Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуара иахәҭаку ажьира

Асахьаҭыхҩы, абџьарҟаҵаҩы, Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла ахантәаҩы, Урыстәыла абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла иалоу, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран-Леон иорден занашьоу Ҭемыр Ӡиӡариа ҳтәылаҿы ирдыруа уаҩуп.

Ҭеиҭыԥшла, дыррала, хымҩаԥгашьала, ицәажәара раԥхьатәи аҳәоуқәа инадыркны аԥсуара зхыукаауа, иуцәеиламҩашьо аԥсуа цәа зхоу, иҵегь дцәажәаландаз, сизыӡырыҩландаз ҳәа узырҳәо ҳаамҭазы иуԥымло, аԥсуа проза афырхацәа ӷьеҩқәа дреиԥшызтәуа акы аҵоуп ицәажәашьеи ихәыцшьеи. Сааҭк инеиҳаны ицоз аиҿцәажәара аихшьаала азуа исҳәар ауеит, зегь раԥхьа еилыскааз акәны ишыҟоу иара дызҿу ауси иҟазшьеи шхеибырҭәаауа, ишеигәныҩуа. Еилышәкаазар акәхап иахьатәи сажәабжь иара ишизку. Ҭемыр Ӡиӡариа ажьира аус дшазааиз далацәажәо иҳәоит уи аԥсуара иузаҟәымҭхо ахәҭақәа иреиуаны ишиԥхьаӡо. Иара ижәытәӡатәиқәоу, иархаикатәу аусхкқәа рахь иаҵанакуеит, аха иахьа уажәраанӡагьы еиқәханы иҟоуп Кавказ ажәларқәа жәпакы рҟны. Игхахом иуҳәар, ажьира акульт аԥсуаа рҿы иамоу апату шамахамзар уаҳа џьаргьы иуԥылом ҳәа. Ажәытәан Ажьира анцәахәы Шьашәы-Абыжьныха ҳәа ишьҭан. Уи иаанагоз, аԥсуаа рыбыжьныха рымч еидызкылоз Шьашәы ҳәа акәын.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аҭоурыхтә ӡеибафарақәа ирхылҿиааз амзызқәа ирхырҟьаны ажьир­а­қәа гәыгәҭыжьны, ажьира аныҳәа ахаҭа акәзар ашьаҭа аҵхразы аҽазышәарақәа ҟаҵан, аха зегьы лҵшәадан. Аҩажәи жәабатәи аҩынҩажәатәи ашықәсқәа рзыҳәан Сталини Бериеи ррепрессиа ашықәсқәа раан, ажьирақәа амаҵ рзызуша, иара убасгьы Ажьира ныҳәа ацәашьы зкыша ахацәа рхыԥхьаӡара шмаҷӡахазгьы зегьы акоуп амилаҭ рыгәрахаҵара аиааира залымшаӡеит, аԥсуаа амҩақәа рыԥшаауан ажьира гәыгәҭажьны иаанымхарц азы. Аҵаруаа аӡәырҩы ргәаанагарақәа рыла, ҳмилаҭ рыԥсаҭазаараҿы ажьира иааннакылоз аҭыԥи, иамаз аҵаки иахьагьы иахьынӡахәҭоу ирҵауланы иҭҵааӡам. Ари агәаанагара дақәшаҳаҭуп ажьи Ҭемыр Ӡиӡариагьы.

Ҭемыр инапкымҭақәа, иҟаиҵахьоу аԥсуа ҟамақәа, аибашьыгатә аԥсуа ҳәызбақәа рыӡбахә ахара инеиҩхьеит. Иара иусумҭақәа ҳамҭас ирырҭахьеит Аԥсныҟа иаахьоу аҳәаанырцәтәи аполитикцәа, еицырдыруа ауаа. Аҳәызбақәа бзианы еилзырго, ажьи иусумҭа ахәшьара азҭо ауаа ирҳәоит егьа хкы ирылазаргьы Ҭемыр инапкымҭа зегьы ишрылукаауа. Асахьаҭыхҩы-абџьарҟаҵаҩы ихаҭа иазгәеиҭоит араҟа амаӡа ҳәа акгьы шыҟам, ахаҭабзиара зхылҿиаауа узҿу аус ахь иумоу агәыбылреи, аԥышәеи шракәу. Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа рхеилак иалоу агәазыҳәареи, аҟазареи змоу аҿар роуп еиҳараӡак урҭ сыхьӡеит уажәшьҭа иҳәеит аҟаза. Аибашьра ҟалаанӡеи, иаразнак уи ашьҭахьи ирхшаҭны, игәыгәҭажьны иҟаз ажьира аҟазара аҳәынҭқарра ацхыраарада ахалазаҵәык ашьапы иқәгылеит. Ҳаамҭазы уи иазҿлымҳау рацәаҩуп, аидгылахь инеиуеит аҵара зҭаху. Ажьира иаиуз агәыбылра Ҭемыр агәахәара ду инаҭоит. «Уи сара мацара исыбзоуроушәа згәы иаанаго агха ду рымоуп, ус аҳәара иашаӡам», – ҳәа азгәеиҭоит иара.

