Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Азареҭ Аиба – 80 шықәса

Азареҭ Алықьса-иԥа Аиба диит хәажәкыра 25, 1944 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан. 1960 шықәсазы далгеит Оҭҳаратәи абжьаратә школ. Адрҩашықәсан дҭалеит Ростовтәи афинанс-економикатә институт, афакультет «афинансқәе­и-акредити».
Уантәи 1963 ш. рзы арра иԥхьеит. 1964 шықәсқәа рзы арра дахысуан амшынаҵаҟатәи аҽазыҟаҵаратә гәыԥ аҟны.


1965-67 ш. рзы аракетақәа ныҟәызго аӷбақәа, Абираҟ Ҟаԥшь занашьоу Амшынеиқәа афлот иаҵанакуа акреисер «Дзержински» аҟны дыҟан. Аброуп арра дахьахысуаз иара иашьа еиҳабгьы Зураб Аиба. 1965-67 ш. рзы дыҟан маӡаныҟәгаҩыс акомҿар еидгылатә гәыԥ аҟны, насгьы аӷбаҟны аҿар рхеилак алахәылас.
Уи аамҭазы далгеит Амшынеиқәатәи афлот аҟнытәи иреиҳаӡоу апартиатә школ, аполитусзуҩцәа рзы алеитенант еиҵбы ҳәа арратә хьӡы иаҭәашьаны.
1972 ш. азы ақалақь Кронштадт, Балтикатәи афлот абазаҟны дырхысит аполитусзуҩцәа иреиҳаӡоу рафицартә курсқәа. Иахьазы III аранг змоу акапитан ԥхьаҭәа аполитусзуҩцәа рырра- м­­шын флот иаҵанакуа дрылахәуп.
Аԥсныҟа даныгьежь, 1967 ш. рзы иҵара иациҵеит ахәылԥазтәи аҟәша, уажәшьҭа Ростовтәи жәлар рынхамҩатә институт зыхьӡыз, дагьалгеит қәҿиарала 1970 ш. рзы. Аҵарашықәсқәа раан, ақалақь Ростов аус иуан еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны.
Ԥхынҷкәын 1970 ш. азы дааит Аԥсныҟа, дагьалагеит аусура ақыҭанхамҩа афинансқәеи акредитқәеи рыҭаразы аҟәша аинспекторс, нас ақалақьтә Банк аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс.
1976 ш. рзы Аԥсны обком абиуро аԥшьгарала, Азареҭ Алықьса-иԥа далхын Аԥсны «Абсоиуз» аилазаара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс, афинанс-економикатә зҵаарақәеи аргылареи рзы.
1985 ш. далгеит латәарада Бақәатәи Иреиҳаӡоу апартиатә школ.

1986 ш. рзы Аԥсны обком абиуро излаӡбаз ала, Аҟәатәи афизика-техникатә институт ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан ахәҳаахәҭра аганахьала, насгьы ОРС аиҳабыс.
Аԥснытәи аобком абжьгарала ԥхынҷкәынымза 1988 ш. рзы далхын Аԥснытәи аобком ахәҳаахәҭцәеи акооперациеи русзуцәа рзанааҭеидгыла ахантәаҩыс.
Қырҭтәыла апрезидент Гамсахурдиа З.К. аҳәамҭа аныҟаиҵа, Аԥсни, Ачареи, Аахыҵ-Уаԥстәылеи равтоном­­тә еиҿкаарақәа рзинқәа рымхзааит ҳәа, насгьы Қырҭтәыла ақырҭқәа рзы мацара ҳәа ааԥхьара анцәырҵ, Азареҭ Алықьса-иԥа ибзоурала, рашәарамза 1990 ш. рзы раԥхьатәны Аԥсни Қырҭтәылеи р-Совпроф аҭоурых аҟны иара дызхагылаз анаплакқәа еидызкылоз, азанааҭеидгылақәа робком аконференциаҟны ахьӡ амхны Аԥснытәи ихьыԥшым ахәҳахәҭцәеи акооперациеи русзуцәеи рзанааҭеидгыла аилак ҳәа иҟаҵан.
Цәыббра 28, 1990 ш. рзы далхын делегатс Москва имҩаԥысуаз азанааҭеидгылақәа реизара ду ашҟа, уа дагьықәгылеит Аԥсны усҟантәи аамҭазы имҩаԥысуаз аусқәа ирызкны.
Жьҭаарамза 27, 1990 ш. азы Азареҭ Алықьса-иԥеи, Аԥснытәи АССР Совпроф амаӡаныҟәгаҩ Цыгәба Виачеслав Михаил-иԥеи алахәын Москва, Кремльтәи ахан аҟны имҩаԥысуаз СССР азанааҭеидгылақәа XIX реизара ду.
Лаҵарамза 16, 1991 ш. рзы СССР ахәҳаахәҭцәа рсовет апленум аҟны ирыдыркылеит ақәҵара, Аԥснытәи ихьыԥшым ахәҳахәҭцәа рзанааҭеидгыла дара рхеидкыла, СВФПТ захьӡу иалазарц. Уи ахеилак иаларҵеит: Нарманиа В.Х., Чичетина И.А., Каҷарава А.А., Хәытаба В.М. Аиба А.А. далаҵан ари ахеилак апрезидиум.

