Имариамыз амҩа ианысыз

Иналукааша аҭоурыхҭҵа­аҩ Гьар­гь Ӡиӡариа диижьҭеи 110 шықәса ҵит.
Гьаргь Алықьса-иҧа Ӡиӡариа диит иахьатәи Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан 1914 ш. маи 6 рзы, анхаҩы иҭаацәараҿы. 1924 ш. инаркны 1929 шықәсанӡа аҵара иҵон Гәдоуҭа иҟаз ахәыҷтәы школ-интернат аҟны.

Анаҩс дҭалоит Аҟәатәи иҿырҧшыгаз аҧсуа школ-интернат (иахьа Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи ашьхарыуаа рышкол). Усҟан аҭоурых дазҿлымҳахо далагеит. Ашкол даналга дҭалоит аҭоурыхи, алитературеи, афилософиеи Москватәи (МИФЛИ) ринститут, аҵараиурҭа қәҿиаралагьы далгоит. 1939 ш. Аҧсныҟа даныхынҳә аусура далагоит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аҧснытәи ринститут (иахьа – Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт) аҟны. Москва ирҳаз адырра иабзоураны, азыҟаҵара бзиа змаз, аҵарауаҩ ҿа ҽышәала аҭҵаарадырра иҽагәылеихалоит.
Аҧсны аҭоурых ҭызҵаауаз ҵарауаҩык иаҳасабала, Гьаргь Ӡиӡариа иаҧҵамҭақәа рзикуан ХlХ-ХХ ашәышықәсақәа раантәи аамҭақәа, Аҧсны Урыстәыла адҵара, ареформа ҟалаанӡатәи Аҧсны асоциал-економикатә ҭагылазаашьа, аҧсуаа налаҵаны Кавказ ашьхаруа жәларқәа рзы итрагедиа дуны иҟалаз амҳаџьырра, аҧсуа интеллигенциа рышьақәгылара уҳәа.

Иусумҭа «ХlХ ашәышықәса актәи ажәашықәсазы Аҧсны азы ақәҧара» акәзар, ХlХ ашә. алагамҭазы Аҧсны имҩаҧысуаз ахҭысқәа ирызкыз раҧхьаӡатәи лагаланы иҟалеит. Аамҭақәа аниас ҩаҧхьа дазыхынҳәуеит ари атема, иҭижьуеит имонографиа «Аҧсны Урыстәыла адлареи уи аҭоурыхтә ҵаки».
1946 ш. иихьчаз икандидат­тә диссертациа «Аҧсны 1917-1918 шықәсақәа рзы» азикит арҭ ашықәсқәа раан Аҧсны имҩаҧысуаз ахақәиҭратә ҵысра.
Жәлар рынхамҩеи ХlХ ашәы­шықәсазы Аҧсны асоциалтә еизыҟазаашьақәеи ирызкхеит «1870 шықәсазы анхаҩцәа рреформа ҟалаанӡа». 1958 ш. қәҿиарала ихьчеит адоктортә диссертациа.
1947 ш. ВКП (б) Ацентр Комитет ахьӡала ишьҭыз, аҧсуа жәлар рмилаҭ зинқәа рыхьчара иазкыз ашәҟәы знапы аҵазҩыз дыруаӡәкын. Убри инамаданы аус ахьиуаз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟнытә имаҵурагьы дамхын. Аха аиаша шьақәгылеит, Сталин даныҧсы ашьҭахь. Убри нахыс Аҧсны аҿиара амҩа ҿыц ылнахит.
Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы иҭыжьын Гьаргь Ӡиӡариа еицырдыруа иусумҭақәа: «Аҧсны 1866 ш. ақәгылара», «Аҧсны аҭоурых аочеркқәа 1910–1921», «Ефрем Ешба», «Адекабристцәа Аҧсны», «Аҧсны ареволиуциатә қәҧараҿы асоветуааи «Кьаразааи» рроль», «Ареволиуциа ҟалаанӡатәи аҧсуа интеллигенциа рышьақәгылара» уҳәа.

