Тырқәтәылан агәалашәара амшқәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟан Аԥснытәи аделегациа, – иаанацҳауеит аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аилак. Аделегациа иалан Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Ауаажәларратә палата ахаҭарнак Давид Ԥилиа, Гәдауҭа араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.

Аделегациа иалаз рхы рыладырхәт Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азынӡа иахырԥаз Қьефқьен еиҿкааз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.

Иара убас Стампыл ақалақь аҟны имҩаԥысит Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи уаҟа еиҿкаау абыргцәа Рхеилаки рлахәылацәеи аделегатцәеи реиԥылара. Ирылацәажәеит ҳџьынџьуааи дара рҭоурыхтә Ԥсадгьыли реимадареи русеицуреи рызҵаарақәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me