Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амилициа аҿаԥхьа-адҵақәа

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭаҿы иааиуа 2024-тәи аԥхынтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.


Аиԥылара рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, ашьаусԥшааратә усбарҭа анапхгаҩы Алхас Габлиа.
Араион аҿы иҟоу изаамҭанытәиу аҭагылазаашьазы адырра ҟаиҵеит Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабы Денис Аиба.
Ҳазҭоу 2024 шықәса актәи аԥшьбарак, азы араион аҿы азеиԥшцәгьоуратә хырхарҭақәа змоу 27 цәгьоура ҟалеит (2023 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы – 35), урҭ рахьынтә иааартын 20. Ацәгьоурақәа раарԥшра 74% рҟынӡа инаӡоит. Ашәҟәы иҭагалаз 27 цәгьоура рҟынтәи 11 ицәгьоу ркатегориа иаҵанакуеит, урҭ рахьтә хәба аартуп.
Аминистр араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусура хар амам ҳәа ахәшьара аиҭеит, убри аан аԥхынтәи аамҭахәҭазы араионтә усбарҭа ахь адҵақәа шырӷәӷәахо, насгьы иара хаҭала уи ахылаԥшра шаиҭало азгәеиҭеит.
Лаҵарамза 1 инаркны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра хаҭалатәи аилазаара зегьы ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагахоит. Роберт Киут Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҿаԥхьа ихадоу ахыдҵа ықәиргылеит – Аԥсны атәылауааи традициала аԥсшьаҩцәа реиҳарак аԥсшьаразы еиҳа иалыркаауа Гагра араион ахь иаауа атуристцәеи ршәарҭадара алыршара.
«Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара ҷыдала ахылаԥшра анаҭалоит Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русура, избан акәзар акурорттә сезон аан ароуп аиҳарак аԥсшьаҩцәа ахьеизо», - иҳәеит аминистр.
Уи иара убас аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Мысра» аусура аиӷьтәра ахымԥадатәра ахшыҩзышьҭра аиҭеит. Аминистр иажәақәа рыла, акурорттә сезон аан акадрқәа реиҭныԥсахлара мҩаԥгахоит, аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Мысра» ашҟа Аԥсны егьырҭ араионқәа рҟынтәи амилициа аусзуҩцәа аусуразы идәықәҵахоит. Хазы аминистр дазааҭгылеит амилициа аусзуҩцәа рҭеиҭыԥш азҵаара, иара убас урҭ атәылауааи ареспублика иаҭаауа асасцәеи ҳаҭырла рацәажәара шрыхәҭоу азгәаҭан. Иара убас, аминистр Гагра араион аҩнҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусура аиӷьтәразы ажәалагалқәа реиқәыршәареи рыдгалареи рзы адҵа ықәиргылеит. «Ҳара лабҿаба алҵшәақәа риура ҳазыԥшуп. Убри аҟнытә шәара шәахь адҵаҟаҵара иацлалоит», - аусуратә еилатәара хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me