Валери Амаршьан 1961 ш. Очамчыра араион Џьгьардатәи абжьаратәи ашкол даналга аррамаҵура ашҟа иҧхьеит. Маха-шьахала иҕәҕәаз ақыҭа ҷкәын, ишырҳәо еиҧш, игәи-ишьамхи еибагон. Ҧшьышықәса амшын аҵа иӡсо аҕбаҿы аррамаҵура ихигон. Иҿырҧшыгаз аруаҩны иҟазаара иабзоураны акырынтә аџьшьарақәа иоухьан, зныкымкәа ирҽхәаҧхьыӡ зҳәоз ашәҟәқәа иҩныҟа, иҭаацәа ирзаарышьҭхьан иаҧсаз аҵеи Аҧсадгьыл дахьазырааӡаз азы. Усҟан Иреиҳаӡоу Асовет Аусҧҟа инақәыршәаны «Аиааира ҩеижәа шықәса» иазкыз амедалгьы ианашьан астаршина ичын змаз амшынуаҩ. Иуалҧшьа ихганы Аҧсныҟа даныхынҳә аамҭазы иашьеиҳаб, еицырдыруа шәҟәыҩҩхараны иҟаз Витали Амаршьан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») аредакциаҿы аус иуан. Валери иакәзаргьы лассы-лассы уахь дымҩахыҵуан, иидыруаз-дыздыруаз ыҟан.
Хара имгакәа дҭалеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала. Аамҭакала амилаҭтә газеҭ аредакциаҿы ҭыжьҩыс аусура далагоит.
Валери изы хәышықәса еимгеимцарак еиҧшны иниасит. Қәҿиарала аинститут даналгагьы аредакциа аанимыжьит, избан акәзар аколлектив дрышьцылахьан, насгьы амилаҭтә кьыҧхь агәыблра шьҭикаахьан, аинтеллигенциа дырзааигәахахьан.
Ауаҩытәыҩса иҧсҭазаара қәыҧсычҳарак иаҩызоуп, ҳазшаз иҟнытә иузыҧҵәоу иалагӡаны иулшаз, узыхьӡаз ауп иаанхо, ухаҭагьы ушнеишнеиуа гәадурас иумазаауа. Абасала, Валери аԥсуа газеҭ аредакциаҿы ихигаз ашықәсқәа дрызгәдууп.
Валери иаб 29 шықәсазаҵәык роуп иниҵыз, изцәырҵыз ачымазара иахҟьаны иҧсҭазаара ҿахҵәеит. Аха, иан Налиа Константин-иҧҳа лхәыҷқәа аибара дмырбакәа илааӡеит, ршьапы иқәлыргылеит, иаҧсаны рыуаажәлар ирылалыргылеит. Лхаҭа арҵаҩы изанааҭ ала Џьгьардатәи ашкол аҟны ҩынҩеижәа шықәса инареиҳаны аус луит, лааҧсара азгәаҭаны ареспублика зҽаҧсазтәыз арҵаҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵан.
Традицианы ишышьақәгылахьаз еиҧш, аредакциаҿы аҧышәа бзиа змаз ажурналистцәа аус руан, Валери урҭ ирҿиҵаауаз рацәан. Аусура даара аҭакҧхықәра ацын, аха уи агәырҵҟәыл бзиа шимаз иҩызцәа еиҳабацәа реиԥш, анапхгарагьы еицгәарҭахьан. Аҧсуаҵас иааӡаз аҷкәын қәрала иеиҳабацәаз рнаалашьа дақәшәон. Абарҭқәа ҳасаб рзуны, 1973 ш. корреспондентс диаргоит. Агазеҭ иааиҧмырҟьаӡакәа иаҭахыз аинформациақәа рыдагьы, иаарласны егьырҭ ажанрқәагьы дрызхьаҧшуа далагеит. Азарисовкақәа, астатиақәа, аочеркқәа ицааиуан, ибызшәа цқьан, ихатәы бызшәа ахархәашьа даманшәалан.
Валери уаанӡеиҧш, аррамаҵура анихигозгьы аспорт хкқәа – ашьапылампыли амҵәышәмпыли рыхәмарраан иқәҿион, акомандақәа дрылахәны акырынтә дықәгылахьан. Аспорт еснагь дазҿлымҳан, бзиа ибон. Аспорт иазкыз икьыҧхьымҭақәагьы лассы-лассы агазеҭ адаҟьақәа рҟны ицәырҵуан. Еицырдыруаз аспортсменцәа, азыҟаҵаҩцәа, ахәмарҩцәа аӡәырҩы ирзикхьан икьыԥхьымҭақәа. Ҿырҧшыс иаагозар, Аҧсны ииз, иааӡаз, СССР аспорт азҟаза, иаамҭамкәа машәырла зыҧсҭазаара ҿахҵәаз Витали Дарсалиа Аҟәаҟа данаауаз аамҭақәа руак аан аредакциахь дааҧхьаны, иҧылара шеиҿикааз акьыҧхь ианыҧшит, иахьагьы аӡәырҩы иргәалашәоит. Ашьапылампыласҩцәа реиҧш, еицырдыруаз азыҟаҵаҩ Ниаз Ӡаҧшь-иҧа уҳәа дрыҿцәажәахьан, еиуеиҧшым азанааҭқәа змаз, иаҧсаз ауаа ирызкны агазеҭ ианиҵон.