«Иахьатәи аамҭазы Аԥсны имаҷҩым аус зуа ажьицәа, еиҵагылаз аҟазацәа ирыбзоуроуп азеиԥштә лыҵшәа. Ԥыҭҩык ҳанеиза ауп аидгылагьы анеиҿаҳкаа», – иҳәоит абџьарҟаҵаҩы. Ҭемыр иажәақәа рыла абџьарҟаҵара знапы алаку ажьицәа аҳәынҭқарра алшарақәа еилыркаауеит, убри аҟынтә, ацхыраара иазыԥшым, рхала, рымчқәа еизакны ирылшо ҟарҵоит. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа реидгыла ахьӡгьы иаҳәоит уи иалоу ауаа рзанааҭ ажьира мацара шакәым. Иаҳҳәап, Ҭемыр Ӡиӡариа ихаҭагьы асахьаҭыхратә ҵараиурҭа далгеит раԥхьа, анаҩс ауниверситет. «Раԥхьа иргыланы сара ссахьаҭыхҩуп иҳәоит иара. Иара убасгьы аидгыла иалоу рыбжьарагьы иҟоуп ԥшьҩык-хәҩык асахьаҭыхыҩцәа. Абџьар исахьыркны иҟауҵар ауеит, убри аҟынтәи ажьи арҩычашьа иақәшәо сахьаҭыхыҩны даныҟоу, ахьырӡи араӡни рыла инапкымҭа арбеиара анилшо уи даҽакуп, ажьи ихаҭа дарманшәалоит. Абџьар аҟаҵара уалагаанӡа асахьа ҭыхны, аҵыхәтәаны иуоураны иҟоу алҵшәа зеиԥшрахо удыруазар ауп. Нас ауп уҽаназыушәо иахьынӡауала иҭухыз иақәшәо аҟаҵара», – иҳәоит Ҭемыр. Ҳәарада, ус баша еихак ҳәызбак рзы уи аҟара аџьабаа абара иаԥсам, аха даҽа ҩаӡарак змоу аусумҭа аамҭа ақәырӡтәуп.
Ҭемыр иабшьҭраҿы ирацәаҩын ажьира знапы алакыз, Ӡиӡариаа еицырдыруа напҟазаҩцәан. Иабшьҭра рҟазара иаҟәырҷаханы Ҭемыр ишьа иалаз аҟазара цәырҵит аибашьра ашьҭахь. Еснагь згәыбылра имаз аус ирласны инапахьы иааигеит, аамҭа маҷк иалагӡаны зыхьыӡ нагоу жьихеит. Иахьатәи аамҭазы иара имоуп ихатәы жьира, уаҟа ауп аус ахьиуагьы. Аԥсуаа ражәаԥҟа инақәыршәаны, Ҭемыр иҽыззикыз аҽизнакит. Иара иҳәоит ажьира аус аҿы ҳәарада аҟазара улазар шакәу, аха аԥышәагьы аҵак ду шамоу, уи алагьы унапахьы иааугар шауа. Ажьира аус аҿы зегьы ирыцкуп аамҭа ахымыццакра, угәы ақәымԥҵәара, узҿу амҩабжа аанмыжьра.

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьар­ҟаҵаҩцәа реидгыла хыдҵас иамоуп аԥсуаа ажәытәтәи рҟазара амырӡра уи аԥсҿыц ахаҵара иҳәоит Ҭемыр Ӡиӡариа. Аҟаза иҳәеит, иара аԥсыуала дшааӡоу, аԥсуаа рыгәрахаҵарақәа шныҟәиго, убри аҟынтәи ҳәарада ажьираныҳәа дшаҵагыло, уи иахәҭоу зегьы шыҟаиҵо атәы. Ҳмилаҭ рҭоурых зегьы еибшьрала иҭәуп, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылаз аԥсуаа рабшьҭрақәа имырӡӡакәан иааргоз рҵасқәа рыцхраауан рхеиқәырхара азҵаараҿы. Сара сгәаанагарала, аԥсуара анаҳцәыӡ иаҳцәыӡуеит ҳмилаҭтә хаҿра, ус анакәха ҳара адунеи егьырҭ амилаҭқәа ҳрылумкаауа ҳнарылаӡ ҳцоит. Убри азоуп ҳҵасқәа ҳрыхьчоит ҳәа зысыԥхьаӡо иҳәеит аҟаза. Аԥсуаа реибашьыгақәа иреиуан аԥсуа ҳәызба. Ҩажәи жәаба шықәса инарзынаԥшуа ҳмилаҭ ирыдҵаз ахара, 1907 ш. рзы ауп аофициалла ианырхыхыз. Аха, уи аамҭа иалагӡаны дара азин рымаӡамызт абџьар аныҟәгара, абџьарҵәҟьа акәым аџьаҟәа здырбалаз иақәӡызгьы ыҟан. Ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа изызҳаз абиԥара абџьар аныҟәгара аҵас маҷк ирцәыхарахеит. Анаҩстәи абиԥарақәа уи еиҳагьы идырԥсыҽуан. Абас ала ишнеи-шнеиуаз аԥсуа еибашьыгатә бџьар аҵас ҳампыҵышшеит. Иахьа уи ашьақәыргылара иаҿуп ҳжьицәа.

