Еиқәырхатәуп ҳҭыԥхьыӡқәа

Аԥсуа бызшәа адунеи ижәытәӡатәиу абызшәақәа рахь иаҵанакуеит ҳәа шьақәдырӷәӷәоит аҵарауаа аӡәырҩы. Уи ус шакәу арҵабыргуеит иара абызшәа ахаҭагьы. Адунеи аҿы иҟоу, ахархәара змоуи иԥсхьоу ҳәа иԥхьаӡоуи абызшәақәа рыҭҵаара асистема аԥҟарақәа инарықәыршәаны, ижәытәӡатәиқәоу иреиуоуп ҳбызшәа.


Аԥсуа бызшәа иалоу ацыбжьыҟақәа, аҟырҟытә шьҭыбжьқәа рыбжьара иҟоуп адунеи иахаану аԥсабара абжьқәа: агыгшәыг-жьыш абжьы инаркны, аԥша иацу ашәышәыбжьи, аӡыхьшьҭыбжьи рҟынӡа. Збызшәа жәытәӡатәиу амилаҭқәа зқәынхо адгьыл иамоуп ахатәы ишьагәыҭу ахьыӡқәагьы. Урҭ аҭыԥхьыӡқәа шамахамзар ус машәыршәа иҟалаз иреиуам, дара иаадырԥшуеит амилаҭ рҭоурых. Аамҭа цацыԥхьаӡа, ашықәсқәа рҿыгҳара жәпахацыԥхьаӡа жәытә-натәтәи аҭоурыхтә хьыӡқәа нҳампыҵашша ацара иаҿуп. Ирымоузеи ԥеиԥшс иаҳцәыӡыз ахьыӡқәа, иахьа урҭ рыргьежьра иашьҭада, убас зынагӡара уадаҩу акәны иҟоума уи? Азҵаарақәа рацәаӡоуп, аҭак – ҳажәа рацәоуп, ҳус аасҭа…
Аҭоурыхҭҵааҩ, қәыԥш Денис Гоԥиа Аԥсны аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рхеилак далахәылоуп, иааиԥмырҟьаӡакәан дызҿу аҭҵаарадырратә усхк инаҷыданы аԥсшьаҩцәа рзы аныҟәарақәа мҩаԥигоит. Денис изы хыдҵак иаҩызоуп ҳтәыла асасцәа аԥсышәала ицәажәо, иҭоурыхтәу ахьыӡқәа дырдырра. Уи азы ахы аҭхәыцаара аҭахӡам, ҳҭыԥқәа зегьы ирымоуп рхатәы хьыӡқәа. Аҵарауаҩ қәыԥш изыџьашьатәуп еиҳаракгьы аибашьра ашьҭахь хархәара зауз ихыҭхәыцаау аҭыԥхьыӡқәа. Асеиԥш ахымҩаԥгара амдырра ауп изыхҟьо, ҳәарада. Аҭыԥ аҭоурыхи уи ахьӡи здыруа дахыҽхәо иҳәашт, аха здыррақәа хьысҳау изы еиҳа имариоуп, ианымаалозаргьы уажәы иамоу ахьыӡ алацәажәара. Ҳашьхақәа, ҳабахәқәа, ҳӡиақәа, ҳӡиасқәа, ҳақалақьқәеи ҳқыҭақәеи ирху ахьыӡқәа ртәы уҳәозар, ари азҵаара амҽхак убри аҟара иҭбаауп, еиҳа имариазар ҟалап еицаҳамкуа аԥшаара, еицаҳкыз алацәажәара аасҭа.
Иаҳҳәап еицырдыруа аӡиа Риҵа, зегьы ишаҳдыруа, ишаҳҳәо Риҵа ҳәа ауп. Аха ажәытәтәи ахсаалақәа ишырну ала, иара ахьыӡҵәҟьа Рыҵа ауп, иаанагогьы иаавыргьежьны иаҿыкәыршоу ашьхақәа «рыҵан» иҟоу ауп. Аиашазы, хаҭала сара сзы ажәытәтәи ахьыӡ еиҳа ицәажәоит. Иаразнак еилукаауеит ус захьӡу, еицырдыруа Риҵеи лашьцәеи ирызку алегенда аасҭагьы еилыркаагоуп. Даҽа ҿырԥштәыкгьы. Абахә иалкәрааны илеиуа «Девичьи слезы» ҳәа еиҳа ирдыруа аӡы иахьӡҵәҟьоу Ԥҟызра ауп. Мамзаргьы зегь реиҳа иҵаулоу аҳаԥқәа ахьыҟоу ашьхаҳаракыра «Арбаика» иахьыӡҵәҟьоу «Арбаӷь аика» ауп, уи иагьеиԥшуп, аиԥшзаарала иагьанаалоит. Даҽакгьы, аҳаԥы Варониа-Крубера иахьӡуп Зоу, уи аҟынтәи иаауа Гегски ҳәа еиҳа ирдыруа аӡхыҽҽагьы иахьӡу Зоу аӡхыҽҽа ауп. Иара убасгьы Бзыб-Бӡыԥ, Кьалашәыр-Ӡхәы, зегь реиҳа ихәыҷу аӡиас ҳәа ашәҟәы ианҵоу Репруа ииашаны иахьӡу Ҳаԥырҩаш ауп, избан акәзар, иара аҳаԥы аҟнытә иаауеит. Иара убасгьы Черниговка ҳәа иаҳдыруа аҭыԥ ԥшӡара иахьӡҵәҟьоу Баароу рхәы ауп. Ҳтәыла асасцәа бзиа еицырбо Тҟәарчалтәи аӡхыҽҽақәагьы иԥсабаратәым ахьыӡқәа рыхҵоуп. Урҭ Хәаџьалтәи аӡхыҽҽақәа роуп. Ҳаҳҭнықалақьгьы ахьыӡ ахьынтәиааз азгьы агәаанагарақәа еиуеиԥшым, аха уажәшьҭа ишьақәырӷәӷәаны еилкаауп Аҟәа ижәытәӡатәиу хьыӡны ишыҟоу. Иаанаго «иҳаҟәан» иргылоуп ауп, ус изҿыз ахырӷәӷәарҭақәа ракәын, ажәытәан урҭ иҳаҟәаны идыргылон. Абас ала, иахьеи уахеи иҳаҳауа аҭыԥхьыӡқәа ҳрызхәыцӡом, урҭ ҭоурыхла ирху ахьыӡқәа ракәымкәа, аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змоу ҳхы иаҳархәоит. Аха убриаан, иҳашьҭанеиуа абиԥарақәа ҳара ҳхымҩаԥгашьа иахҟьаны ииашоу наунагӡа ишырцәыӡуа, ишырхашҭуа гәааҳагӡом. Аки аки еидҳәалоуп иузеиҟәымҭхо. Ҳааҟәымҵӡакәан ҳазлацәажәо аԥсуа бызшәа аҟазаареи-аҟамзаареи рызҵаара аганқәа иреиуоуп атапонимқәа рырхәашьра. Иуҭаххар ҟаҵашьа змам ҳәа акымзаракгьы ыҟаӡам, аҭоурыхтә ҭыԥхьыӡқәа ирызкны изныкымкәан ашәҟәқәа ҭрыжьхьеит, аиҳарак ­рых­ьӡқәа шьақәырӷәӷәаны иҟоуп. Насгьы, 1996 ш. рзы Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы ирыдыркылахьаз, аха уи ҳақәныҟәаӡом.

