Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧснытәи амодель лықәҿиарақәа

Шәача имҩаҧысуаз, Алена Белитова еиҳабыси еиҿкааҩыси дызмаз Урыстәылазегьтәи аҧшӡареи абаҩхатәреи рконкурс «MISS Краса Руси 2024» алахәхара мариамызт, еиуеиҧшым ақалақьқәеи атәылақәеи рҟнытә 70-ҩык аҭыҧҳацәа ари аконкурс алахәхаразы рыҽҧыршәеит, аха афинал ахь 16-ҩык роуп анеира зылшаз.


Урҭ рхыҧхьаӡара аҟны дҟалеит, анаҩс – ари аконкурс – «MISS Краса Руси 2024» аҟны аҩбатәи аҭыҧ занашьахаз, акрызҵазкуаз аҳамҭа – агәыргьын Аҧсныҟа иаазгаз аҧсуа модель Викториа Кәыҵниа-ҧҳа.
Аҭыҧҳацәа ҧшӡақәа маҷым. Ирҳәоит: «Иҧшӡам аҭыҧҳа дыҟам»-ҳәа. Аха ҧшӡашьала зегь еиҧшым, досу рхатә ҷыдаратә ҟазшьақәа рымоуп.Викториа Кәыҵниа-ҧҳа лакәзар, аҭыҧҳацәа ҧшӡақәа дызларылукаауа, дызлареиҧшым ҭеиҭҧшла деибыҭоуп, лхы-лҿы аиҿартәашьа, лгылашьа, лныҟәашьа, лоура-лыҭбаара уҳәа даара деинаалоуп.
Аиашазы, Викториа ус баша ақалақь аҟны дзаҩсыз ауаҩы, дхьаҧшны дылмыхәаҧшырц залшом. Имӡакәан исҳәоит, урҭ сышреиуоу арҭ ацәаҳәақәа равторгьы.
Хаҭала, Викториеи сареи усҟан ҳзеибадыруамызт, инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахәуп уи ҿаҟьа-ҿас иуҧымло лҭеиҭҧш инаҷыдангьы леилаҳәашьа аинаалара даара хырҩаа шасҭаз, усҟан «агьама ҳарак змоу аӡә лоуп,»-ҳәа сыгәгьы инҭысҳәааит.
Аха ҳанеибадыр ашьҭахь, амодель даҽа ганк алагьы дысзаатит. Уи зҿабызшәа хаау, аилкаареи аҧсуаҵас ааӡара бзиеи змоу ҭыҧҳауп. Ахӡыргареи ахышьҭхреи реиҧш иҟоу аҟазшьақәа зцәаҩам, аха зхы агәрагареи зхықәки ирыцәхьамҵуа, анагӡара иазыхиоу аӡә лоуп.
Викториа Кәыҵниа-ҧҳа занааҭла декономиступ, лҵара хлыркшахьеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, аменеџьмент ахырхарҭала. Аамҭаказы, жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаҧсазтәыз Аҧснытәи аҳәынҭқарратә ансамбль аҟны акәашареи аҵареи еилалыгӡон. Иахьагьы дкәашоит ари ансамбль аҟны. Уи лажәақәа рыла, 7 шықәса ҵуеит инеиҧанкыланы аҟазараҿы дыҟоижьҭеи, акәашара, ахореографиа аҩбатәи лзанааҭ ауп.
– Амодель – аҧсуа ҭыҧҳа лзы даҽа хырхарҭоуп. Уахь бхьаҧшра шҧаҟалеи? – Викториа сызҵаара аҭак ҟаҵо иазгәалҭеит, лхы-лгәы ишҭамыз, уи ахырхарҭа лара лзы ишҿыцыз ,зынӡагьы дшазымхәыцуаз. Аха…
«Аамҭаказы, Аҟәа ақалақь Ахадараҿы, аҿари аспорти русқәа рзы Ахеилак аҟны, «аспорт азы спецалист хадас» аус зуан. Убасҟан ҳаибадырит зус иазҟазоу афотосахьаҭыхҩы ҟаза Светлана Кирилловеи сареи. Уи сыгәцаракны дсышьклаҧшуазаарын. Ҧыҭрак ашьҭахь иаартны исалҳәеит «бҭеиҭҧш уарла-шәарлоуп, еснагь иуҧыло аҭыҧҳацәа ҧшӡақәа рҿы иумбо ҷыдарак бнызбаалоит, бақәшаҳаҭзар бфотосахьа ҭысхыр сҭахәуп» – ҳәа . Азныказы, аиашазы исҳәашаз аҭакгьы сҿамшәеит, сыззыҧшӡамыз ажәақәа ансаҳа, сагьыҟаҧшьхеит, аха нас сақәшаҳаҭхеит. Уи акәхеит, мышкы алаҳхын, усҟан, амакиаж ада, есҽнытәи исшәысҵоз амаҭәақәа рыла, ажәакала, ҽазыҟаҵара ҷыдада имҩаҧаагеит афотосессиа.
