Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Арҿиара агәацҧыҳәара рызҭо

 

Апрель 11 рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны имҩаҧган  араион алитераторцәа ҿарацәа рсеминар, иара убас апоезиа ахәылҧаз.

Алитературатә хәылҧазы  мҩаҧысит Аҧсны жәлар рпоет Д. И. Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра иазку аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны.

 Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны еиҿкааз аусмҩаҧгатә иалахәын, уахь имҩахыҵыз ашәҟәыҩҩцәа реиҧш, араион аҵара аҟәша аиҳабы Ҭемур Гындиа, аҟәша аусзуҩцәа, арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан ақыҭақәа Ҷлоу, Кәтол, Баслахә рҟнытә инеиз аҵаҩцәа. Аумҩаҧгатә рҽаладырхәит Аҧсны абыргцәа Реидгыла ахантәаҩы Апполон Думаа, Очамчыра араион абыргцәа рхеилак аиҳабы Иури Лагәлаа.

 Аиҧылара аартраан иадырҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Агимн.

            Д. Гәлиа иархив аҟнытә ианҵоу ибжьы ала иажәеинраала даҧхьеит.

Аиқәшәара аартуа Очамчыратәи ашкол-интернат аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Асҭанда  Ҷолокәуа еиқәшәаз бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит. Анаҩс ажәа илҭеит алитературатә семинар аҵаки ахықәки иааркьаҿны иалацәажәаз  Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы – В. Аҧҳазоу. Уи иҳәеит: «Ҳазну ашықәс ҳмилаҭтә литература, ҳажәлар рдоуҳатә культура азы акырӡа зҵазкуа шықәсуп. Имҩаҧааго иарбанзаалакгьы Дырмит Гәлиа ииубилеи иадҳәалоуп. Иахьа араҟа имҩаҧысуа араион алитераторцәа ҿарацәа рсеминар, иара убас жәлар рпоет ирҿиамҭақәеи ҳпоетцәа ражәеинраалақәеи рыҧхьара  уҳәа азҿлымҳара бзиа рыманы имҩаҧысып ҳәа ҳақәгәыҕуеит».

Алитераторцәа ҿарацәа рсеминар иалахәыз Очамчыра ақалақьи араион ақыҭақәеи ршколқәа рҟынтәи аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа  рхатәы жәеинраалақәа ирыҧхьеит.

            Д. Гәлиа иажәеинраалақәа, ипрозатә ҩымҭақәа рцыҧҵәахақәа ирыҧхьеит, иажәабжь кьаҿқәа ирылхны аинсценировкақәа ықәдыргылеит, ашәеи акәашарақәеи нарыгӡеит ашкол-интернат аҵаҩцәа.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә аиҧылара иалахәыз апоетцәа  Анатоли  Лагәлаа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Заира Ҭҳаиҵыкә  Д.И. Гәлиа иажәеинраалақәеи рхатәы жәеинраалақәеи ирыҧхьеит.

Еизаз рҿаҧхьа дықәгылеит Аҧсны абыргцәа Реидгыла ахантәаҩы Апполон Думаа, агәахәара ду шинаҭаз азгәаҭауа зегьы еиҳау ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

  Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Темур Гындиа аиҧылара иалахәыз зегьы раҧхьаҟа аихьӡарақәа рзеиҕьашьауа иазгәеиҭеит ас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа аҿар рааӡараҿы хәарҭара ду шрылоу.

Аусмҩаҧгатә еихшьалауа иқәгылаз  ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы  Вахтанг  Аҧҳазоу аиқәшәара аиҿкаара иахаҵгылаз, уи зҽалазырхәыз зегьы  иҭабуп ҳәа реиҳәеит, насгь арҿиаратә хеидкыла аҟнытә инаргаз Дырмит Гәлиа ифотосахьа ашкол-интернат ҳамҭас иеиҭеит, иара убас аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рышәҟәқәа.

Аусмҩаҧгатә ахыркәшараан аиқәшәара иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәеит  ашкол-интернат адиректор Белла Ашәба, иара убас  ашкол-интернат ахәыҷқәа азыҟазҵаз арҵаҩы Асҭанда  Ҷолокәуа. 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me