Инал Габлиа: «Арҵаҩы иаҳаҭыр шьҭыхтәуп»

Аҵара аминистр Инал Габлиа апресс-конференциа мҩаԥигеит Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҟны.Иара убас ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵон Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Гындиа, Гәдоуҭа араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа.


«Артектәи аԥхьарақәа» рахь
Апресс-конференциа атема хада акәны иҟан Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр «Артек» анапхгара рнаԥхьарала II Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Артектәи аԥхьарақәа» рҟны Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа иалахәра. Уи мҩаԥысуан Ҟрым, Иалта ақалақь аҟны апрель 26 инаркны 30 азынӡа.
Аминистр иазгәеиҭеит, аконференциа хықәкыс ишамаз аҭҵаарадырра-методикатә информациеи аҵара амилаҭтә система инақәыршәаны ааӡаратә усура арҿиара аԥышәеи реимдара.
«Аконференциа еизнагеит Урыстәылатәи Афедерациа еиуеиԥшым асубиектқәа рҟынтәи аекспертцәеи алахәылацәеи 140-ҩык. Ҳара ҳзы даара аинтерес аҵан, хәарҭара алан абасеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә аҽалархәра. Сара ааԥхьара ахьсырҭаз азы иҭабуп ҳәа расҳәоит Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр «Артек» анапхгара, – иҳәеит аминистр.
Аԥснытәи аделегациа аконференциаҿы иқәгылеит, русура аԥышәа атәы еиҭарҳәеит.
Габлиа иаҵишьит иара даара ишигәаԥхаз Артек аҵара аус азнеишьа.
«Ҳара иаабеит раԥхьатәи аиԥылараҿы Урыстәыла арегионқәа зегьы рҟынтәи 3200-ҩык ахәыҷқәа. Анаҩстәи аиԥылара жәларбжьаратәихоит. Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр «Артек» ашҟа анеира усҵәҟьа имариам. Ахәыҷқәа ибзианы аҵара рҵозароуп, иагьазыҟаҵазароуп», – иҳәеит иара.
Аԥснытәи ахәыҷқәагьы «Артек» ашҟа анеиразы алшарақәа рымоуп.

Шықәсык аҩнуҵҟала
«Шықәсык аҩнуҵҟала 15-ҩык ашколхәыҷқәа «Артек» ашҟа иҳашьҭлоит. Ахәыҷқәа алҳаԥшаауеит конкурстә шьаҭала. Лымкаала хшыҩзышьҭра азаауеит ашкол аҟны урҭ рҵара, аԥсуа бызшәа адырра уҳәа егьырҭ аихьӡарақәагьы», – иҳәеит аминистр.
Габлиа иажәақәа рыла, иаарласны Аԥсны иаадыртраны иҟоуп ахәыҷтәы лагер ҿыц. «Артек» аҟнытәи аспециалистцәеи Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр «Сменаи» ҳацхраауеит аԥызаҩцәа разыҟаҵара аганахьала», –иҳәеит иара.
Очамчыра араиони Гәдоуҭа араиони рхадарақәа рҵара аҟәшақәа реиҳабацәа Ҭемыр Гындиеи Адамыр Ҳаразиеи иара убас «Артек» аусура агәахәара рнаҭеит.
«Даара ҳаргәырӷьеит Артек аҟнытәи ахәыҷқәа Аԥсны аӡбахә ахьырдыруа, урҭ рахьтә аӡәырҩы ирҭахуп ҳашҟа иааны рыԥсы ршьарц», – иҳәеит Ҳаразиа.
Аԥснытәи аделегациа, «Артектәи аԥхьарақәа» ирылахәыз зегьы реиԥш, иаҭааит амемориал­­тә комплекс «Сапун-гора», ашәҭқәа шьҭарҵеит аибашьцәа рбаҟаҿы.
Артек, Ахьӡ-аԥша абаҟаҿы имҩаԥысит «Агәалашәара ареквием». Аконференциа иалахәыз уаҟа афырхацәа-артекаа рбаҟақәа ршьапаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит, минуҭктәи аҿымҭрала иҭахаз ргәаладыршәеит.
Иалтаҟа рнеира инаваргыланы, ажурналистцәа интересс ирыман ареспубликаҿы аҵара асистема иазкыз егьырҭ азҵаарақәагьы.