Уи инақәырццакны имҩаҧаагеит «фешин-стиль» захьӡу аҩбатәи афотосессиа. Уаҟа, авиазажист Фаина Ҭарба амакиаж сзыҟалҵеит, акасгьы схыхны афотосахьақәа авидеоқәа ҭылхит Светлана Кириллова.
«Рацәак мырҵыкәа – «бфотосахьақәа Америка иҭыҵуа ажурнал ахь исышьҭуеит бақәшаҳаҭзар,» – ҳәа салҳәеит. Саргьы мап сымҳәаӡеит. Афотосахьақәа анылшьҭ ашьҭахь, ҩба-хҧа сааҭ ааҵхьаны еиҧш, ажурнал аусзуҩцәа даара ишыргәаҧхаз ала аҭак аарышьҭит. Ҳәарада, хаҭала, сара сыззыҧшӡамыз ҧсҭазааратә ҳамҭахеит, схы- сгәы иҭамкәан, насгьы – акымкәан, ҩбамкәан сфотосахьақәа америкатәи ажурнал ацәа аҟны анылара. Уи зегь зыбзоуроу, излахацыркхаз афотосахьаҭыхҩы ҟаза Светлана Кириллова лоуп,» – лҳәеит Викториа уи длызгәдуны.
Шықәсык ауп иҵуа амодель, Диана Ионова напхгара зылҭо Жәларбжьаратәи амаҵзура «Indi model group» ахь дныҟәоижьҭеи. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны уи иаалырҧшыз аихьӡарақәа уаҩы иџьеишьартә иҟоуп.
Викториа лажәақәа рыла, мчыбжьык знык дныҟәоит ари амодельтә ашкол ахь. Уаҟа амодель илыхәҭоу, асцена иатәу ахымҩаҧгашьақәа зегь, адефиле инаркны аҧсихологиа аҟынӡа зегь ддырҵоит, ирхысуеит.
Раҧхьаӡа акәны, модельк лаҳасабала, Викториеи Аҧснынтәи лҩызцәеи злахәыз акастинг аҟны, даара агәыхыҭ-хыҭра шлымаз азгәаҭо иҳалҳәеит, ахәаҧшцәагьы адизаинерцәагьы шанханы ишлыхәаҧшуаз уи аҭагылазаашьа уажәгьы лыбла ишыхгылоу.
«Раҧхьатәи акастинг аҟны адизаинер скасы схихит, сара схала скасы схыхра анысзымгәаҕь. Снапхгаҩы Диана Ионовагьы раҧхьаӡа акәны сылбеит касыда, хцәыда. Ажәакала, адизаинерцәа рколлекциа аӡыргаразы, адырбаразы иақәнагоу амодель дахьалырҧшаауаз ари акастинг қәҿиарала сахысит. Агәахәара иснаҭаз ҳәаак амамызт, амода, ацәашәҵатәымаҭәа аӡыргараҿы модельк лаҳасабала сҭыҧ сыҧшаазар ҟалап ҳәа агәаанагарагьы соуит,» – лҳәеит уи.
