Аҭыԥсахьа адизаин дазҟазоуп, ашкол аҿы аус иуеит, ауниверситет аҿы еиҿкаау аҿар рхеилак хантәаҩыс дамоуп, аԥсуа бызшәазы адисскусиатә клуб аԥшьгаҩцәа дреиуоуп, аха уи зегьы инаҷыданы инапы алакуп аԥарԥалыкьқәа рааӡара. Бзиа ибоит апоезиа, иҵегь данеиҵаз ажәеинраалақәа иҩуан, ҿырҳәала иҵоит, дрыԥхьоит. Ихы ԥишәахьеит сценографк иаҳасаб ала аспектакль «Фрида» аҿы.
Ахҭысқәа реишьҭагылашьала ажәабжь еиҭаҳҳәозар, иалагатәуп Руслан Амҷба иҭаацәа рыла. Иара изҳаит аҳҭнықалақь аҿы, ахшара рацәа змоу аҭаацәараҿы. Сҭаацәа дууп, сашьа еиҳабӡа ида егьырҭ зегьы, сашьцәеи саҳәшьцәеи аҟазара злоу уаауп. Ишәаҳәаҩцәоуп, икәашаҩцәоуп. Рыбжьара иҟоуп сара исеиӷьны иҭыхуагьы, иҳәоит иҭаацәа дрызгәдуны арԥыс. Даныхәыҷӡаз инаркны аҭаацәа реиҵбы хырхарҭа рацәала аҟазара инапы алакын. Дызлагалакгьы, иаԥшьигалакгьы иҭаацәа рҟынтәи еснагь ацхыраареи адгылареи иман. Сыԥсҭазаараҿы аҭыԥ змоу ахҭысқәа реиҳарак сгәысҽанӡамкәан иҟало роуп, урҭ анаҩс сыԥсҭазаара иахәҭакхоит иҳәоит иара. Руслан Амҷба иажәақәа рыла, иҟоуп дыззеилымкаауагьы, изҳәогьы «уи изанааҭ изымԥшааит» ҳәа. Аха иара уи аҩыза агәаанагара дақәшаҳаҭӡам, адыррақәа рахь агәазыҳәара еснагь иумаӡам, угәазыҳәарақәа рыхьӡаразы агәабзиареи, алшарақәеи еснагь иуцӡам, иҟанаҵы узыхьӡо уаҩумыжьыр ауп иҳәоит иара.
Аҟазара афакультетгьы иҭалара машәыршәа иҟалаз ауп. Ажәеизатәи акласс дантәаз аиуристә факультет аҭаларазы аҽазыҟаҵара далагоит. Аԥышәарақәа рҟынӡа иаанхоз мызкы заҵәык акәын, ҽнак аҩны абарҵаҿы стәаны сыҽшазыҟасҵоз, схы ҩышьҭыхны ҳбаҳча санынҭаԥш сгәы иааҭысҳәааит азакәанқәеи ахәҭаҷқәеи саарҟәаҵны абаҳчақәа рдизаин салагар шысҭаху. Ауниверситет адаҟьаҿы избеит аҟазара афакультет шыҟоу, уахь арзаҳалгьы аласҵеит. Сҭаацәа ианрасҳәа ирзыџьашьатәхеит, аха саҟәырхырц иаламгеит, иҳәоит урҭ ахҭысқәа игәаларшәо Руслан. Агәырҵҟәыл бзиеи, адырра ҿыцқәа рызҿлымҳареи, аԥыза иҟазшьа ҷыдақәеи рыла арԥыс иҩызцәа дрылыркаауа, астуденттә ԥсҭазаара аилашыра агәҭаны игылоу иакәны дҟалеит аамҭа кьаҿк аҩнуҵҟа. Иара ауниверситет аҿы еиҿкаау аҿар рцентр хантәаҩыс дамоуп, аԥсуа бызшәазы адискуссиатә клуб аԥшьгаҩцәа дреиуоуп. Лассы-лассы аҳәаанырцә имҩаԥысуа аҿар рконференциақәа дрылахәуп. Инапы злаикхьо аусқәа рацәоуп, урҭ зегьы арҿиареи аҟазареи ирыдҳәалоуп. Убас ихы ԥишәахьеит сценографк иаҳасабалагьы, арежиссиор Гәдиса Ҭодуа испектакль «Фрида» аҿы. Ари ақәыргыламҭа мексикатәи асахьаҭыхҩы Фрида лҭоурых еиҭанаҳәоит, иара ахәаԥшцәа гәахәара дула ирыдыркылеит.
Руслан Амҷба асахьаҭыхра аганахьала акәзар еиҳарак дрызҿлымҳауп аграфикеи аҿыханҵеи ржанрқәа. Иҳәоит ҭынч дыштәоу ишизцәырҵуа аҭыхразы агәазыҳәара, уи апоет имуза ишаҩызоу. Аҟәатәи абыжьбатәи абжьаратәи ашкол аҿы аус иуеит асахьаҭыхра арҵаҩыс. Ахәыҷқәеи сареи иаразнак ҳаинаалеит, ҳҳәоу еиқәшәеит, урҭ аус рыдулара даара исгәаԥхоит. Руслан Амҷба иҭихуа аусумҭақәа азҿлымҳара рымоуп, урҭ руак алахәын агәыҳалалратә аукцион. Иара иаразнак иаархәеит, уажәы икнаҳауп аҳҭнықалақь асасааирҭақәа руак аҿы. Аусумҭа иаҭныхыз аԥарақәа агәыҳалалратә фонд «Ашана» иахыԥхьаӡалан.
Арԥыс дзызҿлымҳау аусхкқәа рыбжьара иҟоуп аԥарԥалыкьқәа рааӡара. Урҭ рыкәтаӷьқәа изааргоит Филиппины, Коста-Рика рҟынтәи. Дара рхыхреи рааӡареи имаҷымкәан аџьабаа рыцуп. Раԥхьа иргыланы ирзеиқәыршәатәуп изышьцылахьоу атропикатә ҳауатә ҭагылазаашьа, ҷыдалатәи ацәаакыра. Аԥарԥалыкьқәа рыԥсҭазаара кьаҿуп, жәамш еиҳаӡам, аха дара ыҟанаҵы бла ргәырӷьагоуп. Руслан иҳәоит, астуденттә конференциақәа рахь данцо, аԥарԥалыкьқәа ишырхылаԥшуа иҭаацәа. Сус аҿы ацхырааҩцәа рацәаҩны исымоуп, ҳәа азгәеиҭоит иара. Уажәазы аԥарԥалыкьқәа рбара иаауа Руслан иуацәеи иҩызцәеи роуп. Иара игәаанагарала ари аԥеиԥш бзиа змоу проектуп. Европатәи атәылақәа жәпакы рҟны, иара убас Урыстәылагьы иҟоуп аԥарԥалыкьқәа рбаҳчақәа. Дара ашәҭқәа ирхаԥырԥыруа абаҳчақәа ирҭаауа ауаа ргәалаҟара шьҭырхуеит. Ари аҩыза аҟаҵара ауеит ҳара ҳҿгьы,избан акәзар, Аԥсны аҳауатә ҭагылазаашьа дара ирнаалоит. Руслан Амҷба маӡала иҳаиҳәеит ари апроект мҽхакыҭбаала еиҳа инарҵауланы азнеира игәы ишҭоу. Макьаназы асахьаҭыхратә ҟазара инапахьы иааигоит. Ссахьаҭыхҩы дуны сҟамларгьы ашәыгақәеи ақыцәи рыда схы збаӡом ҳәа иажәа хиркәшеит сажәабжь афырхаҵа.
Елана Лашәриа