Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҵасқә Аԥсуара иахәҭаку ажьира а ирыхәҭаку аныҳәара

«Зегь зымчу! Зылԥха Ҳауша! Суҳәоит, абас ахәажә кны, ҳаибааӡо ҳҟауҵарц азы. Аизҳара, аиҵыҵра ҳарба! Згьама аабо аиаҵәарагьы ҳазбзиахаратәы иҟаҵа! Улԥха ҳагымзааит суҳәоит!»


Хәажәкыра – ааԥын ныҳәарақәа ируаку ныҳәоуп. Аԥсуаа раԥхьатәи ааԥын мза игылаз амзаҿа аԥхьатәи ашәахьа ауха ахәажә кны аҿиареи, аизҳареи, аӷьацареи рзы имҩаԥыргоит. Ашәахьа зымшьҭа бзиоу, имшу, Анцәа бзиа ибаны иишаз мшуп ҳәа ирыԥхьаӡоит жәытәнатә аахыс. Хәажәкыра аныҳәан изымҵаныҳәо, аизҳареи аиҵыҵреи рынцәахәы Џаџа лоуп.
Ажәытәан ишыҟарҵоз еиԥш, иахьагьы ахәажә кны ауп аныҳәаҩ дышныҳәо. Иара аныҳәара ахьӡ уаантәи ауп иахьынтәаауагьы.
Ари аныҳәара аҟны аишәа иқәырҵоит: ахәажәқәа, ашыламгьал иалхны иҟарҵоз алаҳәарақәа, ахәацчаԥа, акалакәыт, ацхаӡҩа.
Аныҳәара ауха аҭаацәараҟны зегь иреиҳабу аԥҳәыс амажәа лкәаҳауеит ахәыӡшылеи аши еилаԥсаны. Ашы злам амажәа аныҳәара иадугалар ҵасым рҳәоит. Аҭаацәара зегьы, иара убас ирыхҭыгәлазгьы налаҵаны, хԥа-хԥа хәажәа рзылжәуан.
Ахәажәқәа ажәытәан аҳампал асахьа рыман, иара иахьагьы уи аԥыжәара аман иҟоуп. Ахәажәқәа, мамзаргьы аҳампалқәа, иааизыхәхәоу аформа рырҭоит. Хәажәык арасаҵәы агәыларҵоит, уи «Анасыԥҵәы» ауп ҳәа рҳәоит.