Азҵаарақәеи аҭакқәеи
«Еиҵагыло абиԥара ҿа патриотизмла рааӡара атәы ҳаналацәажәауа, «Иаҳакәршаны иҟоу адунеи» арҵага шәҟәқәа рҟны актәи аклассаа аԥхьоит дара рҳәынҭқарра – Урыстәыла ауп ҳәа, ирбоит, еилыркаауеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә символика, Аԥсны уи аҩыза зыҟамзеи? Изамуазеи актәи акласс инаркны ахәыҷқәа дара ахьынхо, иахьынҵуа атәыла дырдырра?», – дҵааит ажурналист Низфа Аршба.
«Шәара зыӡбахә шәымоу ашәҟәы Урыстәылантәи иҳауит. Уи рҵага шәҟәуп. Аԥсуа школқәа ирымоуп рхатәы рҵага шәҟәы, аха уи ашҟагьы имаҷымкәа азҵаарақәа ҳазцәырҵуеит», – иҳәеит аминистр, иагьациҵеит ахәыҷқәа Аԥсни уи амилаҭтә символикеи ртәы рзеиҭаҳәара аганахьала аӡәгьы дшырԥырхагам.
«Ахәыҷқәа рааӡараҿы ихьыԥшу рацәоуп, арҵага шәҟәы мацара акәымкәа, арҵаҩгьы. Схаҭа Урыстәыла сынхон, аурыс школ салгеит, аха уи сԥырхагамхаӡеит схатәы бызшәа аҵараҿы, уи ала ацәажәараҿы. Ҳҿаԥхьа иҟаҵатәны ишьҭоу рацәоуп аҵара асистема аганахьала», – иҳәеит иара.
Ахәыҷқәа аԥсышәала ицәажәаларц азы иҟаҵатәузеи ҳәа азҵаара аҭакс, Инал Габлиа иҳәеит ари проблемаҵәҟьаны ишыҟоу. Ҳазну ашықәс азы аҵара Аминистрра иҭнажьит аԥсышәала арҵага шәҟәы ҿыцқәа, иара убас ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа рзы арҵагатә цхыраагӡа «Аҟәыбҷа», актәи аклассқәа рзы иаздырхиоит «Анбан» ҿыц.

Арҵаҩцәа азхом:
иҟаҵатәузеи?
Апресс-конференциаҿы иазгәаҭан ашколқәа рҟны арҵаҩцәа шазымхауа. Ҳазну аамҭазы иазхаӡом 600-ҩык рҟынӡа арҵаҩцәа, – иҳәеит аҵара аминистр Инал Габлиа. «Ари апроблема зегьрыла азнеира аҭахуп. Ахада иҟны акырынтә ҳалацәажәахьеит. Абри азҵаара аганахьала аамҭа рацәаны иҳацәцахьеит. Азанааҭ астатус алаҟәреи ауалафахәы амаҷреи ирыхҟьаны арҵаҩы изанааҭ ашьҭыхра рҭахӡам. Ҩаԥхьа атәылаҿы иҳараҳкроуп арҵаҩы истатус», – иҳәеит иара.
Ари хымԥада зҭыԥ иқәҵатәу уснагӡатә хаданы иҟоуп.
«Сгәыӷуеит, ҳазну ашықәс азы аҵаразы азакәан адкылара ҳалшап ҳәа. Уаҟа иарбахо рацәахоит», – иҳәеит аминистр.
Урыстәыла аҵара Аминистрра иҳаднагалеит акадрқәа разымхара апроблема аӡбаразы иреиӷьу арҵаҩцәа онлаин-режимла рурокқәа дырбара. Аҵара аҟәшақәа реиҳабацәагьы ишьақәдырӷәӷәеит араионқәа рҟны арҵаҩцәа шазымхауа.
«Ари азҵаара аҭыԥ ақәҵаразы идыру шьаҿақәак ҟаҵоуп. Раԥхьатәи ауснагӡатә – ари ауалафахәы ацҵареи арҵаҩы иаҳаҭыр ашьҭыхреи ауп, иара убас аҭаацәеи арҵаҩцәеи иаартны реиԥыларақәа рымҩаԥгара», – иҳәеит иара.

Даҽа шәҟәқәак рыла – мап
Иара убас интересс иҟарҵеит аҵара Аминистрра ирнаҭо арҵага шәҟәы арҵаҩцәа иқәдыргыло адҵақәа изрықәымшәауа, ари аҭагылазаашьа иаԥсыхәоузеи ҳәа.
Аминистр иазгәеиҭеит зынӡаск азин шыҟам ахәыҷқәа даҽа рҵага шәҟәқәак рыла аҵара дырҵара.
«Ус еиԥш ахҭысқәа ыҟазар, ашәҟә рҩааит, ус изыргәаԥхаз насгьы уи изхаҟарҵауа, аҵара Аминистрра ирнаҭауа арҵага шәҟәқәа зегьы ахархәара рымазароуп, даҽакы иашьҭамлакәа», – иҳәеит Адамыр Ҳаразиа. Аминистр иара убас ажурналистцәа иреиҳәеит иааиуа ашықәс азы Аҟәатәи ашкол №1 аҟны амедицинатә класс шаартхауа.
«Ҳара абри атәы акырынтә ҳалацәажәахьеит. Иааиуа ашықәс азы амедицинатә класс ааҳартуеит, уаҟа ибзианы аҽазыҟаҵаразы, ауаҩы иԥсҭазаара амедицина иадиҳәаларц азы иаҭаху зегьы ҟаҵахоит», – еихишьалеит Габлиа.

Акьыԥхь иазирхиеит
Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me