Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ибжьахаз ҭоурыхтә ҭыжьымҭак

Есышықәсеиԥш сынтәагьы, ашықәсҿыцазтәи аԥсшьарамшқәа ҩымчыбжьа инареиҳан. Хәыҷгьы-дугьы асы ҳазыԥшуп, акрааҵуеит иҳамбеижьҭеи, ашьхақәа иҟәашӡа ирықәу ҳнагәыдыԥшылоит, аха иазыгәаӷьуам агаҟа албаара, рфымцалашара, ишеибарку уҳәа «саргьы сацлар» рыԥсҭазаара зсыруадаҩрызеи, ргәамҵра изацысҵарызеи ҳәа ҳрыцҳанашьоушәа харантә иҳалаԥшуеит.

Иахьа ақәа сҭахуп, уаҵәы амра сызкарԥха ҳәа аԥсабара адҵа узаҭом. Уи адунеи ааршазар аахыс ахатә ныҟәашәа амоуп.
Ҽынлан. Убри аамҭаз алашара аԥсы нахшәан, иныҵаба ицеит. Аҵларкәыкә аҵла ианамысуа ахы ахьуеит ҳәа шырҳәо аиԥш, санқәыԥшыз инаркны еизызгоз сышәҟәқәа (аибашьраан рыбжеиҳарак ыӡит) рахь сҿынасхеит. Ҿыгҳарала рацәак идум шәҟәы иаҵәак сылаԥш нақәшәеит. Ианҭыҵыз ашықәс снахәаԥшит – 2004 шықәса. Иҿыцҳаҳараӡа, избоит аҿы шаасмыртыц. Ишсыднагалазгьы сгәалашәом. «Аӡәы исиҭазар» – сгәы сынҭахәыцит. Мап. Иаасхәеит ауп. Абырсҟаамҭа ишԥасцәыбжьахеи? Схы саазаӷьит.

Адаҟьақәа еихыршәшәо сҿынасхеит. Убри аҩыза жәытә ҭыхымҭақәак ануп (аиқәаҵәа-ашкәакәа) усҟан ауаа реилаҳәашьа, рҭеиҭыԥш, аԥсабара, аландшафт рныԥшуа, интересс иҟасҵеит, иалшозар, иалҵуазар, ҳаԥхьаҩцәа идсырбар сҭаххеит. Насгьы усҟан иҟаз аппаратурала дара ҭызхыз ашәҟәы автор иоуп. Афранцыз быз­шәахьтә аурысшәахь еиҭагоуп. Иахьӡуп: «Едвард Мартель. Кавказтәи Ривиера. Урыстәыла аладахьҟеи Аԥсныҟеи аныҟәара». Ианҭыҵыз ашықәс сҳәахьеит. Еиқәиршәеит, аԥхьажәагьы иҩит Денис Чачхалиа, аҭыжьра дацхрааит Заур Ҳалуашь.
Ажәытәӡа аахыс Кавказ, Аԥсны аныҟәаҩцәа, аҵарауаа рыдрыԥхьалон, аҭыԥантәи абшьҭрақәа рҭоурых, рыԥсҭазаашьа, рыхныҟәгашьа, рҵас, рқьабз уҳәа ҭырҵаауан. Хықәкыс имаз ари ашәҟәы автор? Уи дзызҿлымҳаз, дзышьҭаз даҽакын – аҳаԥқәа рыҭҵаара, аботаникатә ҭҵаарадырра знапалакыз аныҟәаҩ, Кавкази Аԥсни рфлора аҭҵааҩы Николаи Альбов аҵиаақәа дышрышьҭаз еиԥш. Иналукааша агеограф, адунеитә спелеологиа аб ҳәа иԥхьаӡоу Едвард Альфред Мартель (1859-1938 ш.) Урыстәыла аиҳабыра рааԥхьарала 1903 шықәсазы Крыми Кавкази Амшынеиқәатәи рҿықә аҟны дыҟан. Амҩан иҟаиҵоз анҵамҭақәа рнылеит ишәҟәы «Лазурный берег России». Исцәыбжьахаз аҭыжьымҭа еиднакылеит убри ашәҟәы ахәҭа дук, иара убас Урыстәыла амшынҿықәаҿтәи адгьылқәа анапаҿы ишаанагоз иалаԥшны избаз, иахҭыгәлаз аҵарауаҩ урҭ дышрыхәаԥшуаз. Аспелеологиа ашьаҭаркҩык иаҳасабала Мартель аартрақәа рацәаны иҟаиҵеит: иара иҭиҵааит адунеи аҟны зегьреиҳа иҵаулоу, уаҩы ишьапы зҭеимыргылацыз, даара ишәарҭаз аҳаԥқәа. Аиқәыршәаҩ излаиҩуала, иара автор ихаҭа Кавказтәи иныҟәара рацәак игәы азҭаны дыҟамызт, избанзар Урыстәылатәи аимпериа аиҳабыра даарыԥхьеит усҟантәи аамҭазы ауаа ахьындырхоз, аиҵыҵра иаҿыз Шәача ақалақь ӡыла аиқәыршәара азҵаара ҭҵааны аҭыԥ ақәҵаразы. Аха зегьы збарц, еилызкаарц зҭахыз аҵарауаҩ Кавказ иагәылибаауаз, илаԥш зыдхалоз аекзотикатә ԥшӡарақәа драҩсны, хырҩ рзуны дзымцеит.

