Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Наунагӡа уагмыз Аԥсынра!

Зқьышықәсала ҳажәлар ауадаҩрақәа шырхыргозгьы, ирылиаауан ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш аиқәырхара иазыхиаз, уи зыԥсҭазаараз агәымшәақәа, аиҿамсқәа, аԥызацәа. Урҭ роуп изыбзоуроу иахьа иҳамоу ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқаррагьы.
«Ҵәымаӷк-ҽеимаак, ҽеимаак-ҽык, ҽык-фырхаҵак, уи афырхаҵа ижәлар дреиқәырхҩхар алшоит» ҳәа… баша иднамырҳәеит ҳабдуцәагьы ргәы аҟәышра. Ԥшьышықәса шихыҵуаз амҳаџьырра иагаз, аха Ҳазшаз илыԥхала ахынҳәра зқәашьханы, «аҟарма рыҟәных архнышьнақәа, ицәахьаз амца еиқәызҵаз» Гәлиа Иасыф-иԥа Дырмит аԥсуа жәлар рзы илиршаз уаназхәыцлак, иџьаумшьарц залшом. Зымахәҭақәа мшызҳа рҽеиҵырхуа, згәаԥшь ӷәӷәоу аџьҵла ду деиԥшха, есымшааира аҽарҭбаауан иаҳзыԥсеиқәырхагахаз уи ирккаратә усура. Ааи, ҿахәеиҭаҳәаҩ дызмам – бџьарда хьыӡрацара иҭыҵыз иеиԥшми нас…
Ажәа «раԥхьаӡатәи» ҳҭоурых аҿы наӡаӡа изаԥхьагылахаз – аиҭагара аус, аԥсуа газеҭ еиҭаҵуа аԥсуа труппа, Аԥсны аҭоурых, арккара, аҵара аус, аԥсуа ҭҵаарадырратә гәыԥ, ажәеинраала, асахьаркыратә шәҟәы, ажәабжь… ажәакала иарбан усу ҳмилаҭтә доуҳа амҩақәҵаразы инапы злакымыз. Изакәытә мчузеи, ҩнуҵҟатә гәаӷьузеи ауаҩы имазарц ақәнагоу абри аҟара ус реилагӡара илшарц азы?! Иабанӡаҵаулаз уи ихатәы – аԥсуа бызшәеи ижәлар гәакьеи ԥхьаҟатәи рԥеиԥш азы имаз агәрагара?!
Дырмит Гәлиа ихьӡынҩылоу апоезиатә рҿиамҭақәа руак автор, Миха Лакрба ишиҳәаз еиԥш, убысҟан «ицәывҵыҷҷаз» амра ашәахәақәа ируакхеит аԥсуа жәлар рдоуҳа зқьышықәсала еизназгоз аԥышәа, ргәы-рыԥсы аҵанӡа инаӡаны иатҟәартә, жәларык раҳасабала адунеи иацәымӡырц, рыгәҭыхажәа иаахтны аҳәара 105 шықәса раԥхьа иауасхырхаз агазеҭ «Аԥсны».
27 февраль 1919 шықәса рзы иҭыҵыз аԥсуа милаҭтә газеҭ заҵәы «Аԥсны» иаҳхысыз ашәышықәса аҩбатәи ажәашықәса ахыркәшамҭа инаркны, ҳажәлар рыԥсҭазаара иагәылагыланы иаауеит. Абахә амҵан ахаҳә шәыгәра аҽылкәкәааны зхы ыҵызхыз аӡыхь ԥшьа иаҩызаха, уи инарҵауланы ианыԥшуеит, ианхацыркха аахыс мацара акәымкәа, аԥсуаа уи аԥхьаҟатәи рҭоурых мҩаҿгьы ирхыргахьоу зегьы, еиҵагыло абиԥарақәа ран лгәаԥҳәыхш иаланы ршьа иалалаз рбызшәа гәакьа ала ииашаны реилыркаареи, ҩнуҵҟала дара ирхатәны рзааныжьреи иазынархоу ахықәкы лыҵшәала инагӡо. Убри иқәкы хадан азоуп, агазеҭ аҭыҵра дазгәдуны, актәи аномер аԥхьатәи адаҟьаҿы изаниҵаз Дырмит Гәлиа абарҭ ацәаҳәақәа: «Аԥсацәа ражәа иалоуп: «Амш ҽаԥарак аҟара иазҳаит» ҳәа, убас ҳаргьы «ҽаԥарак» аҟара ҳаԥхьаҟа ҳнеихьеит ехьа. Шьҭа, Анцәа иҳәуазар, ҳамыӡыр ҟалап, ари аус ҳхы иаҳзархәар. Шьҭа аԥсацәа, лада шәыҟа, ҩада шәыҟа шәҽеидышәкыл ари «АБЕИРАҞ» аҵаҟа. Ари беираҟыуп ҳара ҳзы».
