Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Академиа апрезидиум изаамҭанытәу аилатәара

Мшаԥымза 17 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаԥысит Академиа апрезидиум изаамҭанытәу аилатәара. Уи аҟны иахәыԥшын аиашьаратә абазатә жәларқәа рхаҭарнакцәа иреиуо, хҩык аҵарауаа Аҭҵарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылаҩцәас ралхра азҵаара.
Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аилатәара амшхәаԥштә аҿы ицәырган азҵаарақәа ԥшьба. Апрезидиум аусура хацыркын урҭ рахьтә еиҳа ихадараз - ААР ҳаҭыр зқәу алахәылацәа ралхразы акандидатурақәа хԥа рыхәаԥшрала. Аҵарауаа ирыдгалоу акандидатурақәа ахԥагьы иаԥсоу ракәны иҟоуп иҳәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа апрезидиум аилатәара аартуа. Академик иажәақәа рыла, афилологиатә ҭҵарадыррақәа рдоктор, апрофессор Петр Чекалови, афилалогиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор Сергеи Пазови, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат , апрофессор Муминат Гоновеи аҭҵаарадырра аусхк аҿы аихьӡара дуқәа змоу, аџьабаа рацәаны избахьоу ҵарауаауп. Хҩык аҳәаанырцәтәи аҵарауаа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ралаҵара ихҭыс дуны исыԥхьаӡоит ҳәа азгәаиҭеит ААР апрезидент Зураб Џьапуа. Абаза жәлари аԥсуааи ҭоурыхла, дацла-ԥашәла ҳаиларсуп, аусеицура бзиа ҳабжьоуп. Арҭ аҵарауаа, ҳфорумқәеи ҳаҭҵаарадырратә конференциақәеи ирылахәуп, ҳҵарауааи дареи аимадара ӷәӷәақәа рыбжьоуп. Убри аҟынтә академиа ралаҵара аҵак ҷыда аманы исыԥхьаӡоит иҳәеит Зураб Џьапуа.
Аҳәаанырцәтәи аҵарауаа хҩык ААР ҳаҭыр зқәу алахәылаҩцәас ралхразы маӡалатәи абжьыҭарахь ииасаанӡа, акандидатцәа зегьы хаҭа-хаҭалатәи ранысымҩа иазааҭгылан. Академик Валентин Кәаӷәаниа, Ҟарачы-Черкессктәи аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵарадыррақәа рдоктор, апрофессор Петр Чикалов дизааҭгыло иҳәеит, иара зыхьыӡ нагоу ҵарауаҩны дшыҟоу. Иҭҵаарадырратә усумҭақәа рызкуп аҩажәатәи ашәышықәса иаҵанакуа аурыс литературеи, абазатә литературеи. Ҳаамҭазы, Хапсироков ихьӡ зху, агәыҳалалратә ҭҵаарадыррақәа ирызку Ҟарачы-Черкессктәи аинститут, Ҟарачы-Черкессктәи ажәларақәа рлитература аҟәша аусзуҩ еиҳабыс дыҟоуп. 2019 ш. рзы Петр Чикалови ААР апрезидент, академик З. Џьапуеи аус еицадырулеит, иагьыҭрыжьит «А. Н. Генко иабазатә материалқәа» захьӡыз аусумҭа ду. Имоуп хышә инареиҳаны арҵара-аметодикатә акьыԥхьымҭақәа, ҩажәа шәҟәы дравторуп, инапы иҵаҵхьеит жәабала амонографиақәа.
Иара убасгьы аҵарауаа рыбжьы ирҭарц азы иӡбахә ҳәан афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Ҟарачы-Черкессктәи аҳәынҭқарратә университет абаза бызшәеи, ачеркессктә филологиеи ркафедра апрофессор, абызшәаҭҵааҩы, Ҟарачы-Черкессктәи ажәларқәа рбызшәа аҭҵаара ацентр аиҳабы Сергеи Пазов. Уи икандидатура далацәажәо, академик Лили Ҳагба иазгәалҭеит, Сергеи Пазов иԥсҭазаара зегьы шазикыз абызшәа аҭҵаара. Иара ихатәроу, зыҩаӡара ҳаракӡоу лингвиступ лҳәеит академик.
ААР ҳаҭыр зқәу алахәылаҳәа ахьыӡ лыхҵаразы лыӡбахә ҳәан аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор, Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә институт иаҵанакуа, жәлар рынхамҩа Урыстәылатәи академиа аусзуҩ еиҳабы Муминат Гонова. Уи лыҭҵаарадыррат́ә мҩаҿы лааԥсарақәеи леихьӡарақәеи ртәы еиҭеиҳәеит академик, ААР апрезидент ихаҭыԥуаҩ, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Енварби Екба. Муминат Гонова еиҵардыруа ҵарауаҩуп, аекономикатә –џьырмықьатә парадигмақәа рхархәара иазкны ифундаменталтәу аусумҭақәа рҿы лыҭҵаарадырратә лагала ахә ашьара уадаҩуп. Дравторуп шәкы инаиреиҳаны аусумҭақәа, урҭ реиҳарак ҭҵаарадырратә монографиақәоуп.
Адгалара-абжьгаратә хцәажәарақәа рнаҩс акандидатцәа ахҩыкгьы ААР ҳаҭыр зқәу алахәылаҩцәас ралхразы маӡалатәи абжьыҭарахьы ииасын. Уи алҵшәақәа рыла еилкаахеит, аԥсуа ҵарауаа аиашьаратә респубилка аҟынытәи рколлегацәа еицҿакны рыбжьы шрырҭаз.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿы ирыхәыԥшын егьырҭ азҵаарақәагьы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me