Аиба А.А. СВФПТ апрезидиум дызлалаз ала, ихы рылаирхәуан имҩаԥыргоз анҭыҵтәи аиқәшәарақәа. Убас, 1991 ш. анҵәамҭазы дыҟан Ареспублика Кыргызсҭан ақалақь Бишкек, аӡиа Иссыу-Куль ахықәан имҩаԥгаз аиқәшәараҿы, 1992ш. рзы – Ареспублика Крым, Украина.
Асовет ҳәынҭқарра ахьынӡаҟаз, 1990 ш. рзы ақалақь Қарҭ актәи ашьақәырӷәӷәаратә еизараҟны иқәгылараан, Аиба А.А. ирылаиҳәахьан, иага ақырҭқәа аршанхазаргьы, шьапкыдҟьарала рыбжьы дыргазаргьы, иара дызхагылаз Аԥснытәи азанааҭеидгылақәа, ахәҳаахәҭцәа рганахьала, Қырҭтәыла иалҵны, хазы ихьыԥшымны асоветтә занааҭеидгылақәа рышҟа ишадлауа ала. Насгьы, убра инаҵшьны иазгәаҭан, аринахысгьы Аԥсынтәылеи, Қырҭтәылеи рзанааҭеидгылақәа реизыҟазаашьа еиҟараны еиқәыршәоу ала ишышьақәыргылахауа азы.
Абри аҩыза аҳәамҭа иадгылаз 35-ҩык Аԥсны ахаҭарнакцәа рҟынтәи, аӡәы зыҵәык иоуп – Гагратәи араион ахәҳаахәҭцәа рзанааҭеидгыла аиҳабы Хәытаба В.М.
Лаҵарамза 20, 1994 ш. рзы, аҩбатәи аизара ду аҟны Аиба А.А. далхын Аԥсны ихьыԥшым азанааҭеидгылақәа р-Совет ахантәаҩыс.
Аԥсны жәлар рпартиа 5-ҩык аиҿкааҩца дызларуаӡәкыз ҳасаб азуны, 1991 ш. рзы далхын Аҟәатәи ақалақьтә политсовет ахантәаҩыс