Аҭыԥ хьыӡқәа ртәы абри аҟара ҳанрылацәажәа иҳәатәуп, Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы мҽхакыҭбаала, иааидкыланы иара Аԥсны аҭоурых инарҵауланы аҭҵаара иаҿу дышреиуоу Денис Гоԥиа. Уи инапы рылакуп Аԥсны аӡбахә зҳәо ажәытәӡатәи ахсаалақәа рыԥшаареи, ирну аиҭагареи рыҭҵаареи. Ишдыру еиԥш, жәынгьы-ҿангьы ҳаԥсадгьыл ампыҵахалара иашьҭаз рацәаҩын. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы арахь имаацдаз, џьоукы еибашьрала аиааира агаразы, даҽа џьоукы ахәаахәҭразы. Урҭ зегьы рышьҭа анымҵуа Аԥсны аҭоурых иануп. Ара рышьҭа шынрыжьыз еиԥш, иахьцоз иргақәоз иреиуоуп ҳтәыла асахьанҵа, ирбаз-ираҳаз азы агәалашәарақәа. Аҭоурыхҭҵааҩцәа, аныҟәаҩцәа, ацәажәаҩцәа, афилософцәа рҳәамҭақәеи ақьаад ианырҵоз рныҟәарақәа рыхсаалақәеи, иара убасгьы аҭыԥқәа ртәы еиҭазҳәо ажәабжьқәеи ирыцуп ажәытәтәи аҭыԥ хьыӡқәа рҭоурыхгьы, ари Аԥсны аҭоурых ауп. Ҳтәыла анҭыҵ иҵәахәу хәы змоу аматериалқәа даараӡа ирацәоуп. Урҭ рыԥшаара мацара акәӡам ауадаҩрақәа зцу. Аԥшаара анаҩсгьы еиҭагатәуп, избан акәзар иҩуп атәым бызшәақәа рыла, уи инаҷыдангьы ҳаамҭазы хархәара зцәыӡхьоу ажәытәтәи адиалектқәа хархәара рымоуп аиҳарак.
Денис Гоԥиа ихатәы мчқәа рыла имаҷымкәан Аԥсны аӡбахә зҳәо аматериалқәа иԥшаахьеит, урҭ рыбжьара иҟоуп ажәахатәи ашәышықәса иаҵанакуа ажәытә хсаалагьы. Ус ирацәоуп дара, араҟа зегьы узеиқәыԥхьаӡом.
Сара абраҟа исызцәырҵуеит­ аз­ҵаара. Аԥсны аҭоурыхтә хьыӡқәа рышьақәыргылареи, Аԥсны ажәытәӡатәи аҭоурыхи зныԥшуа аматериалқәа атәымџьара иҟазар, урҭ рыԥшаареи, реиҭагареи, ирҳәо аинформациа адунеи аларҵәареи ҳәынҭқарратә политиканы изыҟами? Аԥсуа чысхкқәа инадыркны, ҳбызшәа, ҳҭоурых уҳәа ҳаӷацәа зегьы ҳамакны, ҳхьысҳаны ҳаадырԥшырц ианаҿу аамҭазы, ҳмилаҭтә архив ықәыццышәаа ианышьҭаҵоу, асеиԥш иҟоу аматериалқәа хә-рымаӡам. Ажәакала, Аԥсны атопонимқәа, реиқәырхаразы иаҳцәаҩам, ҳҟазшьеи ҳбызшәеи знымԥшуа урҭ зырхәашьуа насҭха инышьҭаҵаны ҳҽазаҳкроуп иаҳтәу аиқәырхара.

Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me