Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиубилеи азгәарҭоит

Сынтәа ишдыру еиԥш агазеҭ «Аԥсны» 105-шықәса ахыҵит. Убри инамаданы иахьа, мшаԥы 24 рзы инарҭбаан иазгәарҭоит аиубилеи.

Ари амш аҽны, ашьыжь асааҭ жәаба рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа анышә иахьамадоу  «Ахьӡ-аԥша» апарк аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц уахь инеит ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥснымедиа» анапхгара, агазеҭ «Аԥсны», «Республика Абхазия» русзуаҩцәа. Иара убас аиубилеи азгәаҭара ашҟа ааԥхьара змаз Ҭаҭарсҭанынтә, Ҟарачы-Черқьесынтә, Москвантә, Адыгеиантә уҳәа асасцәа.

Анаҩс иара убасгьы ашәҭқәа шьҭаҵан агазеҭ ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа ибаҟа амҵан. Асасцәа наԥхьан аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, сынтәа 150-шықәса зхыҵра азгәарҭо Дырмит Гәлиа Иҩны-амузеи ашҟа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me