Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳшьа иалоу аҽыбӷаҟазара

Аԥсуаа рҽыбӷаҟазара амилаҭтә культура иахәҭакуп. Дыҷкәына, дыӡӷаб, ианыхәыҷу инаркны аҽықәтәашьа ддырҵон. Уи агәымшәара, аилҟьара, аԥстәы ахь абзиабара, уҳәа ацәаҩа бзиақәа ауаҩы иланааӡоит ҳәаиԥхьаӡаны. Аԥсуа иҽы еснагь дахӡыӡаауан, Аҽабӷаҟазара иахылҿиааит амилаҭтә хәмаррақәагьы.

Урҭ рахьынтә иахьанӡа иааз иреиоуп ҽыла ампыл асра, ҽыла аҵәеигәыдҵара, аҳәаҟьара, ԥсуаҵас аҽырхәмарра. Арҭ ахкқәа рыла ишьақәгылоуп атәылаҿы имҩаԥысуа аҽтәы спорт азы ачемпионатқәа. Есышықәса ақыҭақәа рҟынтә акомандақәа еиндаҭлоит аԥхьахә агаразы.
Мчыбжьык аанхеит Дәрыԥшь имҩаԥысран иҟоу Гәдоуҭа араионтә ачемпионат аҟынӡа. Аҽазыҟаҵарақәа иршыкьымҭоуп. Ҟәланырхәатәи акоманда хышықәса инеиԥынкыланы ари ачемпионат аҿы аиааира агоит. Ҵыԥх Риҵатәи акоманда ахьӡала Аԥсны иачемпионхеит. Уи адагьы, 2020-тәи ашықәс азы Москватәи аипподром аҿы аурыс хәаԥшцәа иддырбеит аԥсуа милаҭтә ҽырхәмаррақәа.
Ҟәланырхәа иалҵит аҽыбӷаҟазартә спорт аҿы зыхьӡ еицырдыруа маҷҩымкәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Џьубеи Аҩӡба. Иара жәларбжьаратәи акласс змоу аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ имоуп. Аус иуеит Урыстәыла, иԥышәа еизирҳауан Америка, Дубаи.
Ҟәланырхәатәи аҽтәы команда еиҿкаан аибашьра ашьҭахь, игәалаиршәоит иахьа аҽыҩҷкәынцәа азыҟазҵо, аҽыбӷаҟаза Гәырам Надариа.
«Ҳахьҽазыҟаҳҵоз аҭыԥ азалхны, адәы рыцқьаны, аҽырҩырҭа ҳнапала иҟаҳҵеит, аамҭаказы аипподромгьы ара иҟан, насоуп Дәрыԥшьҟа ианиарга. Аҽҭра ажәытә колнхаратә ферма ахыбраҿы еиҿаҳкааит. Аибашьра ашьҭахь ҩ-абиԥарак акоманда алахәылацәа еиҵаҳааӡахьеит. Иахьа жәеиза ҽы ҳамоуп. Дара зегьы шьацқьоуп ирылоу. Аҽҵысқәа ҩба ҳааӡоит. Аҽқәа рбара цәгьоуп, аха акоманда ацхыраара арҭоит ақыҭа иалҵыз анаплакҩцәа», - еиҭеиҳәоит Гәырам.
Гәырам асовет аамҭазы Гәдоуҭатәи акоманда даланы Қырҭтәыла ачемпионат аҿы дыхәмаруан. 45 шықәса аҽтәы спорт иазикит. 18 шықәса ихыҵуан раԥхьатәи ачемпионат аҿы данцәырҵ. Иахьа иқыҭа гәакьа акоманда дахылаԥшуеит. Иахьыхәмарлак аԥхьахә рымгакәа иаауам.
«Қыҭацыԥхьаӡа иҟазароуп акомандақәа. Аҽыбӷаҟазара ааӡагоуп. Аҽахьы абзиабара, уи иацу аҵас аԥсуаа ҳшьа иалоуп», - иҳәоит Гәырам Надариа.
Ииашаҵәҟьаны, аԥсуаа ҳҿы ахәыҷы ԥшьба-хәба шықәса анихыҵуаз инаркны аҽы дақәыртәаны ашҭаҿы ддырныҟәон, аҽыбӷаҟазара иларааӡон. Аиҳабацәа ирҿырԥшны аҽқәа дырхәмаруан. Атәылаҿацәҭҵааҩы Симон Басариа ианҵамҭақәа рҿы иҩлоит: «ааба-жәа шықәса зхыҵуаз ахәыҷқәа аҽырыҩрақәа рҿы ихәмаруан. Аарла адгьыл аҿы иубарҭаз, аԥшатлакә иаҩызаз аҽқәа иахьрықәтәоз џьашьатәуп» ҳәа.

