

  Еснагь еиԥш, ачҳареи, аӷәӷәареи, аҟәышреи рыгымкәан, ишырҟазшьоу ала, ахаҵамԥҳәысра аарԥшуа иааиуа драԥхьагылоуп, аԥсуа анацәа аӡәырҩы реиԥш, агәырҩеи ахьааи рыла згәы ахәра ану аԥҳәыс аамсҭашәа, аха  агәырҩа иазԥымҽыз, зыԥсадгьыл аиқәырхара зхы-зыԥсы ахҭнызҵаз, 21 шықәса ирҭагылаз арԥыс – Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба иан, 30 шықәса раахыс «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа» Реидгыла аиҳабы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II-III тәи аҩаӡарақәа занашьоу Гәыли Михаил-иԥҳа Кьычба.

Зажәа ҟәыш еснагь ихшыҩрҵагоу, иҵаулоу, «даҳбаландаз, дҳаҳаландаз», – ҳәа уаҩы иззиҳәо, ҭеиҭыԥшла – уаҩ илаԥш зыдхало аԥсуа ан,  лиубилеи инамаданы уи лахь ҳамҩахыҵит илыдаҳныҳәаларц, инаҳамҩатәны ҳлыҿцәажәарц.

Гәыли Михаил-иԥҳа Аԥсны деицырдыруеит, даара ҳаҭыр лықәуп, уи еиҳарак дызлардырыз Аԥсны анацәа Реидгыла аҿы лусурала ауп. Ҳаиҿцәажәараан еиуеиԥшымкәа, ганрацәала даҳзаатит.

Уи хацыркуа лгәы азҭаны, лхы-лҿы еихаччо гәахәарыла иаҳзеиҭалҳәеит ашкол данҭаз, ахәбатәи акласс аҟны дантәаз инаркны, ҭеиҭԥшла асцена дшанаалоз азгәаҭаны, атеатр дшадрыԥхьалоз, еиуеиԥшым аепизодқәа шлыдыргалахьаз, ишыналыгӡахьаз.

«А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет  аԥсуа-англыз бызшәа аҟәша аҩбатәи акурс аҟны аҵара анысҵоз, Аԥсны жәлар рартист, раԥхьатәи аԥсуа режиссиор Нелли Ешба лҩызцәеи лареи ҳҭааит, атеатр асцена ианаалаша, ахәмарра зылшаша, ажәакала, абаҩхатәра злаз аҿар алрыԥшаауан. Аудиториахь днеиаанӡа Нелли Ешбеи сареи машәыршәа амардуан аҿы ҳаиқәшәеит. Лара сабалдыруаз, аха, сара дахьыздыруаз аҟнытә, аԥсшәа насҳәан сҿынасхеит. Ԥыҭк снаскьахьан еиԥш, саанылкылан «бызусҭада?» – ҳәа дсазҵааит. Слаԥшықәылҵазар акәхап, аудиториа аҟны данааи 5-6-ҩык аҭыԥҳацәа ахьалылхыз саргьы салашәеит.  Уи акәхеит, актиортә ҟазара, уи азанааҭ ала аҵара сымамкәан аԥсуа сценахь снанагеит. Насыԥ дуны исшьон абаҩхатәра злаз актиорцәа дуқәа, ахатәрақәа: Минадора Зыхәба, Азиз Агрба, Разынбеи Агрба, Нурбеи Камкиа, Анна-Аргәын Коношок,  Амиран Ҭаниа, Софа Агәмаа уҳәа реиԥш иҟаз рыцхәмарра, рааигәа аҟазаара разҟыс иахьсоуз аҩбатәи акурс астудент…» – лҳәеит уи.

Раԥхьаӡа Гәыли Кьычба «Ачара аҽны» зыхьӡу Виктор Розов иҩымҭа иалхыз апиеса аҟны ароль хада налыгӡеит. Лыхәмаршьа згәаԥхаз, асцена аҟны аанхара лыдызгалаз арежиссиор Нелли Ешба, аҭакс усҟан, аҭыԥҳа қәыԥш, «сан илгәамԥхар ҟалоит», – лҳәеит. Аха, арежиссиор, аҭыԥҳа лан дазаалгеит, дагьаанлыжьит атеатр аҿы. Анаҩс, қәҿиара бзиала иналыгӡеит Алексеи Островски иҩымҭа иалхыз алакә-пиеса «Асҭыԥҳа» аҟны хаҭала – Асҭыԥҳа лроль.