Ахәажәқәа жәны ианааҭыргалак, аҭаацәара иреиҳабу аԥҳәыс, лкасы шкәакәа нылхаҵаны, ахәажәқәа зну асаара ахәацчаԥа надкыланы лаԥхьа инықәлыргылоит. Анаҩс хәажәык аанкыланы аҭаацәа лныҳәоит. Уи ашьҭахь дзыхныҳәаз лара иаартны дагәылаԥшуеит аҵәы агәылазар ҳәа. Нас зегьы хԥа-хԥа цыра шаны ирылҭоит. Зыхәажәқәа руак аҿы ахәажәҵәы збаз «ахәажәҵәы иоуит» ҳәа иеигәырӷьоит. Уи иаанаго ашықәс аҩнуҵҟа дымшны дҟалоит, аамҭа иқәманшәалахоит. Иара ҳаԥхьа уажәааны Хәажәкыра иаԥхьагылоу амҽышазы арбаӷь, мамзар имч ақәхозар аџьма ишьыр акәын. Иара убасгьы, ахәажәҵәы иқәшәар алшоит исасны иуҭоу ауаҩгьы. Анаҩс ҳаԥхьа уажәааны иарбаӷьхәы, мамзар аџьмашьтәа абри агәараҭаҿы иааганы ишьыр ауп.
Ари аҵас инамаданы, иахьа ахәажәҵәы ҟарҵоит иара убас аҩы аҿгьы. Аҩы зҭоу аирыӡ аҿы ахәажәҵәы ҭадыршәуеит. Аҩы наҳауа ишааиуа, ахәажәҵәы зацәцаҿы илеиз «аҩаҿы араҳахә идуп» ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Хәажәкыра аныҳәара ахьынтәиааз ҳәа иҟоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа. Аха урҭ рахьынтә ҭоурыхк ишаҳәо абас ауп:
Мазлоу ҳәа нхаҩык дыҟан. Уи ҭеиҭыҧшлеи ҳаиҭқәиҭлеи ҭауади-аамысҭеи ирымазкуаз уаҩын. Aҧсны еизара дук аҟны, Ашәынхыҵынтәи атауад Ҳаӷәызи иареи еиндаҭлеит. Шәаҳәарыла, кәашарыла, ҽырхәмаррала Мазлоу данеиӷьха, уареи сареи ҽыҳәҵәыла ҳаисыр сҭахуп иҳәеит Ҳаӷәыз. Мазлоугьы ус иануҭахха уааи иҳәан, иҽы ахы Ҳаӷәыз иахь ирханы длагылеит. Ҳаӷәыз иҽы ишьхәа наирбеит. Ажәлар еикәша игыланы ирыхәаҧшуан. Аамысҭацәа, Мазлоу рыцҳа дзацлабуа дызусҭада ҳәа иџьаршьон. Ус егьараан ирыхьхьан Мазлоуи Ҳаӷәызи кыр еидхалт. Урҭ ҽыҳәҵәыла еидыслацыҧхьаӡа, рыҽқәа ирылҵуаз рыҧхӡы ирыкәшаны игылаз ажәлар ирҿаҭәон. Ҳаӷәыз иҽы иалымшо ианалага иҩызак иҽы дақәтәеит. Уиала знык-ҩынтә paҟapa инеидысла-ааидыслт, аха иамуашәа аниба, Ҳаӷәыз иаҳәа ааҭҧааны Мазлоу ихы ныхкәыцәааны, иҽы дшақәтәаз ажәлар дынрылҵәраа дцеит.
Мазлоу иԥацәа х-ҩык ыҟан. Ашәыҟа имцацызт-имаацызт, раӷа дырбаргьы дрыздыруамызт азы раб ишьаура рцәыуадаҩхеит. Ран Ҳанифа лыҷкәынцәа леидыртәаланы шәаб ишьоуразы шәаргьы саргьы ҳацыҧхьаӡа хҧа-хҧа хәажәы ҟасҵоит, урҭ руак арасатә ҵәы агәласҵоит, ижәны ианҳамҵаҳҵалак аҵәы згәылоу ахәажә зықәшәаз шәаб ишьа иуааит лҳәеит. Аишьцәа азыразхеит. Axa, Ҳанифа ишылҳәаз ианыҟалҵа, ахәажәҵәы лара илықәшәеит. Аишьцәа уи ргәамҧхеит. Axa Ҳанифа лыҽлрыцәгьеит. Шәаби сареи ҳхы анеидаҳкылоз, ҳаҧсрагьы ҳабзарагьы еилазааит ҳәа иаҳҳәаз насмыгӡар зуам лҳәеит. Уи зажәа еилазымгоз ҧҳәысын. Хымш ааҵуаны хаҵамаҭәала лҽеилаҳәаны, зыгәра лгоз деиҭазҳәашаз, рҳабла иаиуз арҧыск ҩызас даашьҭыхны Ашәыҟа ицеит.
Аха, Ҳанифа ахаха дназышьҭуадаз Ҳагәыз иахь. Уи иаҳҭынра агәашә илагылоуп еиқәных аҟарулцәа.
Ҳанифа ҽырххыла Ҳаӷәыз иашҭа агәашә днадыххылан, аҟарулцәа рҿаҧхьа дылҽыжәҧеит. Аҧснытәи аҳ ажәеиҭаҳәатәык сыдиҵеит, шәаҳ Ҳаӷәыз иасымҳәар ҟалом ҳәа. Аҟарулцәа руаӡәы аҳ иҟны дхалан иҟаз иеиҳәеит. Aҳ азин ҟаиҵеит, Ҳанифа лҽырмазеины Ҳаӷәыз иуада даныҩнашыла дсасуп, аҧсшәа иасҳәап игәахәын инапы аҿанааирха, Ҳанифа лнапы иҵакны илкыз аҳәа рхха Ҳаӷәыз ихәдаџьал днықәсын, лхаҵа Мазлоу ихы еиҧш, инхылкәыцәааит. Нас, ашьа зыхьшьыз аҳәа агәҭа налҿыҵакны лқьышә аҭыԥ нанҵаны, имрыцқьаӡакәа аҭра инҭаҵаны, ахан длалбааит. Аҟарулцәа рҟны дааин исҭахыз иасҳәеит лҳәан, лҩызагьы ларгьы ишрылшоз аҵх лашьца иналаӡ ицеит.

Ҳанифа аҩны данааи адырҩегьых лыҷкәынцәа еизганы ахәажәҵәы ҟалҵеит. Уи зықәшәо рҳабла еизганы, ацә рызшьны рхәы ҟаиҵо, нас Ҳанифа ҩызас ишьҭылхыз арҧыс даарылагыланы, Мазлоу ишьа шуу, уышьас иамоу рылеиҳәарц. Ҳанифа ашьа зҿаҩаны иҟоу аҳәа ауаа ишырбо ӡыршыла иҿыӡәӡәааны ҩызыара лзызуа арҧыс ҳамҭас иҭан, лыҷкәынцәа ешьас дрылҭарц лыӡбеит.
Ахәажәҵәы Ҳанифа лҧеиҳабы иқәшәеит. Уи ишырҳәаз еиҧш, имҩаԥыргеит. Адырҩашықәсан адырҩегь Ҳанифа ҷкәынас иҟалҵаз дынрылакны хәажәкыра рзыҟалҵеит. Усҟан ешьас иҟарҵаз иқәшәан, иашьцәа ҿыцқәа дрыҧхьаны, ауаа рықәыршәаны ачара ду иуит. Убас аешьцәа зегьы ирхысит.
Есышықәса аешьцәа аамҭак иақәыршәаны иҟарҵон хәажәкыра. Убри азы хәажәкыра ҳәа амза иахьыӡхеит ҧсуаҵас амзақәа рхыԥхьаӡараҟны. Аешьцәа ран лыҧсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы есышықәса абри ахҭыс ныҳәаҵас имҩаҧыргон. Убри иахҟьаноуп иахьагьы џьара-џьара ақыҭақәа рҟны, есышықәса ахәажәҵәы ҟаҵаны аигәылацәа еиҭанеиааиуа изымҩаҧырго аныҳәа "Хәажәкыра”
Ажәакала, «Хәажәкыра» аныҳәа иацуп ахәмарра, аччара. Ахәыҷқәа реиԥш, аиҳабацәагьы ргәы хыҭ-хыҭуа ари аныҳәа иазыԥшуп, «ахәажәҵәы зауа дарбанушь» ҳәа.

Саида Ҳаразиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me