Лаҵарамза 13 рзы иҟаз амшцәгьа иахҟьаз аӡхыҵраан ааха зауз ақыҭақәа рҿы ахҟьа аԥырҟәҟәааразы аусурақәа хацыркуп. Атехника ҷыда адгаланы аӡы аанызкылаша аизакырҭақәа реиқәыԥсара иаҿуп. Аӡиас Дӷамшь аӡышьҭрақәа ганк рҽахьарҭаз иахҟьаны, аӡы акшарҭа аԥсахразы, џьара-џьара аӡышьҭра аиагара аҭахуп ҳәа азгәаҭаны аусурақәа мҩаԥыргоит.
Иара убасгьы аӡы ӷәӷәала иҵнаӡәӡәааз ацҳақәа абӷанҷ рҭаԥсаны аамҭалазы ахархәаразы, анхацәа шьапыла иқәсыртә иҟарҵоит. Аӡхыҵраан Џьгьарда ақыҭа аҳаблақәа руак фымцалашарала еиқәзыршәоз ацәаҳәақәа зқәыз ашьаҟақәа аӡхыҵ иахьагаз иахҟьаны ҩажәи жәаба ҭаацәара фымцалашарада иаанханы иҟан. Аҳәынҭқарратә еилахәыра «Амшынеиқәафымцамч» Очамчыратәи аҟәша аусзуҩцәа ақәыӷәӷәара ҳаракы змоу афымцацәаҳәақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп уажәы. Аусурақәа цоит Кәтол ақыҭангьы. Уаҟа аӡышьҭра арҵаулареи, аӡеизакырҭақәа реиқәыԥсареи ирҿуп. Аусурақәа рхырқәшара азгәаҭоуп амш аҩныҵҟа.