Ахәыҷқәа рзы "Гәыма" еиҿкааз аиԥылара

Маи 16 рзы Аҟәа акультуратә платформа"Гәыма" аҿы имҩаԥысит зықәра намӡац ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара зҭакԥхықәу Мактина Џьынџьал-ԥҳаи 18 шықәсанӡа зықәра намӡац ахәыҷқәеи реиԥылара.
М. Џьынџьал-ԥҳа ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы ажәахә аԥхьара далагаанӡа, аинтеллектуалтә ҟазшьа аҭаны ахәыҷқәа дразҵаауан,дара аинтерес рыманы аҭак ҟарҵон. Еиҳараӡак ахшыҩзышьҭра аман ахәыҷқәа иарбанзаалак ахҭыс ишазнеиуа,ишазхәыцуа. Убри аамҭазы рхы шымҩаԥыргаша атәы ралҳәон.
Ас еиԥш иҟоу аиԥылара еиҿнакааит "Арт-дизаин арезиденциа "Гәыма" ахаҭарнакцәеи Аԥсны аҳәынҭқарра аҿари аспорти ркомитет. ‎

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me