«Аԥшӡара дыкны даго асцена даақәлеит Асҭыԥҳа-Кьычба. Уамашәа иумбарц залшом, ари аԥҳәызба, ҟаза дук леиԥш дақәшәан иахьаалырԥшуа Асҭыԥҳа лхаҿсахьа», – абас иҩуеит ашәҟәыҩҩы, акритик Руслан Қапба  Асҭыԥҳа лроль қәҿиарала анагӡашьа азгәаҭо агазеҭ «Аԥсны» аҟны.

Гәыли Кьычба ҭеиҭԥшла асцена дахьанаалоз инаҷыданы, баҩхатәралагьы дхәыдамызт, аҟазараҿы иреиҳау аихьӡарақәа аалырԥшыр лылшон, аха аҭаацәаратә ԥсҭазаареи аҟазареи реилагӡара ахьыуадаҩыз аҟнытә, аԥыжәара алҭеит аҭаацәара аныҟәгара, ахшара рааӡара. Аҟазара аанлыжьит лгәы шазыбылуаз. Аамҭаказы, Гәыли Кьычба ахәыҷбаҳчаҿы ааӡаҩыс аус луан. Анаҩс, 1974 шықәсазы, Д.Гәлиа имемориалтә музеи анаадырт аҭҵаарадырра аҟәша напхгара алҭон. 23 шықәса инеиԥынкыланы амузеи аҟны лусураҿы илымаз адырреи аԥышәеи лхы иархәаны аҭааҩцәа рымаҵ зуаз дреиуан.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа Ҭина Шармаҭ еиҳабыс дызмаз «Акультуратә центр» аҟны аҟәша анапхгаҩыс дыҟан. Аибашьра анеилгагьы, лԥа Арзамеҭ иҭахара ашьҭахь акыр ишылцәыуадаҩызгьы, ԥыҭрак ааҵхьаны дхынҳәуеит лусурахь. Аха, 1994 шықәсазы уаанӡа Мазона Ҵәыџь-ԥҳаи Валентина Ҵәыџь-ԥҳаи ихацдыркхьаз Аԥсны анацәа Рхеилак напхгара аҭара лыдыргалеит. Гәыли лажәақәа рыла, азныказы уи иацыз аҭакԥхықәра азгәаҭаны ақәшаҳаҭра лцәыуадаҩхеит, аха нас агәаӷьреи амч-алшареи ԥшааны, иҭахаз Аԥсны ҳҵеицәа рыхьӡ анаунагӡатәреи, афырхацәа зааӡаз анацәа рхьаа ахҽреи хықәкыс ишьҭыхны дақәшаҳаҭхеит. Абар, шьҭа 30 шықәса ҵуеит «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа» Реидгыла деиҳабуижьҭеи.

Гәыли Кьычба аибашьра анцоз аамҭазгьы хаҭала, зыхшара ҭахаз анацәа рыбзоурала еиҿыркаауаз еиуеиԥшымыз аусмҩаԥгатәқәа дрылахәын, иахьагьы ауаажәларратә ԥсҭазаара далахәуп, Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа дрылагылоуп, илаҩлыжьуам, лыбжьы рықәлыргоит, лгәаанагара аартны ажәа ҟәышла аҳәареи, ҷыдала дзеиҳабу ауаажәларратә хеидкыла еиднакыло зыхшара ҭахаз анацәа рҿахәҳәареи лҽазылшәоит. Хазы, еиуеиԥшым азҵаатәқәа иахьрылацәажәо, иахьырыӡбо Аԥсны Ауаажәларратә палата аиҳабыс аус луеит.

Гәыли Кьычба ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит, ҷыдала Аԥсны анацәа Реидгыла иабзоуроу шырацәоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыԥсыбаҩ аԥшааразы, урҭ рхаҭарақәа рышьақәыргыларазы, азҵаара Аҳәынҭқарратә ҩаӡара аҟынӡа инаганы азнеиразы.

