Аҭыжьымҭа ҷыда

Иҭыҵит агазеҭ «Аԥсны»  105-шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә ҭыжьымҭа ҷыда. Уи адаҟьақәа рҟны иаарԥшуп  шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа агазеҭ аҭоурых. Иануп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы агазеҭ напхгара азҭоз аредакторцәа рфотосахьақәа.  Актәи адаҟьаҿы Дырмит Гәлиеи Самсон Ҷанбеи агазеҭ раԥхьатәи аномер ианылаз рыстатиақәа кьыԥхьуп.  

Акыр шықәса инеиԥынкыланы агазеҭ амаҵ азызуаз, иахьагьы уи иазааԥсо аусзуҩцәа  Борис Қаџьиа, Ҭина Аҳашԥҳа, убасгьы атәанчарахьы ииасхьоу, ҳауаажәларра иалагылоу Валера Маршьан, Руслан Қапба, Валера Кәарҷиа уҳәа аӡәырҩы  ирызку  астатиақәа иԥылоит аԥхьаҩ араҟа. Аиубилеитә номер аҟны иаарԥшуп Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭыҵуаз агазеҭ «Аԥсны» аусура аӡбахәгьы, рфото сахьақәа ануп Аиааира зыԥсҭазаара ахҭнызҵаз агазеҭ аусзуҩцәа: Б. Квираиа, Р. Қапба, А. Қапба.

 Стелла Сақаниа-ԥҳа лыстатиа  «Амилаҭтә кьыԥхь  агәыблра анаду» агазеҭ аҟны акыр шықәса инеиԥынкыланы  аус зуз аҳәса ирызкуп.  

Агазеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵра иазку аҭыжьымҭа ҷыда  ханарҭәаауеит 50 шықәса раԥхьа агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа руак аҟны икьыԥхьыз Борис Қаџьиа истатиа «Аамҭа аҟәырҷахақәак егьлафны, егьҵабыргны» ахкьыԥхьлаа.  Аҵыхәтәантәи адаҟьа хыркәшоуп иахьа аредакциаҿы ҿыц аусура иалагаз аҿар ражәа ала.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me