Збаҩхатәрала аӡәгьы иламҩашьоз

Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩыси аиҳабыси иҟаз, аханатә уи аиҿкаара аԥшьызгаз СССР жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡареи, Урыстәылатәи «Ажәларқәа реиҩызара» аордени занашьоу Кандид Тарас-иԥа Ҭарба иахьа иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы 80 шықәса ихыҵуазаарын.


Аҟазара зыԥсҭазаараз, уи Аԥсны анҭыҵ, егьырҭ ажәларқәа рҿы иӡырызгахьаз, ирылазырҵәахьаз Аԥсны жәлар рартист Кандид Ҭарба иџьабаа ду зду ансамбль «Кавказ» иахьа ихьӡ ахуп.
Ансамбль еиҿкаан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҳажәлар риааирала ианеилга, иуадаҩыз раԥхьатәи ашықәсқәа раан, уи анысымҩагьы акыр иҭбаауп.
Ансамбль «Кавказ» аиҿкаара аидеиа Кандид Ҭарба ианизцәырҵуаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилымгацызт. Аха аибашьра ашьҭахь мызкы ааҵхьаны еиԥш, игәҭакы аартны раԥхьа Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа анапхгаҩы Мусса Шанибов иеиҳәеит. Уи игәы азҭеиҵеит, гәахәарылагьы идикылеит. Анаҩс, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба иахь днеит ари игәҭакы иманы, ҳаҭырқәҵара дулагьы дахаҵгылеит.
Уи акәхеит, ҳаешьаратә жәларқәеи ҳареи ҳаидкылара, ҳакзаара хықәкыс измаз ансамбль, иара ахьӡ ахаҭа «Кавказ» ишаҳәо еиԥш, аиҿкаара алыршахеит 1994 шықәса август 8 рзы.
Усҟан 25-ҩык еидызкылоз ансамбль «Кавказ» акәашацәа зегьы Арвелод Ҭарба ида, Даӷьсҭан, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьестәыла, Адыгатәыла уҳәа рҟынтә иааз ракәын. Кандид дивагылан иашьеиҵбы, иара иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ансамбль «Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩыс иҟоу, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III-тәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар рартист, Ҟарачы-Черқьестәылеи Аахыҵ-Уаԥстәылеи зҽаԥсазтәыз артист Арвелод Ҭарба.
Абаҩхатәра ссир злаз акәашаҩ ҟаза Кандид Ҭарба напхгара зиҭоз ансамбль «Кавказ» анеиҿкааха ашьҭахь, ҩымз мҵыцкәан 1994 шықәса сентиабр 30 рзы Аиааира Амш азгәаҭараан раԥхьатәи аконцерт мҩаԥнагеит. Усҟан, маҭәа-ҩыҭәала еиқәыршәамызт, рҩызцәа акәашаратә ансамбльқәа «Ерцахә», «Риҵа» рҟынтә уаарала ирымхны ауп асценахь ишцәырҵыз.
Имҳәакәан высшьа амам, ансамбль иалаз акәашацәа реиҳараҩык «Интер-Сухум» асасааирҭаҿы ишынхоз, аха аӡәырҩы хаҭала, Кандид Ҭарба иҩныҟа ишигаз. Уи инаҷыдангьы, акәашацәа даара гәцаракралеи хылаԥшралеи дырзыҟан, рыфатә-рыжәтә аиҿкаара дацклаԥшуан, уи аганахьала ацхыраара изҭозгьы маҷҩымызт.
1994 шықәсазы ансамбль «Кавказ» Аҳәынҭқарратә статус аиуит, уи шьақәирӷәӷәеит усҟан Аԥсны Аԥыза-министрс иҟаз Геннади Леонид-иԥа Гагәулиа.
Амилаҭтә ҟазара аӡыргараҿы, Кандид Ҭарба имала иакәымкәан, иашьцәа Вианори Арвелоди Ҭараа рлагалагьы маҷым.
Хҩык аишьцәа Ҭараа: Кандид, Вианор, Арвелод кәашон жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи Аҳәынҭқарратә ансамбль аҟны. Анаҩс, Кандид дызлаз, Сухишвилии Рамишвилии напхгара зырҭоз, Қарҭ еиҿкааз Академиатә ансамбль аҟны уи иашьеиҵбы Арвелодгьы дыргәаԥханы дрыдыркылоит. Хаҭала, акырынтә ҳмилаҭтә ҟазара Аԥсны анҭыҵ иӡырызгахьоу, Кандид Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ», анышьақәгыла нахыс қәҿиарала, аҟазара амҩа иануп.
2016 шықәсазы, ҳмилаҭтә ҟазара ацәыӡ ду аиуит, иԥсҭазаара далҵит Аԥсны жәлар рартист, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ» аԥҵаҩы, асахьаркыратә напхгаҩыс иҟаз Кандид Тарас-иԥа Ҭарба. Уи аиҿкааҩ, раԥхьатәи асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны жәлар рартист Кандид Ҭарба ижәлар дрыԥхеижьҭеи 8 шықәса шҵуагьы уи бзиа иибоз ирҿиаратә коллективи иаԥиҵаз ансамбли цәала-жьыла дышрылагыламгьы идоуҳамч рыцуп. Уижьҭеи, иашьеиҳаб ишьаҭеиркыз ансамбль аҿиара аиурц иус, иацҵо, иԥацәа идгаланы ансамбль напхгара аиҭоит Аԥсны жәлар рартист Арвелод Ҭарба. Иахьа Арвелод иԥа Омар ансамбль аиҳабыси аболетмеистрси аус иуеит.
Ҳаиҿцәажәараан Арвелод Ҭарба иазгәеиҭеит, ансамбль «Кавказ» арҿиарамҩа ишаныц ишану, аизҳарахь рхы шхоу, ҳмилаҭтә ҟазара аӡыргара ишазааԥсо, уи аихаҳара амаҵ шазыруа.
«Ҳара еиҵаҳааӡоит абаҩхатәра злоу аҿар, иҳамоуп ахәыҷтәы студиа, иара убас ахбыџқәагьы ахьазыҟаҳҵо. Ажәакала, ансамбль акәашацәа рыла еиҵахо иҟам. Иахьазы «Кавказ» еиднакыло акәашацәа 35-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Маи 22 рзы ҳалахәын «Шолоховская весна» захьӡу, Ростов имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль. Уи уажәы ҩынтәны ҳалахәхоит, раԥхьа – уаантәи аԥхьахә ааҳгахьан», – иҳәеит ҳаиҿцәажәара хыркәшо Арвелод Ҭарба.
Ари арҿиаратә еилазааразы сынтәа акрызҵазкуа 3-рыцхәк еиқәшәоит: Аԥсны жәлар рартист Кандид Ҭарба диижьҭеи 80 шықәса аҵра, Аԥсны жәлар рартист Арвелод Ҭарба 70 шықәса ихыҵра, иара убас Кандид Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ» еиҿкаауижьҭеи 30 шықәса аҵра.
Ҳмилаҭтә ҟазара аӡыргара иазааԥсаз, уи амаҵ аураҿы зџьабаа рацәоу абаҩхатәра ду злаз, иахьа, ҳаԥсуа ансамбльқәа иаарылукаартә иҟоу, Аԥсни уи анҭыҵи ахәаԥшцәа бзиа еицырбахьоу, аҳәынҭқарратә ансамбль «Кавказ» аԥҵаҩы Аԥсны жәлар рартист Кандид Тарас-иԥа Ҭарба иеиԥш иҟоу, ауаа, излыҵыз рыжәлар ргәаларшәараҿы наунагӡа хашҭра рықәымкәан иаанхоит.

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me