«Аԥсны Ахақәиҭра азаагара рхы ақәырҵеит 1000-ҩыла ҳҵеицәа хьӡырҳәагақәа, урҭ рахьтә иҟоуп имаҷҩымкәан знышәнап иахьа уажәраанӡа иахьыҟоу рзымдыруа, хабарда ибжьаӡыз аԥсуа еибашьцәа. Аԥсуаҵасла ишаԥу еиԥш, зыхшара дҭахаз ан лԥа иҭоубыҭ лнапы нахьшьны, лылаӷырӡ нақәҭәаны иаб иџьынџь аҿы дамардартә аҭагылазаашьа змауз анацәа, иахьа уажәраанӡа ашәҭ шьыҵәрақәа ахьықәырҵаша змам, зыхшара рхабар ззымдыруа рхьааи ргәырҩеи ртәы аҳәара уадаҩуп. Хаҭала, «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа» Реидгыла аҟнытә Жәларбжьаратәи аиҿкаара Аџьар Ҟаԥшь ахь иааҩыз ашәҟәы иахаҵгыланы ацхыраара ду ҳзыҟарҵеит. Урҭ русурала рхаҭара шьақәыргылан 48-ҩык хабарда ибжьаӡыз ҳҵеицәа. Аԥсны анацәа Реидгыла аԥшьгарала 48 ҭаацәара рыхшара рыԥсыбаҩқәа рџьынџь аҟны анышә иамардартә аҭагылазаашьа рзаԥаҳҵеит Аџьар Ҟаԥшь иҟанаҵаз ацхыраарала»», – лҳәеит уи.

Хаҭала, хабарда ибжьаӡыз ҳҵеицәа рыбзарӡы зҳәо ҩ-шәҟәык: «Надежда не умирает», «Кого судьба не сберегла…» Жәларбжьаратәи аиҿкаара Аџьар Ҟаԥшь абзоурала ишҭрыжьыз азгәалҭеит «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа» Реидгыла аиҳабы.

Ҳәарада, аԥсуа ан, аԥҳәыс илыҵанакуа рацәоуп, уи иналыгӡо акырӡа аҵанакуеит ҳауаажәлар рыԥсҭазаараҿы. Хыҵхырҭас иҟоу зегь ирхадоу аԥсуа ан,  иахьатәи аамҭазы зхатә бжьы,  згәаанагара, здунеихәаԥшра змоу, ашьақәырӷәӷәарагьы зылшо дреиуоуп. Убри инамаданы аԥшӡареи, ахаареи, аԥсуа ҵасла ахымҩаԥгашьа бзиеи рылагьы даҽаӡәы дилаҩашьом. Зегь раԥхьаӡагьы афырхацәа, Аԥсадгьыл иазызааӡо, здоуҳамч ӷәӷәоу, ахәышҭаарамца ҿызмырцәаауа, аҵәҩаншьап еиқәзырхо анацәа ирыбзоуроу рацәоуп, урҭ рҿаԥхьа ахырхәара ҳуалуп зегьы.

Аԥсны атәылахьчара аминистрс иҟаз аинрал, Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев аибашьра иаиааида ҳәа ианиазҵаа машәыршақә имҳәеит: «Аибашьра иаиааит Аԥсны анацәа! Афырхацәа зааӡаз анацәа!» Арҭ ажәақәа даара иашаны иҳәоуп.

«Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа» Реидгыла абзоурала еиҿкаауп зыхшара ҭахаз анацәа рзы, урҭ рхьаа, ргәырҩа маҷк иадамзаргьы ихызҽуа еиуеиԥшым апрограммақәеи апроектқәеи. Урҭ ируакуп Аԥсны араионқәа зегь рахьтә анацәа рхаҭарнакцәа  алархәны Пицунда еиҿкааз аԥсшьара.