Валери Амаршьан дырхаануп, аус рыциуан аҧсуа журналистика акыр иазааҧсахьаз, адырреи аҧышәа бзиеи змаз аиҳабыратә абиҧара рахьтә аӡәырҩы, урҭ иреиуоуп: аредакторцәа Николаи Киут, Сергеи Кәыҵниа, Борис Ҭыжәба, ажурналистцәа нагақәа Сандра Сангәлиа, Алеқсандр Ҭариа, Кьыҵа Ачба, Золотинск Гәлариа, Алеқсандр Хәаҭланӡиа, урҭ қәрала ирышьҭанеиуаз Гьаргь Жанаа, Владимир Чуаз, Хәыта Џьапуа, Гьаргь Нарасқәуа, Шьаликәа Камкиа уҳәа.
Асовет аамҭазы мчыбжьык хәынтә иҭыҵуаз агазеҭ акьыҧхь азырхиара ус имариамызт, еиҵамырхакәа аҭыжьра еснагь аҭакҧхықәра ацын. Аредакциа анапхгара В. Амаршьан аусура гәыкала иазыҟазаара азгәаҭаны, 1976 ш. аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩс диаргоит. Агазеҭ техникала аиқәыршәараан, иаздырхиоз аматериалқәа зызкыз атема ҳасаб азуны, аҵакы зеиҧшраз ала иахьахәҭаз адаҟьаҿы иргылатәын. Иаарласны Валери агазеҭ аиқәыршәашьа амаӡақәа инапаҿы иааигеит, иусурагьы иациҵон. Аха аспорт иазкыз астатиақәа рыҩра аганахь иаанижьуамызт, аҧхьаҩцәа зызҿлымҳаз ахҭысқәа ирызкны иҩуан, иргәаҧхангьы ирыдыркылон. Аҧышәа зырҳаз ажурналист хара имгакәа аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ имаҵура дахадыргылоит. Гәыкала амилаҭтә газеҭ амаҵ иуан. Аредакциахь усура инеиуаз аиҵбацәа гәцареикуан, иабжьгажәа рыгирхомызт, дымҩақәҵаҩын, иҿырҵаауаз рацәан, иаамсҭашәаразы ҷыдала изыҟан.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, агазеҭ аҭыжьра еиҧҟьеит. Раҧхьатәи амшқәа раан, досу ишилшоз ала Аҟәа аанрыжьуан ажурналистцәагьы. Валери ииулакгьы Аҟәантә иқыҭахь, Џьгьардаҟа дцеит. Уа иҟан зықәрахь инеихьаз иани жә-шықәса зхыҵуаз иҷкәын хәыҷи.
Иаарласны Гәдоуҭа агазеҭ аҭыжьра хацыркын аредактор хада Борис Ҭыжәба инапхгарала. Валери агазеҭ «Аҧсны» арратә корреспондентс дҟалоит. Мрагыларатәи афронт аҟнытә аредакциахь инаишьҭуаз истатиақәа акьыҧхь ианылон.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҳажәлар риааирала ианеилга, агазеҭ «Аҧсны» ҩаҧхьа Аҟәа аҭыҵра иалагеит. Валери иакәзаргьы, иҩызцәа реиҧш, аредакциахь дхынҳәит, бзиа иибоз азанааҭ изаанмыжьит.
Агазеҭ «Аҧсны» аредакциа, иара убас агазеҭ ахьҭрыжьуаз атипографиа аибашьраан ааха ду роуит. Зегьы ҿыцны ишьақәыргылатәхеит. Валери ишицәаҩоу еиҧш, ихы дамеигӡакәа азеиҧш ус аҟны иҩызцәа днарылагылеит.
Аҧсҭазаараҿы еснагь зегьы ауаҩытәыҩса иара ишиҭаху еиҧш имҩасуам, ишырҳәо еиҧш, ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп. Игәакьацәа рахьтә аҧсҭбарақәеи, урҭ ирыцу ахьааи акыр ауадаҩрақәеи дыриааны иуаажәлар дрылагылоуп.
Ҧсабарала илоу аламыси, апатуқәҵареи, аҟазшьа бзиеи, ақьиареи, агәыразреи, аҧсуареи, аҵаси-ақьабзи, аҩызареи рныҟәгара уажәынахысгьы ицзаауеит. Абжьааҧнеиҧш, дреигәырҕьоит амилаҭтә газеҭ амаҵ азызуа аҿар реихьӡарақәа.
Аҧсуа журналистика аҭоурых аҟны злагала ҩашьара ақәым Валери Џьота-иҧа Амаршьан 1980 ш. раахыс СССР-и Аҧсни ржурналистцәа Реидгылақәа дрылоуп. Ламысла иусуразы зныкымкәа СССР ажурналистцәа Реидгыла аҟнытә Аҳаҭыртә шәҟәқәеи аџьшьарақәеи ианаршьахьан. Амилаҭтә кьыҧхь шықәсарацәала амаҵ азызухьоу ажурналист аредакциа анапхгаҩцәа дыруаӡәкны акыр шықәса аредактор ихаҭыҧуаҩси аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩси дыҟан. Валери Амаршьан хынҩеижәа шықәса инареиҳаны имч-илша здиҵаз амилаҭтә газеҭ ламысцқьала дазааҧсеит.
Агазеҭ «Аԥсны» 105 ш. ахыҵра, ажурналистикаҿы еиԥш, ҳтәыла акультуратә ԥсҭазаараҿы хҭыс дуны дахәаԥшуеит. Мшаҽнеиԥш, Валери Џьота-иԥа Амаршьан иҩызцәа дрылагылоуп, амилаҭтә газеҭ «Аԥсны» аиубилеитә ныҳәа далахәуп. Агәабзиареи агәамчи ацны шьардаамҭа иԥсадгьыли ижәлари дрыгымзааит.
Вахтанг АҦҲАЗОУ