Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Акультуратә хәышҭаара арҭбаараз

Аԥсны акультуратә хәышҭаарақәа ирхадароу И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы есышықәса имҩаԥысуеит «абиблиоҵхы» зыхьӡу акультуратә усмҩаԥгатә. Уи хацыркын 2017 шықәсазы.
Ари аусмҩаԥгатә ашҟа иааиуеит Аԥсны ахи-аҵыхәеи зегьы рҟнытә ашколхәыҷқәа, астудентцәа, арҿиаратә гәыԥқәа.


Ҽаамҭанык еиԥшымызт сынтәа «абиблиоҵхы». Уи мҩаԥысуан Амилаҭтә библиотека ахыбраҿы. Еихагылацыԥхьаӡа еиҿкаан аиԥыларақәа. Актәи аихагылаҿы «букроссинг» – ашәҟәы аимдара, иара убас аԥсуа поезиа иазкыз авикторина. Уи иалахәын Аҟәа ақалақь ашколқәа ԥшьба. Аҵаҩцәа разыҟаҵара, рдыррақәа аадырԥшуан. Аҩбатәи аихагылаҿы ашколхәыҷқәа еиҿыркааит аконцерттә программа, иқәгылеит акәашаратә коллективқәа.
Иалкаатәуп «Абиблиоҵхы» аным­ҩаԥ­ысуаз абри аихагылаҿы ишылԥылаз апоет, аиҭагаҩ, алитературатә критик, «Золотое перо России» апремиа алауреат, А.Сахаров ипремиа занашьоу Даӷьсҭантәи апоетесса Миасаҭ Муслимова. Уи аиԥылара еиҿикааит Владимир Занҭариа. Асас дахь лԥыларахь иааит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, арҿиара знапы алаку аҿар.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны ашә­ҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, ашәҟәыҩҩцәа Даур Наҷҟьебиа, Анатоли Лагәлаа, Енвер Ажьиба, Заира Ҭҳаиҵыкә, Гәында Сақаниа, Гәында Кәыҵниа уҳәа аӡәырҩы.
Апоет, аиҭагаҩ Миасаҭ Муслимова илызкны ажәахә ҟаиҵеит Владимир Занҭариа, нас ажәа лыман асас.
«Абиблиоҵхы» сынтәа аҽа мҩаԥысшьак аман. Ари акциа иалахәыз аҿар, ахәыҷӡақәа, ахәыҷ баҳчақәа ирыҵаркуа инадыркны иаадырԥшуан рбаҩхатәра, рдыррақәа. Исҭахуп иалыскаарц ахәыҷ́баҳча «Алашара» ааӡамҭацәа, ааӡаҩцәа Анна Амҷбеи, Саида Бжьаниаԥҳаи еиҿыркааз аусмҩаԥгатә. Уи Д.Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкын, даара агәыӷра унаҭоит урҭ ахәыҷӡақәа рдырра. Иаԥхьон Дырмит ду иажәеинраалақәа, инарыгӡон иажәақәа ирылхыз ашәақәа.
Абиблиоҵхы иацҵан ахԥатәи аихагылаҿы имҩаԥысуаз апоезиатә еиԥыларала. Араҟа еизаз аҿар, апоезиа абзиабаҩцәа рҿаԥхьа рхатәы жәеинраалақәа ирыԥхьон апоет Дырмит Габелиеи Ахра Харчлааи. Уи инаҷыдангьы идырбан афильмқәа «Чагьамтәи Сандра», «Чик ихәыҷра». Иара убас еихагылацыԥхьаӡа еиҿкаан ашәҟәқәа рцәыргақәҵақәа.
Акциа «Абиблиоҵхы» ахыркәша­мҭаз доусы, агәаҳәара змаз зегьы ирылшон рхатәы жәеинраала, мамзаргьы ҳаклассикцәа рҩымҭақәа рыԥхьара.
Аха еснагь еиԥш аԥыжә́ара агеит ашәа, абиблиоҵхы хыркәшан ашәаҳәареи акәашареи рынагӡарала.
Абиблиотека анапхгаҩы Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, «Абиблиоҵхы» захьӡу акультура-рккаратә акциа, абиблиотека аԥхьаҩцәа. ашәҟәы абзиабаҩцәа радыԥхьалара, рхыԥхьаӡара аизырҳара иауасхыруп.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me