Гьаргь Ӡиӡариа иаҧҵамҭақәа лагала дууп аҧсуа ҭоурыхҭҵааразы. Аха иалкааны иазгәаҭазар ахәҭоуп,1975 ш. иҭыҵыз ишәҟәы «Амҳаџьырреи ХlХ ашәышықәсазы Аҧсны аҭоурых апроблемақәеи». Изӡатәузеи, ари аҩыза аҭҵаарадырратә усумҭа ду, асовет идеологиа амч аныҕәҕәаз аамҭақәа раан аҭыжьра гәаҕьыуацәан. Уаанӡа ас инарҭбааны иҭҵаамызт аҵарауаҩ инарҵауланы, мҽхакы ҭбаала ицәыригаз ХlХ ашәышықәсазы имҩаҧысуаз ахҭысқәа. Иара убас аҭоурыхҭҵааҩ арҵагатә цхыраагӡа «Аҧсны аҭоурых» (1988) авторцәа дыруаӡәкын,
Аҭоурыхҭҵаара инаваргыланы Гьаргь Ӡиӡариа, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усура инапы алакын. 1975 ш. инаркны иҧсҭазаара далҵаанӡа Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы имаҵура дахагылан. СССР Иреиҳаӡоу Асовет афбатәи, абыжьбатәи, аабатәи ааҧхьарақәа рдепутатс даныҟаз илиршеит архивқәа рахь анеира, аҭоурыхтә материалқәа рыҧшаара, ргәылаҧшра, иҭҵааратә усураҿы урҭ ахрархәара. ХlХ ашә. атрагедиа зхызгаз ашьхаруаа жәларқәа зегьы рзы хҭыс дуны иҟалеит зыӡбахә ҳамоу амонографиа аҭыҵра. Кавказтәи аибашьра, «амҳаџьырра» ҳәа хьӡыс изауз ашьхаруа жәларқәа рыҧсадгьылқәа ирыхцаны рхырҵәара аҭоурых иазкны абаҟа иргылеит уҳәар имыцхәхом.
Гьаргь Ӡиӡариа акыршықәса абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аҧснытәи ринститут аҟны аус иуан, аҧхьа аиҳабы ихаҭыҧуаҩс (1953–1957), ашьҭахь, 1966–1988 шш. раан - уи аиҳабыс. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт апрофессор ҳәа ахьӡ ихҵан. Аҭҵаарадырреи аҵара-ааӡара ауси қәҿиарала еилеигӡон. Иеихьӡарақәа ҳасаб рзуны Қырҭтәылатәи ССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондентс далхын. Қырҭтәылеи Аҧсни аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ихҵан. Асовет ҳәынҭқарра аҟнытә акыр аҳамҭақәа ианашьан, урҭ рхыҧхтаӡараҿы иҟоуп: Аџьа Абираҟ Ҟаҧшь аорденқәа ҩба, «Аҳаҭыртә Дырга» аорденқәа ҩба, «Аиҩызара аорден» уҳәа егьырҭгьы.

Аҵарауаҩ икьыҧхьымҭақәа 400 инаиреиҳауп. Иҭижьыз аҭҵаарадырратә усумҭақәа 150 инарыцуп. Урҭ рахьтә амонографиақәеи, аизгақәеи, аброшиурақәеи ҩынҩеижәижәаба рҟынӡа ыҟоуп. Иазгәаҭазар ахәҭоуп иара убас аҵарауаҩ Аҧсны аҵара Аминистрра, ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара», Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара» рколлегиақәа реилазаарақәа дышрылаз.
Аҵарауаҩ иҧсадгьыли иуаажәлари дрыҧхеит 1988 ш. маи акы азы. Иҭҵаарадырратә ҭынха акәзар, еиуеиҧшым ашықәсқәа раан х-томк ҭыҵит.
Гьаргь Ӡиӡариа иҧсҭазаара зегьы ижәлари иҧсадгьыли рымаҵ аура иазкын, шьардагьы илиршеит. Еснагь икәша-мыкәша иҟаз рзы дҿырҧшыган, дымҩақәҵаҩын. Ижәлар гәакьа рҿахәы зҳәоз аҵеицәа хатәрақәа дреиуан.
Аҭҵаарадырра аусхк аҟны Аҧсны иаҧҵоуп Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. Уи ранаршьоит агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рҟны зусумҭа ҿыцқәа рыла иалыркаауа аҵарауаа. Аҳҭны-қалақь аҟны иҟоуп ихьӡ зху амҩа.
Гьаргь Алықьса-иҧа Ӡиӡариа Аҧсны аҵеицәа хатәрақәа дыруаӡәкны ихьӡ хашҭра ақәымкәа иаанхоит.
В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me