«Абасала, иара идыргалоз атема дацәхьаҵит. Уи даара ишьахәхеит, избанзар абиԥарақәа ирзынижьит агеограф иҭҵаарадырратә наԥшааԥшрақәеи аныҟәаҩ ианҵамҭақәеи рҽахьеиԥыршьыз аинтересс дуҵәҟьа зҵоу ашәҟәы. Аҵарауаҩ илаԥш иҵашәоз зда уԥыхьамшәо аԥсабара абаҟақәа рымацара ракәмызт, иблала ибон зыргылара иаҿыз ақалақь ҿыцқәа, ажәытә баашқәа рхыжәжәарақәа, аԥсадгьыл ҿыц ашьҭыхра иаҿыз ауаа рҟазшьа ҷыдақәа, рҵасқәа», – иҩуеит Денис Чачхалиа.
1907 ш. азы иҭыҵыз Мартель ишәҟәы иуԥыхьамшәо акакәхеит. Иагьџьашьатәым Кавказ еицырдыруа ҳаамҭазтәи аҭҵааҩцәа, Аԥснытәиқәагьы убрахь иналаҵаны, ашәҟәы акәзааит, автор иакәзааит иӡбахә џьаргьы ирҿадыршәӡом. Арахь аныҟәаҩ ианҵамҭақәа кавказҭҵаареи атәылаҿацәҭҵаареи рганахьала аинтерес рыҵоуп.

Урыстәыла аҵыхәтәантәи аимператор иуа-иҭынха А.П.Ольденбургски 1903 ш. азы Гагра акурорт анааиртуаз ашықәс дақәшәеит Мартель. Аспелеолог изы Аԥсны аинтерес зҵаз аҭыԥқәа зегьы дырхысит. Иара иоуп раԥхьаӡа акәны занааҭдырҩык, ҟазак иаҳасабала Мацесҭатәи, Мзымҭатәи, Гәматәи (Аҟәатәи) аҳаԥқәа, Афон Ҿыц Симон Кананит иҳаԥы зеиԥшраз ашәҟәы иҭазҩыз, анҵамҭақәа ҟазҵаз. Аамҭақәа ықәҳа ицон. Иҳаҩсыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуа ҷкәын Гиви Смыр Афонҿыцтәи аҳаԥы ааиртит. Аԥсуа Мартель ҳәа зырзумҳәарызеи ҳҵарауаа – ашьханыҟәаҩцәа, аԥсабараҭҵааҩцәа, аҭыԥхьӡқәа рарбаҩцәа Таҷ Гыцба, Симион Адлеиба, Леуард Барцыц уҳәа урҭ рымҩа иану аҿарацәагьы.
Шаҟа аамҭа цахьоузеи, шаҟа ҳаԥы аадыртхьоузеи, иаҳараӡак Гагра ашьхарԥқәа рҟны. Аха урҭ ԥсуа хьӡык рыхны иҳамбац. Иаазыртыз рыхьӡқәа нарыҭаны, иахьыҟоу, иахьыԥшаау амырбакәа инықәланы ицоит. Аспелеологцәа ирымоуп рхатәы хеидкылақәа, ркаталогқәа. Убарҭ рыла ахьӡ-жьымдырқәа адунеи иакәшоит, иахыҵәоит. Абри аус хык ишықәҵатәу, азакәанԥшра шаҭатәу зныкымкәа далацәажәахьеит Аԥсны аеколог хада Савели Ҷыҭанаа. Ари даҽа темоуп.