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз 1992-93 ш. рзы, Аҟәатәи, Гагратәи, Гәылрыԥшьтәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи араионқәа аӷа импыҵахаланы ианыҟаз, иӡбан афронт иахәарц, аибашьцәа ргәы арӷәӷәарц, Аԥсны жәлар рпартиа еиҭакзарц Аԥсны жәлар рпартиа аполитсовет ҳәа ахьӡ аҭаны.
Уи аамҭазы, ари апартиа аиҳабы Марыхәба И.Р. Аԥсны Ахада Арӡынбла В.Г. идҵала Нхыҵ-Кавказҟа дыҟан, адгылара усқәа реиҿкааразы. Аамҭала дааит иара, Гәдоуҭатәи араиком ахыбраҿы имҩаԥысуаз аизараҟны Жәлар рпартиаҿ аԥсахрақәа рымҩаԥысраан, нас дгьежьит Нхыҵ-Кавказҟа иусқәа рынагӡара ацҵаразы.
Жәабран мза 1993 ш. рзы Гәдоуҭа, Жәлар рпартиа аҟны аԥсахрақәа анымҩаԥырга ашьҭахь, Аиба А.А. апартиа аполитсовет ахантәаҩыс далхын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз 1992-93 ш. рзы аҳәаа зыхьчоз ргәыԥ далан. Ихы алаирхәит Бамбора аҳаблаҿы аҳаирпланқәа ргәарҭа аргылар. Уи ашьҭахь далхын, Аԥсны арбџьартә мчқәа, арезерв полк иаҵанакуаз авзвод аиҳабыс. Уи авзвод еиуеиԥшым адҵақәа нанагӡон, афронт ашҟа абџьари, аџьаԥҳани рзышьҭра уҳәа убас егьырҭгьы.
Ԥхынгәы 20,1993 ш. рзы, ақыҭа Лыхны аҭоурыхтә аҳҭынрашҭаҟны Аԥсны Жәлар Реизара ду мҩаԥгаҩыс дыҟан. Аԥсны Жәлар рфорум «Аидгылара» аиҿкааҩцәа дреиуан.
1988 ш. рзы далахәын Аԥсны Жәлар рфорум «Аидгылара» аиҿкааратә еизара ду. Жәабранмза 1990 ш. рзы «Аидгылара» актәи аҩбатәи аизара ду аделегатс дыҟан. Иара убас делегатс дыҟан Жәларбжьаратәи Аԥсу­­а-абаза жәлар рконгресс аҟны 1993 ш. рзы.
Лаҵарамза 20, 1994 ш. раахыс, иахьа уажәраанӡа, шьҭа фынтә, ес-хәшықәса далырхуа, Аԥсны Ихьыԥшым азанааҭеидгылақәа рфедерациа хантәаҩыс дыҟоуп.
1994 ш. рзы ақалақь Нальчик имҩаԥысуаз аизара ду аҟны, Ҟабаррда-Балкариа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩи, азанааҭеидгылақәа рактиви, насгьы уа иҟаз Аԥсны ахаҭарнак Арӡынба В.В. алархәны, Аԥсны азанааҭеидгылақәа р-Совет зегьы ираҟараны ирыдыркылт Кавказ азанааҭеидгылақәа рассоциациа ашҟа.

Аиба А.А. ари анагӡаратә комитет далаҵан уи аамҭазы. 1994 ш. инадыркны, иара ибзоурала 30 еиқәшаҳаҭра рыбжьаҵан Аԥснытәи азанааҭеидгылақәеи Урыстәыла иалоу аобластқәеи, атәылаҿацәқәеи ирыҵанакуа, Нхыҵ-Кавказгьы налаҵаны, рзанааҭеидгылақәеи рыбжьара, Ареспублика Белорусгьы налаҵаны.
Акыр шықәса лҵшәа бзиала иусуреи, азанааҭеидгылақәеи афинанстә усбарҭақәеи уахь иналаҵаны, ауаажәларра-политика ԥсҭазаара ихы алархәра ҳасаб азуны, Аԥсны аҩбатәи Ахада Багаԥшь С.В. иқәҵара инамаданы, Аиба А.А. ианашьан «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара.
Дҭаацәароуп: Иԥшәма Ҷедиа-ԥҳа Еҭерии иареи ирыхшеит ҩыџьа аԥацәеи ҭыԥҳаки. Ирымоуп жәаҩа-ҩык амаҭацәа. Хҩык имаҭацәа студентцәоуп. Иԥа аиҳабы Алхас, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп. Аҟәа ахақәиҭтәраан «аԥсра иаҵәымшәоз» ргәыԥ далан. 2017 ш. рзы ианашьоуп «Леон иорден».
Иԥа аиҵбы Алиас, Кәыдрытәи аиҩха аҭарцәыҩцәа дрылахәын. Ианашьоуп «Кәыдры аҭарцәразы» амедал.
Иаб Аиба Алықьса Константин-иԥа далахәын Аџьынџьтәылатә еибашьра ду 1941-45 ш.ш. рзы., ианашьоуп «Кавказ ахьчаразы» амедал.
Ҭ. Делба,
Аԥсны Ихьыԥшым азанааҭеидгылақәа
Рфедерациа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me