Жәаҩа-жәиԥшь шықәса зхыҵуаз арԥарцәа ракәзар, ҽыла хара ирышьҭуан. Аԥсныҟа иаахьаз аурыс аруаҩ Лазар Серебриаков иҩуан, иара дызлахәыз аныҟәарақәа рҿы дышрылаз жәиԥшь шықәса зхыҵуаз аҷкәын, акала аиҳабацәа ирыҵамхакәа ҽыла акаҵәарақәа ирхыҵуаз.
Иҳәатәуп, аҷкәынцәа рыдагьы аӡӷабцәа аҽықәтәашьа шыддырҵоз ишыхәыҷыз инаркны. Константин Маҷавариани иҩуеит: Аԥсны лассы-лассы уахынла дубар алшоит акәымжәы лышәҵаны аҽы иақәтәоу аҭыԥҳа. Лара илыцнеиуеит гәыԥҩык арԥарцәа. Аҳәса рзы ҷыдала иҟарҵон акәадырқәа. Рҟамчгьы ахацәа иркыз иреиԥшымызт. Уи еиҳа иҵаӷан, иласын, ирҩычан.
Ҟәланырхәаа ҳанырҭаз аҽны ԥсшьарамшын. Аҽырҩырҭа адәаҿы ирацәан ахәыҷқәа. Дара зегьы рыблақәа цырцыруа акоманда алахәылацәа рышҽазыҟарҵо иазыԥшуан.
«Арахь еснагь ахәыҷқәа ааиуеит. Урҭ аҽқәа ирықәҳартәоит, ирышьцылартә иҟаҳҵоит. Аҽааӡашьа ахәыҷқәа идумырбар, иӡуеит», - иҳәоит Гәырам Надариа.
Ҟәланырхәа аус анаҳуаз, акоманда даланы иҽазыҟаиҵон аа-батәи акласс аҿы итәаз арԥыс Асҭан Гочуа. Иара иаби иабдуи аҽтәы спорт иазҟазоуп, уи шьҭрала иааргоит. Убысоуп ақыҭаҿы ахәыҷқәа аҽтәы спорт ишадрыԥхьалоугьы. Аха, акомандахь анеира ус имариам. Аҽазыҟаҵарақәа хԥа-ԥшьба шықәса анырцәагогьы ыҟоуп. Аҽтәы спорт даара ишәарҭоуп. Амашәыр ацуп, ԥышәада уахь анеира ҟалашьа змам усуп.
Саид Смыр иаб Иура - дҽыбӷ­аҟазан, ақыҭа азы дыхәмаруан, ачемпионатқәа дрылахәын. Иахьа уи иус иациҵоит Саид ихаҭа. Иара дшыхәыҷыз инаркны аҽқәа дрыдҳәалоуп, бзиа ибоит. Аҽыбӷаҟазара аханатә иқәҿиомызт. Аха, уус бзиа ианубо, зегь акоуп, унапаҿы иааумгар ауӡом, иҳәеит Саид ҳаиҿцәажәараҿы.

«Саб, иага иамуазаргьы, уаҟәыҵ, уи уара иутәым ҳәа саиҳәомызт. Дсацәҳауан, аха сгәы ахиршәаӡомызт. Ари аус аҿы угәы каумыжьроуп. Аҽы бзиа иубозароуп, ибзианы уазныҟәазароуп», - еиҭеиҳәоит шьҭа аԥышәа змоу аҽыбӷаҟаза.
Саид иааиԥмырҟьаӡакәа акомандазы дыхәмаруеижьҭеи 4-5 шықәса ҵуеит. Егьыс, 5 шықәса шихыҵуаз аҽы аӷәра ахамҵакәа дақәтәон. Адәы иахьықәыз дцаны аԥырцәқәа кны дҽыжәлон.
Саид Смыр аҵиаахьчаратә маҵзураҿгьы аус иуеит, аҳәааҿы дгылоуп. Аспорти аусуреи реидбалара цәгьоуп, иҳәоит иара. Аусураҿы асааҭ жәба рзы дыҟазароуп. Аха, уи аԥхьа, ашьыжь асааҭ хәба рзы, иҽҭрахьы дааны, иҽы дахәаԥшны, нас аҩны иҽааиҭакны аусура дцоит. Аус ицызуа еилыркаауеит дызҿу аус аҵакы, убри аҟнытә идгылоит, гәыбӷан ирҭом. Аҽырыҩрақәа мызкы шрыгу ԥсшьара дцоит, аицлабрақәа ишахәҭоу иҽырзыҟаиҵарцаз.
«Ҟәланырхәа акоманда ианакәзаалак аиааира агоит аицлабрақәа рҿы. Аҵәи ампыли рҿы иӷәӷәоуп. Урҭ уреиԥшымхар залшом», - дцәажәоит Саид.
Арԥыс уажәы дзықәтәоу аҽы Ескадра - ҽы џьбароуп, аха ауаҩы инаалоит. Саид сынтәа иааихәеит. Аԥхьа акыраамҭа еинааломызт, изыӡырҩуамызт, аха уажәы еизааибагеит, дақәгәыӷуеит. «Алеишәа цәгьоушәа ахы унарбоит, аха агәы разуп», - иҳәоит Саид иҽи иареи ирымоу абзиабара иблақәа ирхубаалауа. «Ескадра» сынтәа раԥхьаӡа акәны аҽыхәмаррақәа ирылахәуп.