Ашәҟәаҿы иаҳԥыло атәылаҿацә аҭоурых иаҵанакуа атәы акәзар, ҳәарас иаҭахузеи, Мартель ихы иаирхәеит иара зԥыхьашәара илшоз аенциклопедиатә материалқәа, усҟантәи аамҭаз иаҳа еицырдыруаз, Кавказ Европатәи аҭҵааҩцәа рышәҟәқәа. Араҟа еиҩдыраатәуп игхоуи иажәхьоуи – аҭҵаарадырреи аҵабырги, – иҩуеит аиқәыршәаҩ.
Анаҩсан, аԥхьаҩ иаазыркьаҿны идаагалоит афранцыз Мартель ишәҟәы аҵыхәтәантәи, ажәаатәи ахы. Уи шеибаку Аԥсны иазкуп. Афотоҭыхымҭақәа реиԥш, атекстгьы даара уаднахалоит, избанзар, анаԥшҩы дхыршәҩуп шырҳәо аиԥш, ҳадгьыли ҳаԥсабареи рыԥшӡара тәым блала дахәаԥшит, ҳара ҳзышьцылахьоу, ҳалацәа аахаҳтыр иаабо, асахьақәа иара изы аартрак иаҩызахеит. Иҳаӡбеит уигьы аԥсышәала иҳарцәажәарц. Абар иаргьы:

