«Митис» ҳәа хьыӡшьарас измаз

Донецктәи Жәлартә Республика ицо аибашьраҿы аҭынч уааԥсыра зҭагылоу агәаҟра, арыцҳара зегьы узеиԥшны иузудкылом.


Зхатә гәаҟра еиԥш атәым здызкылоз, агәы ҭбаа зызҭаз, арыцҳашьара злаз Аԥснытәи арԥыс Дмитри Ҵәыџьба иакәзар, иара ишиҟазшьаз ала, аиаша дадгыланы, арыцҳара иақәшәаз Донецктәи Ареспублика иаланхо реиқәырхаразы абџьар шьҭихит, уи ала ацхыраара рыҭара азиӡбеит.
2024 шықәса алагамҭазы хатәгәаԥхарала Донбассҟа дцоит еибашьра. Хымз рыда аибашьра змаӡаз, 42 шықәса ирҭагылаз Аԥснытәи арԥыс дызлаз аинтернационалтә гәыԥ «Пятнашка» аибашьцәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны бзиа деицырбеит игәыҭбаареи иразреи рзы. Уи инаҷыдангьы еицгәарҭеит агәымшәара шилаз. Дмитри Ҵәыџьба иҩызцәа еибашьцәа изгәдуны хьыӡшьарас «Митис» ҳәа иарҳәон.
«Хатәгәаԥхарала еибашьра ицо – зегь раԥхьаӡагьы агәы ҭбаа зызҭоу иоуп. Уи изы иҟам атәым рыцҳара, ихатә еиԥш идикылоит зегьы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан еиуеиԥшым атәылақәа рҟнытә ажәларқәа рхаҭарнакцәа хатәгәаԥхарала, Урыстәыла уахь иналаҵаны Аԥсны аиқәырхараз цхыраара ишааз, ишеибашьуаз аадыруеит. Дмитри Ҵәыџьбагьы иаамҭазы, иахәҭаны иԥхьаӡеит арыцҳара иақәшәаз ацхыраара анырҭаху аамҭазы рааигәа аҟазаара, рыдгылара, рыхьчара», – иҳәеит Аинтернационалтә гәыԥ «Пятнашка» арратә корреспондент Павел Кукушкин Донецк ахатәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәыларақәа руак аҟны зырратә дҵа анагӡараан иҭахаз Дмитри Ҵәыџьба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагараан.
Дмитри Ҵәыџьба Донбасс даннеи аҽны инаркны деибашьуан ажәыларатә архәҭаҿы. Аибашьра адәаҿы гәымшәарала ихы бзианы иааирԥшуан.
Хаҭала, Дмитри Ҵәыџьба аиба­шьратә ԥышәа имамызт, аха занааҭла аруаҩын, Аҟәатәи иреиҳау азеиԥшархәҭатә ҵараиурҭаҿы (СВОКУ) иҵара хиркәшахьан, алеитенант ичын иманы. Аамҭаказы, аҽеизгаразы аштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ ицхырааҩыс аус иуан Очамчыра. Могилиов ақалақь аҟны аиуристтә факультетгьы хиркәшахьан. Аха аҩбатәи изанааҭ ала аус иуӡомызт.

Дмитри зхатәы хшара иеиԥш дызбоз уи ианԥса Ҭина Ҳаш-ԥҳа, ҳаиҿцәажәараан лгәи-лылаӷырӡи еилаҵәо иаҳзеиҭалҳәон, Дмитри иашьа Даури иареи Белоурссиа Могилиов ақалақь аҟны ишизгьы, раб Иура Ҵәыџьба ибзоурала, аханатә Аԥсны ииз-иааӡаз ԥыҭҩык иреиӷьны рхатәы бызшәа шырдыруаз, ишырҳәоз. Аԥсшәа рҵарц азы ишыхәыҷқәаз раб Аԥсныҟа ишааигаз. Хаҭала, Дмитри раԥхьа Аԥсныҟа данааигоз 4 шықәса ракәын ихыҵуаз. Анаҩс, аиҵбыратә классқәа Ҷлоутәи абжьаратә школ аҟны дрылгеит.
Уи лажәақәа рыла, Дмитри ҩаԥхьа Могилиовҟа дцеит, абжьаратә ҵара уа ихиркәшеит. Аха аиурист изанааҭ иманы Аԥсныҟа даныхынҳә нахыс, иԥсадгьыл аҟны даанхеит, араҟа аҭаацәарагьы далалеит. Уи динасыԥхеит, иахьа иҭынхаз, ҩыџьа ахацәарԥар зааӡо Есма Ӷәарзалиа-ԥҳа.
«Дима даара ауаҩышьа бзиа иман, дразын, даартын, дгәыбылҩын, знык иибаз ауаҩы дихашҭуамызт, ауаҩы дизааигәан. Уи еснагь ихы-иҿы ччон, длахҿыхын.
Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы, Донбассынтәи ҭелла, авидео ала ҳаицәажәарақәа раан иҿыԥшылара избац акәымкәан иҟан, илахҿыхрагьы инубааломызт, хәыцра ҵаулак дҭаршәны даман, хьанҭарак инубаалон. Саназхәыцуа сгәы иаанагоит, иҟалап иаџьал шааигәахоз ала ацәалашәара иоухьазҭгьы ҳәа…
Аибашьраҿы иҟоу аҭагылазаашьа анеиҭеиҳәоз, ажәыларақәа дышрылахәыз, уа иҩызцәа еибашьцәа рахьтә ирхәыз, иршьыз шыҟоу сара сҿы иҳәон, аха иҭаацәа рзы «ан­­а­­х­ь ибымҳәан» – ҳәа сгәысҽаниҵон. Урҭ рҿы иӡон ажәыларақәа дышрылахәыз. «Макьана аибашьышьа ҳдырҵоит, ҳазыҟарҵоит» ҳәа ииҳәоз агәра ргон урҭ», – лҳәеит уи луанытә даақәыԥсычҳаны.
Дмитри аҵыхәтәаны Ҭина аҭел данылзасуаз мшаԥы аныҳәа аламҭалазы, «Мшаԥы ашьҭахь хымш снеиуеит, усҟан ҳаибабап» ҳәа иажәа хиркәшеит. Аха, Дмитри ахаҵарамҩаҿы иус анагӡара дацәхьамҵит, аҵыхәтәанынӡа хьыӡла-ԥшала дазнеит, амала «ҳаибабап» ҳәа Ҭина илиҭаз ажәа аӷа ихы иҿахнаҵәеит…
Аибашьҩы гәымшәа Дмитри Ҵәыџьба данҭаха ашьҭахь ианаршьеит Гьаргь Ихьтәы џьар I аҩаӡара.
Аиаша адгылара, аҩыза ихьчара, ахамеигӡара, агәымшәара еиҳау аҿырԥшы ыҟам. Ас еиԥш аҟазшьақәа злаз аибашьҩы гәымшәа Дмитри Ҵәыџьба дҿырԥшыганы, хашҭрагьы иқәымкәан даанхоит ихы-иԥсы зыхҭниҵаз ажәлари дызлыҵыз ижәлари ргәаҿы.

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me