Абасала, ҳдоуҳатә ҭоурых азы ҵакыла идууӡаз ашьаҿеихгара, акыр згәы ҭахәаҽыз, аҵарадара лашьцара анаҟә зхатәаз ҳажәлар агәыӷра ду рнаҭеит раԥхьаҟатәи рԥеиԥш азы.
Азныказы, дзаҵәын Гәлиа Дырмит. Аха рацәак мҵыкәаны, иеиҵагыло иалагеит, ԥсабарала абаҩхатәра злаз, гәаҳәара ҳаракыла адоуҳа арҿиара зҽазԥызшәоз ҳажәлар рҵеира, анаҩс ҳтәыла анҭыҵгьы зыхьӡ еицырдыруа иҟалаз аԥсуа сахьаркыратә литература аклассикцәа: Самсон Ҷанба, Миха Лакрба, Ӡаӡ Дарсалиа, Иуа Коӷониа, Мушьни Аҳашба уҳәа аӡәырҩы. Аҭышәынтәалара иацәыхаран урҭ арҿиара амҩа иананылозтәи аамҭа. Ашьақәгылара иалагахьан асовет ҳәынҭқарра ҿыц, ҳауаажәлар рзы иԥышәара дууз, аха ажәлар маҷқәа зегь реиԥш, аԥсуаагьы раԥхьаҟазы агәыӷра дуқәа здырҳәалоз.
Ишдыру еиԥш, аҩажәижәабатәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжа инаркны, аԥсуа жәлар рдоуҳатә ԥсымчхара змырӷьацоз, уи аҿиара иаԥышькласуаз амчрақәа маҷмызт, аха асовет ҳәынҭқарра еиднакылоз ажәларқәа зҭагылаз, ирхыргоз зегь зхызгоз агазеҭ «Аԥсны» (усҟантәи «Аԥсны ҟаԥшь») аусзуҩцәа рҽаҵамырхакәа иаҵгәеит урҭ иуадаҩыз аамҭақәа.
Ҳдоуҳатә культура амахәҭақәа зегь реиԥш, аԥсуа газеҭгьы еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауа иалагеит иаҳхысыз ашәышықәса аҽеиҩшамҭа инаркны. Урҭ ашықәсқәеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡеи рыбжьара ҳтәылаҿы есааира зҵаки зымҽхаки зырҭбаауаз, зхатә хаҿра зманы иаарылыҳәҳәо доуҳатә хәышҭаараны иҟалеит. Уи аусзуҩцәа рылахәын ҳажәлар ркультуратә, рполитикатә, рсоциалтә, рҭоурыхтә уҳәа аԥсҭазаара аганқәа зегьы. Ианакәызаалак иҭынчым ари адунеи егьа иҭагәаҭасзаргьы, еилашәа-еилыҵзаргьы, изҿахәҳәаҩу ҳажәлар рыбзазара аҿиара аҽагмыжькәа, аамҭеикәшара аҽацәхьамккәа ԥхьаҟа еихон аанҿасрада. Инеизакны иуҳәозар, ари аамҭахәҭа иҭаӡо ҳажәлар рыԥсҭазаара ганрацәала аарԥшраҿы иалнаршаз шьардоуп.
Агазеҭ «Аԥсны» нанҳәа мза 14, 1992 шықәсазы Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа Аԥсны рымпыҵархаларц ианақәла инаркны 413 мши-ҵхи ицоз ҳџьы­нџьтә еибашьра аан ҳгазеҭ заҵә аҭоурых аҿы иаатит даҽа даҟьа ҿыцк – аибашьра аамҭа. Уи аҽны изаамҭанытәу аномер аҭыжьра иаҿыз аредакциа аусзуҩцәа, згәахәтәахьӡара еиԥҟьаз Аԥсны жәлар зегь реиԥш, џьоукы мрагыларахь, даҽа џьоукы мраҭашәарахь иагеит, аха рыԥсадгьыл ааныжьны иалымҵит.