Гагра иалагоит Аԥсны, уи наӡоит Егрынӡа, Гыртәыла мраҭашәаратәи аҳәааҟынӡа. Афонҿыцтәи аберҭыԥи Аҟәатәи асқьалеи ари амшынҿықә ҟарҵеит ауаа зҭаауа ҭыԥны. Ари атәылаҿацә интересуп зегьрыла: апеизаж, аҭоурых, ақьабзқәа, абаҟақәа. Ашәаԥыџьаԥ, аиаҵәара иҭалаҳауп, адгьыл чашәуп.
Гагрантәи Аҟәанӡа амҩа ҩы­нтә убжьысроуп: зны мшынла, Кавказ шла ашьхақәа рыԥшӡара, рдура ублала иубарц азы; даҽазны шьапыла мҩала, иблахкыгоу аԥсабара аԥшӡара иҵегьы иааигәаны иубарц, иунырырц, акы иаламҩашьо Ԥицунда, Мҷышь, Лыхны, Ивертәи (Аныҟәаԥиатәи – Аред.) ашьха урҭаарц азы. Аха араҟа аҽқәа рыда ԥсыхәа ыҟам, амҩа ҵыхәаԥҵәара амамкәа џьара имардоуп, џьара иладароуп, Хыԥсҭа (Гәдоуҭа азааигәара) акәзар, ацҳа хӡам, уанзмыруа еиҳауп, уаныруа аасҭа.
Зны Гагрантәи Гәдоуҭаҟа ҳанаауаз ашьжьымҭан заа ҳдәықәлеит ԥшьҽык зҵаҳәаз аҽыуардын ала. Мардарак ҳанааҿагыла, аҽқәа руак шьҭахьҟа идәықәлеит, ԥхьаҟа ацара аҭыԥан. Аҩбатәигьы ганха, арымарахь иахо иалагеит. Абас ҳаибарххо амҩа ҳшықәыз, амш ахәларахь ахы архо иалагеит Хыԥсҭа ҳаназааигәаха, иаргьы ҭагалантәи ақәоурақәа рышьҭахь алеишәа ырцәгьаны иҟан. Шьҭа избоит аӡиас ахықәан аҵх аршара шҳақәшәо, мшьамба ҳәа акгьы ҳамаӡам. Ҳаԥсы даԥшәмахеит аҽыуардын иақәтәан иааҳахҭыгәлаз ачерқьес (аԥсуа – Аред.). Уи иаҳирбоит аԥан, аӡы иаҳа иахьыӷӷаз, уимоу ҳагьыригоит. Гәдоуҭанӡа ҳааит…
Даҽазны (Гагрантәи Шәачаҟа) даара ҳацклаԥшны аҽқәа алаҳхит. Урҭ убасҟак иҩны ицон, Мацесҭа ҳнеиуан аиԥш, руак иаалырҟьаны ихәжәеит. Сааҭки бжаки иҳарххон, аҵыхәтәаны зымч каԥсаз аҽы хыбҟаҵаҩык иҟны иаанҳажьит. Иахьыз ҳәа акымзарак сыздыруам.
… Бзыԥ амшын иахьалало адгьыл ҟьаҟьароуп, анаҩс – Пицунда ашыцәа, уахь иаарласны ҳнеиран ҳаҟоуп. Инаҳәы-ааҳәуа аӡмахқәа ирҭатәоуп акамбашьқәеи адаӷьқәеи. Бугадорттәи ауахәама (мамзаргь Калдахәара) амҿы иалхны иҟаҵоуп, иамоуп асаркьаласырҭа, анцәаиҳәарҭа, абаптистериа.
Адгьылқәаарыхратә культурақәа ари адгьыл рымҽхакра иаҿуп. Анаарақәа рҿы иубоит аӡахәа зқәу аҵла ҳаракқәа. Урҭ кьыбада иузыҭаауам, уедрак ажь ахәыҷқәа ирҭиуеит 26 сантим ҳәа. Иара убас аҵлақәа ирықәуп аҭәаҟәақәа, аԥҳәаҟәақәа. Урҭ рҟынӡа наӡашьа рымаӡам акамбашьқәа, адәҳәынаԥқәа ацәаакырагьы рԥырхагам.
Абар иҟаԥшьыуаркалеиуа ашәыр ҿассы изҿоу амыҵмыџь ҵлақәа. Иаҳԥыло аԥсуаа ахацәа рхаҿқәа иаҳа-иаҳа иԥшӡахоит, аҳәса маҷк урҭ ирыҵахоит. Гәдоуҭа (ахәҳаахәҭратә сқьалеи асасааирҭа бзиеи) рацәак улаԥш зыдхалаша маҷуп, аха абрахьынтәи ухы урхар ауеит Лыхныҟа, 1864 ш. азы иаԥыхыз Аԥсны аҳцәа ԥасатәи раҳҭынрахьы. Иаанхаз ахан ахыжәжәарақәеи, еибгоу ауахәамеи, иџар-џаруа игылоу аҭәаҵлеи роуп. Убри амҵан ахаҳә дықәтәаны аусқәа иӡбон аԥсуа аҳ.