Гәылиа Кьычба лыԥшәма, Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз, аҭакԥхықәра зцыз амаҵурақәа ныҟәызгахьаз Сергеи Ҭарбеи лареи аибашьра ҟалаанӡа рыхшара ҩыџьа Арзамеҭи Дмитрии ирықәгәырӷьо, аџьџьаҳәа иҟан. Аибашьраан аԥсадгьыл аиқәырхара ихы ақәиҵеит, марттәи ажәылараан хабарда ибжьаӡыз Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба, иашьа – Леон иорден занашьоу Дмитри дҭаацәароуп, иахьа ирызҳауеит ихшара.

«Дмитри деибганы аибашьра далҵит, иара иоуп гәырӷәӷәагас иҟоу, уи ала ԥыҭҩык анацәа среиӷьуп, ҳаҵәҩаншьап мыӡит. Дмитри ҟазшьала дҭынчуп, Арзамеҭ иакәзар, еиҳа ауаҩы дизааигәан, зегьы дрылаҵәон, дрыхьӡон, деилҟьан аҟынтә еиҳа ҳиқәгәыӷуан, инагӡаны даҳмаӡеит. Ҳгәы зладуу акызаҵәык, фырхаҵарыла иԥсадгьыл ахьчараан дҭахеит, аха, уи иҩызцәеи иареи рхы зқәырҵаз ҳаԥсадгьыл иахьа Аиааиреи Ахьыԥшымреи ахьаиуз ауп», – дҳацәажәон Гәыли Михаил-иԥҳа.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, « «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа» Реидгыла хықәкыс иамоу аҭынчра аиқәырхареи, ҳабжьы ахьынӡанаӡо, ҳамч-ҳалшара ахьынӡанеиуа аибашьра аҿагылареи, арыцҳара, ахьаа, агәырҩа рҵыхәтәа аԥҵәареи еиҳаракгьы ҷыдала, ҳҵеицәа рыԥсҭазаара зқәырҵаз, рхы-рыԥсы зыхҭнырҵаз аиқәырхареи роуп. Ҷыдала афырхацәа рыхьӡ анаунагӡатәра ҳара иаҳуалԥшьоуп. Усҟан еиқәхоит ҳфырхацәа рыхьӡгьы, рхы зқәырҵаз ҳ-Аԥснгьы», – лҳәеит уи.

Аус ԥшьа знапы алаку, здоуҳамч ӷәӷәоу, амчи-алшареи згым, Саҭанеи-Гәашьа лцәаҩатә ҟазшьақәа знубаало Гәыли Кьычба лиубилеи мшы инамаданы илзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, имариам лус аԥхьаҟа анагӡараҿы илыцзааит Саҭанеи-Гәашьа лгәамчи лдоуҳаи!

Аԥхьаҩцәа ишәыдаагалоит акультура аусзуҩы Ламзира Шьынқәба Гәыли Кьычба илзылкыз ажәеинраала

* * *

Лыуаҩышьа, лыԥшра-лсахьа

Иблахкыган Аԥсынреиԥш.

Ихааз лыччаԥшь, иԥшӡаз лсахьа

Ссиршәа иҟан Аԥсынреиԥш.

 

Ла дыздыруа, дызбалакгьы

Лҟазшьа гәыҭбаа ргәы иҭынҵәом.

Аԥсынреиԥш ирылҭон урҭ мчыкгьы

Аԥснеиԥш дыҟан, лгәы аатын.

 

Аха иахьа лгәы ҭаҷаҷоуп,

Уи дыччом, илшәуп ашәы,

Аԥснеиԥш лхьаа иамам ҳәаак,

Ианымҵуа лгәы ахәра ӷәӷәа ануп.

 

Иижәша аӡыхь ахы ыҵнамхыцызт,

Арзик, Арзамеҭ лԥа

Дыҟам иахьа, длыцым лыԥшӡа

Дзыршәҭуаз, дзырԥшӡоз лаҟара.

 

Иацы Аҟәа ишәҭуаз еиԥшыз,

Мшызҳа изызҳауаз иара еиԥш,

Дыҟам, иахьа дрыцуп иҩызцәа,

Аҟәа зхы ақәызҵаз, икамшәо зыхьӡ.

 

Ирблит Аҟәа, ааи, ирҟәаҟәеит,

Аха имԥсӡеит агәы еисуеит.

Ус анакәха, уаргьы уҟоуп,

Аҟәа згәеисраз, иҭахаз.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me