Аҩбатәи акастинг ахысра еиҳа иуадаҩын ҳәа азгәалҭеит амодель қәыҧш ҳаиҿцәажәараан. Уи лажәақәа рыла, Sochi fashion Week– «Неделя моды» захьӡыз аконкурс аҟны, аҧхьатәи амш азы акастинг иахысуан. Егьырҭ амшқәа рзы, мышкы еиуеиҧшым 3-ҩык адезаинерцәа рколлекциақәа хҧа рӡыргара, дырбара еиҿкаан. Адизаинерцәа идырхиаз ацәашәҵатәымаҭәа дырбара раҧхьатәи амш азы, Урыстәыла еицырдыруа адизаинер Ольга Иакубович лколлекциа дырбара аркразы далылхуеит Аҧснытәи амодель. Ихадоу аҵкы лышәҵаны, зыӡбахә хыхь иҳәоу адизаинер лколлекциа ала амода арбара, аркра– акыр аҵанакуеит, қәҿиара дууп амодель лзы. Уи лаҭәашьахеит Викториа. Адизаинерцәа рымаҭәа аӡыргара, дырбара ахыркәшара амш азы акәзар, Викториа «иллиустрациа» ҳәа изышьҭоу, Аҧснытәи амодель ҷкәыни лареи асценаҿы реицықәгыларала ихдыркәшоит.
Ажәакала, аамҭа кьаҿк иалагӡаны Викториа ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи маҷымкәан раарҧшра лылшеит. Уи нахыс, ларгьы хәыҷ-хәыҷы агьама лкуа, модельк лаҳасабала ари аус аҿы ҟазарыла лхы аарҧшра агәазыҳәара лоуа далагеит.
Викториа иара убас, Италиа аҳҭнықалақь Милан имҩаҧысуаз акастинг онлаин ала дахысит, аха ианаамҭаз авиза ахьылмоуз иахҟьаны раҧхьа уахь лцара залыршамхеит. Аха Ашықәс Ҿыц ашьҭахь ҩаҧхьа, Милан имҩаҧгаз, ҩаӡара ҳаракыла еиҿкааз, Жәларбжьаратәи аконкурс «Неделя моды» аҟны адизаинерцәа рколлекциа дырбараҿы аҽалархәра разҟыс илоуит. Лнапхгаҩы Диана Ионовеи лареи уахь рцараан, хаҭала, Викториа ацхыраара лырҭеит Ҭарашь Ҳагба еиҳабыс дызмоу Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы, иара убас, Миланҟа лцара атәы заҳаз Викториа лашьа Аинар иҩызцәа ракәзар, аматериалтә цхыраара лзыҟарҵеит. Араҟагьы Викториа қәҿиарала акастинг данахыс ашьҭахь, хаҭала далызхыз, Франциатәи, Италиатәи, Кореатәи, Дубаитәи уҳәа адизаинерцәа хәҩык рколлекциақәа длырбеит. Амода дырбара иазкыз аконкурсгьы хлыркәшеит абаҩхатәра злаз Кореатәи адизаинер иаҧылҵаз аколлекциа аҟнытә , аҭаца ҵкы дырбарала.
Инаҵшьны иазгәаҭатәуп, Аҧснытәи амодель, амода маҭәа дырбараҿы, акрызҵазкуа ихадоу аҭыҧ, аартра ма аркра еснагь ишланаршьо, иара убас, лаҧсуара ишлыднаҵо еиҧш, аҧсуа традициақәа инарықәыршәаны лхы шаалырҧшуа, ишымҩаҧылго. Викториа дызлахәыз аҵыхәтәантәи аконкурс «Краса Руси» аҟны илыдыргалаз, амшынмаҭәа ашәҵара мап ацәылкит.
«Ҳаҧсуа менталитет иақәымшәо ацәашәҵатәымаҭәа ашәҵара шҳаҭәам, мыцхәы иаарту ашәҵара ҳмилаҭ рҿы ишыҧхашьароу, ишҳаҵанамкуа адизаинерцәа ианрасҳәа, еилкаарала исызнеит. Анаҩс, сара саӡәыкхеит ари аноминациаҿы аҵкы зышәҵаны ицәырҵыз,»– лҳәеит уи.
Шьҭа аҧышәа змоу, аихьӡарақәагьы аазырҧшхьоу амодель Викториа Кәыҵниа-ҧҳа деицырдыруеит Аҧснеиҧш уи анҭыҵгьы.