Аԥсны еиқәханы иҟоуп ирацәаны абаахыжәжәарахқәа, аберҭыԥқәа, ауахәамақәа, абыржәоуп рыҭҵаареи ашәҟәы ранҵареи ианрылагаз. Сара сныҟәарақәа зегьы рахьтә агәахәара бзиаӡақәа наунагӡа исзынзыжьыз акакәны иаанхоит Ԥицунда. Гагрантәи уахь убжьысыр ауеит мышкала, Бзыԥтәи амҩатә усҳәарҭаҿы аҽқәа сҭахуп ҳәа заа адырра руҭар. Бнала хар змам амҩа уахь унанагоит, амшынҿықәи Ԥицунда ашыцәеи рахь албаарҭа џьашьахәшәа иԥшӡоуп. Иҭбааҭыцәу акыдгыларҭақәа, хара улаԥш зықәшәо ацаҟьақәа, асы еиқәцәашь изқә Кавказ ашьхарԥырақәа исгәаладыршәоит сыԥсадгьыл аҟны Лерен адгьылбжьахақәа рыԥшӡара. Рацәак ихарамкәа аберҭыԥ, уахь унеиуеит аԥсаҵлақәа рыккара ушыҵоу…
Аберҭыԥ шьаҭаркын Иустиниан (551 ш.) ихаан. Убри аамҭа ауп изҵазкуа асаркьаласырҭа ҵаҟатәи ахәҭа, антикатә колонақәа хԥа, ажәытәтәи аҭыӡқәак, иакәыршоу аанда аҩнуҵҟа иҟоу анцәаиҳәарҭақәа хԥа. Абарҭқәа зегьы ажәибжьтәи ашәышықәсазы аҭырқәцәа иԥыхха иқәырҵеит. Ауахәама атәы акәзар, афбатәи ашәышықәса аума изҵазкуа, мамзаргьы ашьҭахь еиҭакны иҟаҵома ҳәа аимак-аиҿакқәа мҩаԥысуеит. Аха иахьугалакгьы, уи аплан, аргылашьа зеиԥшу Константинопольтәи Аԥшьа Софиа луахәама ауп.
Абри инацаҳҵап аберҭыԥаҿтәи асасдкылара: иааинырсланы акрыфара, агәырԥсыӡ хазына, абыржәы 16 ԥуҭ ркит, ашьаҳариа, ажь, ҩыџьа аберцәа рыгәҭаны иҿы­хаа-ҿыҵәыҵәаау Афонҿыцтәи аҩы…
…Ҳхынҳәып Афон Ҿыцҟа. Ари аберҭыԥ ду 1876 ш. азы еиҿыркааит Афон (Бырзентәыла) ашьха аҟынтәи аберцәа. Убри аҿга абра иаҭахын Мрагыларахь дара рдинхаҵаратә нырра арӷәӷәаразы, насгьы аԥсылманреи, ихадароу аерман католицизми рҳәааҿы. Фышәҩык инадыркны бжьшәҩык раҟара аберцәа ара иаҭатәоуп. Ауахәама хада ду хыркәшан 1900 ш. азы. Аберцәа ргәы мҿыӷьларц азы аԥҟа ӡыжьқәа ҟарҵеит, аха алҵшәа лахьеиқәҵагахеит – ашыӡ дырҿиеит, наҟ еимаԥсатәуп. Аныҟәаԥиатәи абааш ҳхалеит. Изаку ԥшӡароузеи иааԥшуа!
Гәыҩбарада, Афон Ҿыц амшынԥшаҳәаҿы иаҳа ауаа здызыԥхьало аҭоурыхтә ҭыԥқәа ируакуп!
Аҟәаҟа амҩа ҳахьықәу иаҳԥылоит хыԥхьаӡара рацәала атеррасақәа. Урҭ зырҿиаз амшын иаҳа-иаҳа анаскьара, аҩаӡара алаҟәра,мамзаргьы аӡиасқәа иаарго алыкь ауп. Сухум-кале ҳара ҳарзыхынҳәуеит иаҳа иҭҵаау, ауаа зҭаауа аҭыԥқәа. Сара Карл Греве, Вивиен де Сен-Мартен ижәар, Бедекер ирҳәаахьоу акымзарак сзацҵом. Ақалақь рацәак иугәаԥхартә иҟам, амшынҿықә бзиоуп, асқьала амч кәадоуп, аӷба дуқәа зкыдгылом, сса-мыссақәак ракәымзар.
Еимаркуеит антикатә Диоскуриа (ажәытәтәи аурымцәа р-Себастополис) Аҟәа аҭыԥаҿ иҟазма, ма аладахьҟа, Шәқәырча акәызма ҳәа. Аботаникатә баҳчеи аҭауад ду Алеқсандр Михаил-иԥа иитәу Синоптәи апарк дуи Ниццеи Италиеи рҭыԥ ԥшӡарақәа џьара акала ирыҵахом…
Гәыматәи аҳаԥы аҟынӡа, Михаиловское иацәыхарамкәа, 8 километрак бжьоуп. Аура шәметрак раҟара иҟоуп, рацәак идумкәа 4 залк амоуп, дара уажәы еимадоуп агәарабжьара ҭшәақәа хԥа рыла. Ԥаса аӡы ыҵыҵуан, уажәы иҵабахьеит. Аҩнуҵҟа аҳауагьы, аӡгьы ахьынӡаԥхоу сшәеит, 225 метр аҳаракыраҿы 12.2.С ыҟан.

Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me