Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Анацәа ргәалашәара ыӡуам

Ааигәа И.Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит аибашьраҿ иҭахаз Афырхацәа ранацәа ирызкыз агәалашәаратә еиԥылара.


«Аиааира ахыҵхырҭаҿ игылоу», абас ахьӡылҵеит еицырдыруа ажурналист Екатерина Бебиа еиҿылкааз ари агәалашәаратә еиԥылара. Уи рызкын ақырҭуа-аԥсуатә еибашьраҿы зҵеицәа ҭахаз анацәа-арҵаҩцәа. Урҭ рдырреи рыуаҩреи ирыбзоураны рыхьӡ лашаӡа иаанрыжьит издыруаз зегь ргәалашәараҿ. Уажәы абра иааҳгоит ахаҵамԥҳәысра иасимволхаз анацәа хьӡырҳәагақәа рыхьӡқәа: Шьулиа Михаил-иԥҳа Хьыбба (Ӷәада), Цицина Уанчка - иԥҳа Ҵнариа-Ҭарба (Мықә), иара убас Лера Шеружева-Пежова.
Агәалашәаратә еиԥыларахь ааԥхьара рыман анацәа иааигәаны издыруаз рҭынхацәа, рыхшара, рҵаҩцәа.
Аиԥыларахь иааиз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иазгәеиҭеит: «Ҳара ҳҵеицәа иаадырԥшыз агәымшәара, изааӡаз ранацәа ры­хьӡ ака­мыршәра иага аамҭа бжьаларгьы агәхашҭра иаҳамҭароуп, аҭаацәа шәымацара шәакәӡам – урҭ зегьы иаҳтәуп, рҿаԥхьа ҳхырхәоит анацәа, аҿар шәзы иҿырԥшыган иҟазароуп».
Абиблиотека апериодикатә ҟәша аиҳабы Мадона Џьопуа илыбзоураны еиҿкаан урҭ ирызкыз ацәыргақәҵа.
Екатерина Бебиа-ԥҳа длыхцәажәеит зҭоурых ҭҵааны акьыԥхь иалырбаз ахаҵамԥҳәыс Шьулиа Михаил-иԥҳа Хьибба. Лара ашколаҿы афизика амаҭәар дырзаԥхьон. Лыҷкәын аиҳабы дшыстудентыз, амшын дашьит. Аибашьра ианалага илзынханы илымаз лыҷкәын заҵәгьы аибашьраҿы дҭахеит. Арҵаҩ бзиа дыргәаларшәо иқәгылеит Маиа Амҷбеи, аибашьҩы Ахра Гәаланӡиеи, Белла Чиригбеи. Астудентцәа Мадина Амҷбеи Саида Ҳаразиеи аԥхьеит аиаҳәшьа лзы Ельза Хьыбба илҩыз агәалашәареи, ан лԥазаҵә Зураб Чиригба иҭахара атәы зныԥшуа аҭоурыхи.
Ари аҭоурых гәыҭшьаага иацәыхарам арҵаҩы ҿырԥшыга Цицина Ҵнариа-Ҭарба лнысымҩагьы. Дышқәыԥшыз лыԥшәма длыԥхеит, аибара рынмырԥшкәа ԥшьҩык ахшара лааӡеит, лырҵаҩреи лусқәеи еидбалауа. Арыцҳара еиҭах иазыхынҳәит ари аҭаацәара, машәырла дҭахеит лыҷкәын еиҳабы Гәрам зыхьӡыз, аибашьра ианалага егьи иаанхаз лыҷкәын заҵә Беслангьы иԥсадгьыл ихы ақәиҵеит. Акызаҵәык угәы зҟажо, лыԥҳацәеи лԥа ихылҵыз лмаҭацәеи лгәараҭа еиқәдырхеит. Аиԥыларахь иааиз аҭыԥҳацәа дрылан лмаҭа Илана Ҭарба, лара даара длызгәдуны дылгәалалыршәоит зџьабаа ӷбак иҭамӡоз, зыбзиабара ала дырԥхаз ланду Цицина. Ахаҵамԥҳәыс – ан, арҵаҩы илызкны ргәалашәарақәа рҳәеит лара илызкны астатиа зҩыз, лацала Клара Думааи апоетесса Гәында Сақаниеи.
Аиԥылараҿ дыргәаладыршәеит Ҟабарда-Балкариантәи иааны иҳацеибашьуаз, зыԥсҭазаара ҳхақәиҭра иахҭнызҵаз Аԥсны Афырхаҵа Заур Пежов иан – Лера Шеружева – Пежева.
Екатерина Бебиа дазааҭгылеит Лера Пежева лҭоурых, лара аибашьра анеилга ашьҭахь Аԥсныҟа нхара дааит, Аԥсны анацәа рхеидкыла еснагь азҿлымҳара лырҭон. Аиԥылара иалахәыз идырбан Афырхаҵа дзааӡаз ан илызку авидеоанҵамҭа.
Агәалашәаратә хәылԥазы хыркәшо иҟарҵеит ажәалагала, здунеи зыԥсаххьоу арҵаҩцәа нагақәа зҽаԥсазтәыз арҵаҩы ҳәа ахьӡ рыхҵаразы ашәҟәқәа ралаҵаразы. Иҵабыргны, абиԥара ҿа еиҵазааӡоз, зҵеицәа хазынақәа Аԥсны дгьыл иахҭнызҵаз анацәа рыхьӡ хашҭра ақәым. Урҭ мҩамсит баша. Рҿырԥшы аҿар бираҟҵас еимырдалоит.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me