Ааигәа, Шәача имҩаҧгаз, 6-номинациак рыла еиҿкааз аҧшӡареи абаҩхатәреи рконкурс «Мисс Краса Руси 2024» аҽалархәразы хаҭала, ааҧхьара лылҭеит уи аиҿкааҩ, аиҳабы Алена Белитова.
Абар уи шылгәалашәо: «Аҧсны ахьӡала ари аконкурс бхы алабырхәыр былшоит ҳәа ансалҳәа даара сеигәырҕьеит. Аконкурс аҟны иаҧҵаз, ахӡыргаразы изықәныҟәатәыз аноминациақәа сеиллыркааит. Саргьы аамҭа маҷны ишсымазгьы сҽазыҟасҵеит.
Уахь сцаразы ацхыраареи адгылареи сызҭаз маҷҩым. Зегь раҧхьаӡагьы рыӡбахә сҳәар сҭахәуп, иҭабуп ҳәагьы расҳәоит аамҭа ҧшааны, русқәа шьҭаҵаны, хәыда-ҧсада аҵкқәа сзызӡахыз адизаинерцәа: Гәлиза Аҩӡҧ-ҳеи Мадина Ҷан-ҧҳеи.
Гәлиза Аҩӡ-ҧҳа Аҧснытәи амилаҭтә музеи аҟны, ажәытә аҧсуа милаҭтә ҵкы шыҟаз ҭҵааны, аҧсуа елементқәа, орнаментқәа иаҭахыз зегь рыла еибыҭаны, еиҿыбааны, аҧшшәы алхра инаркны даара ҟазара ҳаракыла илӡахит, ҳамҭасгьы исылҭеит ақәгылара ашьҭахь, лан илҭынхаз, аҵкы хазырҭәаауаз анапхаҵа ацҵаны.
Мадина Ҷан-ҧҳа лакәзар, «аҵкы шҧабҭахәу, ҧшшәыс иалыбхуеи?» – ҳәа дансазҵаа, сааччан, сыхәмарны, «агәыргьын Аҧсныҟа иаагартә» – сҳәеит. Усҟан ҧхыӡ избаргьы ихасҵомызт, агәыргьын шсанашьахоз. Уи акәхеит, Мадина Ҷан-ҧҳа ахәылҧазтәи аҵкы ҧшӡа сзылӡахит».
Аконкурс аҿы иҧҵаз, абаҩхатәра аарҧшразы аицлабра аноминациаҿы, Викториа излаҳалҳәаз ала, илыӡбеит аҧсуа кәашара налыгӡарц, убри азы ари акәашара лыцнарыгӡарц рабжьалгеит акәашаратә гәыҧ «Нарҭаа». Уи лажәақәа рыла, «Аҧсны ахьыӡ ҭыбгозар ҳашҧабмыдгылои, ҳаныбҭаху азы ҳахиоуп, ҳахьнеиуа, ҳаннеиуа аамҭа ҳаҳәа» – рҳәан лгәы рҭынчны лусқәа рахь дрышьҭит.
Ажәакала, Викториа лҭаацәа раҧхьа инаргыланы, ақәҿиарақәа лгәы азҭазҵаз, лааигәа иҟаз зегьы дрызгәдуны, иҭабуп ҳәагьы раҳәо дҳацәажәон.
Аха Викториа лықәҿиарақәа рыгәра згоз, ргәы иеижьартә иҟалымҵеит, урҭ рыгәцаракреи рџьабааи даҧсахеит. Ари аконкурс аҟны «Мисс Краса Руси 2024» аҟны аҩбатәи аҭыҧ иланашьахаз, агәыргьын дахьаҧсахаз инаҷыдангьы, иаҧҵаз 6-номинациак рҟныгьы 3-ҭыҧк лгеит: Ахәаҧшцәа ргәаҧхара; мисс интернет 2024; иреиҕьоу акәашаразы агәыҧ «Нарҭааи» Викториа Кәыҵниеи.
Викториа леихьӡарақәа, лиааирақәа, лхы мацара ианылшьалом, илыдгылаз, ацхыраара лызҭаз зегьы еицырзеиҧшу акәны илыҧхьаӡоит. Аҧхьаҟа уи лгәы иҭоуп ари аус аҿы лхы ҧылшәарц, аус адылуларц, иреиҳау аиааирақәеи аҩаӡареи рахь анеиразы.

Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me