Ажьирҭақәа лассы-лассы ауаа рыдҵаалоит. Ҳауаажәлара ҳамҭас ма рхазы иаҿарҵоит ажьицәа рнаплых. Убри аан иҟоуп рхатәы ескизқәа зманы иаауа, убра ишаныҵәҟьоу аҟаҵара иаҳәо. Аха, аиҳараҩык ажьицәа ргьама агәра ргоит, еиҳа ишеиӷьу ҳәа дара иразҵаауеит. Ажьира апоезиа иаҩызоуп. Акы иунарҟаҵоит, иҟауҵарц иуҭаху убла ихгылоуп лабҿаба иубошәа, ари асахьа ухашҭырц уҟаӡам иааҟауҵаанӡа иҳәоит абџьарҟаҵаҩы. Ҭемыр Ӡиӡариа дрылахәуп Урыстәыла имҩаԥысуа ацәыргақәҵақәа. Асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа Урыстәылатәи Реидгыла алаларазы аламала ақәшаҳаҭра арҭаӡом, аха аԥсуа ҟаза иҩаӡара анырба рхала иҳәеит. Аригьы иаанарԥшуеит ажьи иҟазара иамоу аҩаӡара азхаҵара. Ҭемыр еиԥш иҟоу, ҿымҭ-ԥсымшьа, рыбжьы мыцхәу иҭымгакәан, бзиа ирбо аус иаҿу ауаа, ахьыӡ дуқәа ирышьҭаӡам. Ҭемыр иҳәоит Урыстәылатәи ацәыргақәҵақәа рылахәхаразы абџьар аҳәаа ахыгара ауадаҩрақәа маҷымкәан ишацу, убри аҟынтә иара инапкымҭақәа рфотосахьақәа роуп ииго.
Убасгьы арҭәаразы амца злеиқәырҵо аӡагьы азҵаарақәа ацуп. Ткәарчалтәи арацәа хархәара арҭоит, аха уи арҭәаразы уамак иманшәалам, уи анаҩсгьы агәабзеира ԥырхага ду анаҭоит. Асовет аамҭаан ажьираҿы хархәара аман ҩынтәӡыра арацәа. Аԥснынтәи Қарҭҟа иргоз, иара иӡәӡәаны еиҭарӡуан, убри ауп ҩынтәӡыра захьӡу. Иара акәын хархәара зырҭозгьы аихаӡа арҭәараҿы. Амҿкәицгьы бзиоуп иҳәоит Ҭемыр, аха ажьирамца азхара амҿы аиқәыршәаразы алшарақәа абаҟоу.

Аԥсны арионқәа, ақыҭақәа рҿы иҟаз ажьирҭақәа реиҳарак аус руӡом. Аӡәык-ҩыџьак рхазы аҩны ирымамзар, ус гәыԥҩык аус ахьыруа, аҿаҵақәа ахьрыдыркыло Аҷандара ада џьаргьы иҟаӡам иҳәоит Ҭемыр.
Ҩажәаҩык еидызкыло Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа рхеилак иалоу ажьицәа рымацара ракәӡам, иҟоуп аҵарауаагьы, урҭ аҭоуырхтә фактқәа рышьақәыргылараҿы аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит, ацхыраара ҟарҵоит. Аидгыла анеиҿыркаауаз амшазы уи иалоу аныҳәара мҩаԥыргеит, усҟан иагьырҳәеит есышықәса ажьира ишамҵаныҳәало азы. Ашьҭахь иааилацәажәаны Баӷмаран аҭыԥ азалырхит, уаҟа ажьирагьы дыргылеит. Аидгыла иалоу ааигәатәи рыгәҭакқәа иреиуоуп ажәытәтәи аԥсуа еибашьыгатә бџьар амузеи аартра. Амузеи Аҟәатәи абааш иахьаҵанакуа аҭыԥ азалхуп, уаҟа уажәы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Ҳәарада ари аҭоурыхтә ҭыԥ ус машәыршәа иалхӡамызт, уаҟа иаартхо амузеигьы ҵакыс иамоу аҭоуырх аиқәырхара ауп.

Елена Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me