«Ицәгьоуп, иҟанаҵо уздырӡом. Иага аҽы уақәгәыӷуазаргьы, имыхәмарыц адәаҿы ахы шымҩаԥнаго уздырӡом. Ажәлар, амузыка, ари зегьы макьана иаздырӡом. Иҟанаҵо Дәрыԥшь ашҭаҿы иаабоит», - иҳәеит Саид иҽы алахь инапы аахьшьуа.
Уаанӡа Саид имаз аҽи иареи ԥшьышықәса еицыхәмаруан, аха рымҩақәа еицәыхҟьеит. Аҽыуаҩи иҽи еинаалозароуп, урҭ аизыӡырҩра анрымам, еидыгатәуп. Саид «Ескадра» аԥхьа имаз аҽы иҭиир акәхеит. Иахьа уи Аҷандараа рзы ихәмаруеит.
Дарбанзаалак ҽыуаҩк иеиԥш, Саид ишьыжьгьы алагоит аҽҭраҿы. Дшааилак аҽы ахәы афазар гәеиҭоит, ус анакәха уи агәы бзиоуп. Анаҩс аҭыԥгьы, иара аҽы ахаҭагьы дрыцқьоит. Нас иҭганы сааҭк-ҩсааҭк «аус аруны» акәадыр ақәхны, аԥхӡы иалҵыз зегьы уӡәӡәоит. Нас еиҭа иаарныҟәаны, аԥсы аршьаны, ахәы аҭаны, иҭаукуеит. Аҽы ашьақар, акәҭаӷь, ацха, зегьы иааилаҵаны иарҭоит. Еиҭа бзиа иабоит аҵәеи аҷыхи. Шьыжьымҭан, хԥаҟа сааҭ аамҭа уцәагоит, нас шьыбжьон еиҭа акраҿаҵатәуп. Хәылбыҽхан ҩаԥхьа иҭыргоит. Аҽы ҽнак ахь хынтә акраҿарҵоит, аха уажәы ҩынтә, аицлабрақәа раԥхьа аформа ацәымӡырцаз. Аҽы есыҽны ианаамҭоу ишахәҭоу аус арутәуп, аспорт иалоу аӡә еиԥш.
Ахәмаррақәа рахь инарго аҽы хышықәса еиҵамзароуп. «Ескадра» ԥшьышықәса ахыҵуеит. Зегь реиҳа зықәрахь инеихьоу Ҟәланырхәаа рҽы 18 шықәса ахыҵуеит. Агәыԥ аҿы иҟоуп ахатә ԥҟарақәа, урҭ урықәшаҳаҭымзаргьы, урықәныҟәалароуп. Ус еиԥш, зегь реиҳа ихадараны ирымоу –аҽыуаҩ инаало аҽы дақәдыртәоит, уи иара итәымзаргьы ҟалоит. Араҟа аус злоу атандем ауп.
Саиди сареи ҳахьынӡеицәажәоз, «Ескадра» даара игәыбзыӷуа ахы сыднашьылон, уи аамҭазы сыҭнаҵаауазу исахәмаруазу атәы аҳәара уадаҩуп, аха, ишакәхалак, иаргьы саргьы ҳаибадырра сеигәырӷьеит.
Ҽыла ампыл асраҿы Џьамал Ҳалуашь еиӷьу дыҟаӡам рҳәоит иҩызцәа. Иҳәатәуп, аҽырхәмаррақәа - ҽыла аҵәеигәыдҵара, аҳәаҟьара, ԥсуаҵыс аҽырхәмарра рахьынтә, ҽыла ампыл асра зегьы реиҳа ишәарҭоу хәмарроуп. Џьамал 44 шықәса ихыҵуеит. Ҵыԥх Аԥсны ачемпионат аҿы 14 мпыл рахьынтә 12 иара иҭаиршәит. «Уи зыбзоуроу акоманда зегьы рыхәмарра ауп», - иҳәоит Џьамал еихьӡарақәа ртәы аиҭаҳәара мап ацәкуа. Џьамал аԥышәа змоу ҽыбӷаҟазоуп. Жә-шықәса зхыҵуа иҽы «Валенсиеи» иареи ф-чемпионатк ирылахәхахьеит. Дара убысҟак еишьцылахьеит, ажәада еилибакаауеит.
Ақыҭаҿы иахьагьы аӡбахә рҳәоит 30 шықәса аспорт иазааԥсаз аҽы. Уи Павел Цәышәба иҽоуп. Аԥшәма иԥсҭазаара далҵхьеит, аха уи иԥа Даур аҽы пату ақәҵаны ибоит.
Ҟәланырхәаа аҽыбӷаҟазара абиԥарала еимдо иааргоит. Ахәыҷқәагьы адуцәа ирҿырԥшны уи аус ргәы азыбылуеит. Аҽааӡареи аҽықәтәареи ахь ирымоу абзиабара еихарҳауеит.

Альбина Жьиба    

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me