Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Имԥсуа ахьӡқәа

Аԥсуа қыҭа Џьырхәа. Ахацәа нагақәа злиааз, адунеи ари ақыҭа ахьӡ азырдырыз Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ҳаразиа Владимир Камсагә-иԥа инаиркны еиқәаҳаԥхьаӡо ҳалагар хара ҳагоит. Иарбан ҭоурыхтә аамҭазаалакгьы иҟаз зегьы рҟынтә ԥсра-ӡра зқәым ахаҿсахьақәа ари ақыҭаҿы иҟоуп.


Ҳазҭалаз ашҭа ԥшӡа ду аҭынчра ахатәан. Аха, нас, аҩнқәа рҟы­н­­тә иаадәылҵыз ауаа рацәа иаадырҭәит. Агәашә аҟынтә иубарҭан анышәынҭрақәа. Еицыз уахь ҳҿынаҳхеит. Зегьы шәҭыла иҭалаҳан. Ҳааигәа игылаз Аԥсны Афырхаҵа Чачибаиа Соса аҭынчра ааилеигеит, – Оҭар дҭахеижьҭеи иан лыԥсҭазаара аиҳарак араҟа илхылгеит. Уи лыҷкәын илымкаа 15 шықәса ҵуеит ашҭа дҭымҵижьҭеи… –Иажәа наигӡаанӡа, Оҭар Шоҭа-иԥа иан Џьениа–Анқәаб Лара (Ԥуца) дааҳадгылеит.
Анқәаб Оҭар Шьоҭа-иԥа Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан диит 1962 шықәса жәабранмза ҩба рзы. Џьырхәатәи абжьаратә школ далгеит. Арратә уалԥшьа Рига ихигеит. Занааҭла дмашьынаныҟәцаҩын. Аусура далагеит Гәдоуҭатәи автотранспорттә наплакы аҟны. 1989 ш. Аԥсны имҩаԥысуаз аполитикатә еибарххарақәа дрылахәын. Ауаажәларратә форум «Аидгылара» Гәдоуҭатәи аҟәша далан. Усҟан зымҩаԥгара иалагаз амлашьратә акциа аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. 1989 шықәса цәыббра 14 рзы Гәдоуҭатәи акультуратә хан аҟны итәаз 20-ҩыќ дрылан.
– Сара акгьы сыздыруамызт, - лҳәеит иан Џьениа Лара, - амлашьра дыштәаз, ҳгәыла лыла аӡәы иаалыцҳаит. Сахьнеиз ҳаҷкәынцәа штәаз, рыԥшрақәа анызба сгәы иазымчҳаит. Сышҵәуоз схынҳәны сааит. Уи ашьҭахь еснагь ица ихьуан. Аха уи агәхьаа мкыкәа, илшоз ахәыҷы иԥсадгьыл азы иҟаиҵон.

Анқәаб Оҭар иҩызц́әеи иареи ибзиаӡаны ирбарҭан ҳаԥсадгьыл ашәарҭа ишҭагылаз. Урҭ еизон, иҟаҵатәыз ишыҟаҵатәыз еибырҳәон.
– Амлашьратә акциа иалахәыз зегьы афорум «Аидгылара» иалалеит, нас уаантә еиҿкааз, аԥсуа гвардиахь рҽанырҵеит. Оҭар мыцхәы имцәажәоз дырхыԥхьаӡалан, уи иус бзианы идыруан, иагьыназыгӡоз дыруаӡәкын. Еснагь иҟамзаара иацәшәоз, иагьарааны дмааиргьы, дмыцәаӡакәан иԥшыз иан лгәы шьҭихуан, ирыӷәӷәон: «Сан акы бацәымшәан, ҳара заҟа ҳрацәоу бдыруоу?! Гәдоуҭа амлашьра итәаз, иббоз ҳамацара ҳакәу џьыбшьо иҟоу? Ҳара даараӡа ҳрацәаҩуп ҳәа лгәы аарыӷәӷәаны дналԥырҵуан –иҳәеит Аԥсны Афырхаҵа Соса Чачибаиа.
– Оҭар, ипатриотизм ҳәаа амаӡамызт. Амлашьра иантәаз, ҩымчыбжьа рышьҭахь итәаз, зыԥсы зылшәшәоз аҳақьымцәа ирылырго иалагеит. Оҭар 18 мшы рнаҩс ихдырра ицәыӡны ахәышәтәырҭахь дыргеит. Абри ахҭыс усҟан инҭкааны политикатә ԥсахрак Аҟәеи Қарҭи рыбжьара иазыҟамҵазаргьы, еилыхха ауаҩы инарбеит аҿар рыҩнуҵҟа апатриотцәа иашақәа реиҵагылара ишаҿыз. Агуманитартә еидарақәа аҳә́ааҿы иныжьны, Шроматәи (Гәыматәи) ахырхарҭаҿы ҳаибашьцәа џьаԥҳаныла реиқәыршәара далагеит. Изныкымкәан имашьына артҟәацгақәа аҵаԥжәахьан, аха знымзар зны идҵа намыгӡакәа дымхынҳәыцызт», – абас дихцәажәахьан зыԥсҭазаара иалҵхьаз Назырбеи Габниа.

– Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага Анқәаб Шоҭа иԥацәа рҩыџьегьы Оҭари Баҭали абџьар шьҭырхит. Аибашьра ахатәы уадаҩрақәеи апроблемақәеи ацын. Аԥсны анҭыҵынтәи арахь иаагалатәын афатә, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рымаҭәа, абџьар, аибашьыгатә техника… Араҟа зыгәра гоу, изықәшәозаалак аҟны чарҳәара зымуа, апатриотцәа ԥшаатәын, избанзар Урыстәыла иаѓәылсны ицатәын. Имҩаԥгатәын маӡала: аџьаԥҳаны, абџьар, хыхь афатә-ажәтә ақәҵаны, ҵаҟа бџьарла ирҭәны – Анқәаб Оҭар шаҟантә аҳәаа машьынала дхыҵыз, шаҟантә агуманитартә еидара абџьар аҵаҵаны, Аԥсны иалеигалаз аҳәара уадаҩуп. Нас, дшааҭацәлак иабџьар аашьҭыхны игәылацәа ахырӷәӷәарҭа ахьыркыз Каман аҭарцәрахьы дцон. Ма сара сгәыԥ ахьыҟаз длеиуан, уаҟа иашьеиҵбы Баҭал деибашьуан… – иажәа иациҵон Чачибаиа Соса.
Анқәаб Оҭар хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара аан, иҩыза ѓакьа амлашьратә акциаҿы ицтәаз Дбар Гулик иҭахара даара ихьааигеит. Аибашьра анеилга уи лассы-лассы инышәынҭра даҭаауан.
1994 ш. ԥхынҷкәын мзазы Џьырхәаа Галҟа аҳәаахьчара ацара рыдын. Оҭар аҩны дыҟаӡамызт. Данааи аусҳәарҭаҿы аизара шыҟаз аниарҳәа, иаразнак уахь иҿынеихеит. Еизаз рацәаҩын. Убраҟа ирылаҳәан 20-ҩык рсиа шьақәыргыланы усҟан ақыҭа аиҳабыс иҟаз Анқәаб Алик, ус иҳәеит: – Асиа аҟаҵаразы ианрылаҳҳәа акыраамҭа ҭынчран. Оҭар уи аҽны Урыстәылантәи дааит. Аԥсны арбџьармчқәа дрыдын, фатәыла, жәтәыла еиқәиршәон. «Уаҵәы иаҳашьҭуада, ирыцаҳҵода?» – анаҳҳәа, Оҭар ибжьы аӷьараҳәа иаагеит: «Сара сцоит!» ҳәа. Иара ишьҭахь Бгардәаа 15-ҩык асиа рҽанырҵеит. Оҭар Џьырхәаа еицыз ргәыԥ деиҳабны дрыццеит.
Џьырхәантә ԥхынҷкәын фба 1994 ш. рзы, Гал аҳәаахьчара ицаз адиверсиатә гәыԥ иаҿагыланы аибашьра рықәшәеит. Оҭар ихымҭақәа аӷацәа аӡәырҩы агеит, аха иаргьы аӷацәа рхы дзацәымцеит. 1994 шықәса ԥхынҷкәын жәаба рзы дҭахеит.
– Ауаҩра, аилкаара змаз еибашьҩын, –ауаҩы ӷәӷәа ахьымӡӷ зхы иқәзмыртәоз, зхатәы дунеихәаԥшра змаз патриотын. Иахьа ҳахьааилагыло, –Оҭар дҳамандаз, ииҳәоз жәбарын ҳәа даҳгәалаҳаршәоит. Уи иажәа узавсуамызт, акы узацҵомызт, зегьы рыла дыӷәӷә́ан…», – дигәалаиршәон Соса Чачибаиа.

