Аԥсуа бызшәа аҵаразы

Мшаԥымза 25 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абызшәатә политиказы Аусбарҭа аԥшьгарала Х.Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи аԥсуа школ №1 аҟны иаартын аԥсуа бызшәа аҵаразы аекспресс курсқәа.


Ашкол иаҭааит Аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳаи,аусбарҭа аспециалист хада Гәында Сақаниаԥҳаи иара зламҩаԥгахо аплан рылаԥш ахыргарц.
Акурсқәа мҩаԥылгоит аԥышәа ду змоу аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Инна Бенделиани.
«Иахьатәи аамҭазы арҭ акурсқәа ирхыԥхьаӡалоуп 20-ҩык рҟынӡа азыӡырҩцәа. Иаарту курсқәоуп. Макьаназы гәыԥк ауп иаартны иҳамоу. Аха излаабо ала, азыӡырҩцәа еиҳа рхыԥхьаӡара ахьеиҳахо инамаданы иҵегь агәыԥқәа раартра алыршахоит. Уаанӡа, асеиԥш иҟаз акурсқәа 2017 ш. азы иаартны иҳаман абызшәатә политика акомитет аԥшьгарала. Усҟан ҳхы иаҳархәеит Ада Кәарҷелиа лышәҟәы. Актәи, аҩбатәи аҩаӡарала иалкаан ирыҭан асертификатқәа. Апандемиатә чымазара иахҟьаны усҟан ҳусура аанаҳамкылар ада ԥсыхәа ҳмоуит.
Уажәы иҳадыргалаз аметодика ҿыцуп. Ауниверситет аҿы астудентцәа изладдырҵо ауп. Уаҟа асертификатқәа ранаҳшьоит шықәсыбжак ашьҭахь.
Акурсқәа русура еиҿкаауп мчыбжьык ахь ҩынтә сааҭки бжаки ирҭагӡаны. Иаарласны ныҳәак аҳасабала сҽазыҟаҵаны сцоит, даргьы ргәалаҟазаара шьҭыхны, иргәыбзыӷны иалазгалоит. Ҳәарада, иарбанызаалак аҵара уадаҩуп, аха ауаҩы игәы ацԥыҳәаны дызлаго зегьы иқәманшәалахоит», – азгәалҭеит Бенделиани.
Ашкол адиректор Мзиа Дауҭиеи, Гагра араион аҵараҟәша аиҳабы Мадина Ажьибеи инаҵшьны иазгәарҭеит асеиԥш иҟоу акурсқәа рымҩаԥгара акырӡа шаҵанакуа абызшәа аиқәырхаразы.

Аманда Анталаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me