Ахымш рыҽны инаркны, Жәлар Рԥыза Владислав Арӡынба иажәақәа: «Аԥсуа газеҭ ҭыҵуанаҵы, аԥсуа ҳәынҭқаррагьы ыҟоуп» хықәкыс иҟаҵаны, еиԥҟьарак амҭаӡакәан Гәдоуҭатәи араионтә типографиаҿы иҭыҵуан агазеҭ «Аԥсны» ҳаибашьра иааирала еилгаанӡа. Уи акырӡа алшеит, ахақәиҭратә қәԥара ашәа «Шәнеибац, шәнеибац, аԥсуаа рыҷкәынцәа» иацгылаз ҳажәлар рҵеицәа иаадырԥшыз афырхаҵара ауаажәларра рызнагареи аҭоурых наӡаӡа иадаҟьақәаны реиқәырхареи аус аҿы. Уи аамҭазтәи аномерқәа (70 инарзынаԥшуа) зегь еизакны рҭыжьрагьы хара имгакәа инагӡахап ҳәа ҳгәыӷуеит.
Наџьнатә аахыс ахаҵара злоу зыԥсадгьылаз, аӷа иҿаԥхьа бзанҵык иарбан ҭагылазаашьалак аҟны зхы лазмырҟәыц аԥсуа жәлар сентиабр 30 рзы ҳҳәынҭқарратә бираҟ ҳҳәаақәа инархашәыршәыр, ҳабзазара аганқәа зегь рҟнеиԥш, агазеҭ «Аԥсны» аусзуҩцәагьы жәлар рпоет иажәақәа: «ажәа хысгоуп, имҩақәҵагоуп» гәаагӡаны, аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы, амилаҭ рзы иаҵанакуа, иамчу еилкааны, аҭагылазаашьақәа даара ишыхьанҭазгьы, ишырҳәо еиԥш, ҩ-напыкла аҽеиҿкаара, аҽырҭбаара амҩа ианылеит. Иахьагьы имаҷымкәа ауадаҩрақәа шахнагогьы аҿиара амҩа иануп.
«Ашәарахгьы ԥызада иныҟәом» ҳәа шырҳәо еиԥш, амилаҭтә идеиа рыларҵәара амҩақәҵаразы агазеҭ «Аԥсны» раԥхьатәи аамҭақәа рзы ишеицаадыруа еиԥш редакторс иамаз Дырмит ихаҭа иакәын. Анаҩс, редактор хадацәас иҟаз иреиуоуп иналукааша арҿиаратәи, ауаажәларратәи усзуҩцәа: Самсон Ҷанба, Миха Лакрба, Нестор Ҭаркьыл, Мушьни Аҳашба, Нестор Абжарба, Рушьни Гадлиа, Николаи Киут, Руфет Быҭәба, Сергеи Кәыҵниа, Борис Ҭыжәба, Владимир Қапба, гәабзиарала ақәра ду нызҵаша Енвер Ажьиба. Урҭ зегьы досу изныз аамҭа ирыднаҵоз ҭакԥхықәрала аус руан, рыжәлар рҿахәы рҳәон.
Аӡлагара ӡиасда ишхәарҭам еиԥш, ҳажәлар рзы ишьаҭамырӡгоу, ҳдацԥашә рӷәӷәагас иҟоу ҳбызшәа гәакьала зыбжьы 105 шықәса раахыс иааҩуа аԥсуа милаҭтә газеҭ заҵә ҳажәлар еснагь ирыцзаауеит, избанзар уи дара ирхаҿсахьоуп, ирҿахәҳәагоуп, рҭоурых ауп.
Наунагӡа иагымзааит Аԥсынра! Владислав Арӡынба ишиҳәаз еиԥш, уи ҭыҵуанаҵы аԥсуа ҳәынҭқаррагьы ыҟазаауеит.

Ахра Анқәаб,
агазеҭ «Аԥсны» аредактор хада

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me