Анқәаб Оҭар иҩызцәа еиҭарҳәоз, итәаны иазыӡырҩуаз иан Џье­ниа-Анқәаб Лара (Ԥуца) лылаӷырӡқәа ԥшьшьаала ҿымҭӡакәан илрыцқьон. Зны ирҳәоз аҭоурыхқәа лхы-лҿы аарлашон, нас даацәажәеит: «саҳәшьцәа срызгәаауеит, шаҟа шықәса абас зашҭа иҭымҵуа дыббахьоу?» ҳәа сарҳәоит… Оҭар иԥсҭазаара зегьы еибашьран. Уажәы ҳаҩны иҩнагылоу, ҳхәыҷқәа ҳзызааӡо рангьы деибашьуан, уи Баҭал иԥшәма лоуп…
Аибашьцәа Оҭари Баҭали зҭиааз ашҭаҿы амаҵ луан аибашьра зегьы иалсыз аҭаца Шармаҭ-Анқәаб Назира. Уи Вианор Ашба ибаталион «Горец» далан.
– Аибашьра ансгәалашәалак, иахьатәи сыԥсҭазаара схашҭуеит, уахь сагәыланахалоит. Снапаҿы ацхыраара ишаҳәоз иҭахаз рыблақәа сыла ихгылоуп. Аибашьра уԥсҭазаара иалхны ааныжьра уадаҩуп. Урҭ сгәи сгәаҵәеи ирыласоуп, суаҩыбжара сымызхыз, еснагь исыцу фырхацәоуп…
Ахәцәа лгәаларшәо дазааҭгылеит ахәра ӷәӷәа зауз аибашьҩы Адлеиба Ҷыка (Ахбиук дырхәит).

Иԥсы лыманы дылбааит. Уи иеиқәырхаразы лшьа лылхны илалҵон. Рыцҳарас иҟалаз, иахьлалбааз аӷацәа ирылашәеит. Адырҩаҽны ауп ианлыбаарга. Ӷәӷәала ихәыз Адлеиба Ҷыка ибз абжа амаӡамызт, иԥсы еиқәхеит.
– Уажәы, Москва дынхоит. Москвантә дшааилак ҳаиқәшәоит, ҳаибабоит… Иҭахаз лгәаларшәо лылаӷырӡқәа рыцқьо, зны ус лҳәеит: «Ахбиук ҳанылбаауаз, ԥхынгәы 25 рзы ҳкомандир Ашба Вианор имшира ыҟан, уи аҽны ахәра иоуит, Барганџьиа Бесики Кәакәасқьыр Пазики ршьит. Урҭ сара исқыҭатәқәан, Лашькьындартәқәан… Урҭ снапы рыхьшьны, еиқәкны, сызхара сҵәыуаны, ԥхьаҟа сцеит… Иахьагьы сыбла ихгылоуп…»– ахҭысқәа лгә́алалыршәон Назира.
Шармаҭ Назира аибашьра шьаҿа-шьаҿа далсит. Уахык аҩны даанымгылеит. Назира лаб деибашьуан, Цагера аныргоз дҭахеит. Леон иорден ианашьоуп. Аибашьра ахьынӡацоз лаби лареи еибамбаӡеит. Назира Егры аиааира даԥылеит. Аха аибашьра ашьҭахь лымҩа Галҟа ихан. Ибзиаӡаны илдыруаз лҩызцәа Бениа Сусанеи Барцыц Иреи 1994 ш. Гал иҭахеит. Урҭ рҭахара лара лзы имӷьаӡо хәраны иаанхеит. Дырхычмазаҩхеит, илҵәуеит, дгәырҩеит, аха урҭ рырхынҳәразы амч лымамызт. Аибашьраҿы иаалырԥшыз агәаӷьразы «Агәымшәаразы» амедал ланашьоуп.
–Зны-зынла аибашьраҿы ҳаҟазар еиҳа еиӷьын анысҳәо ыҟоуп, избанзар усҟан ҳаидгылан, ҳажәа акын, ҳаицхыраауан, ҳрыцҳаибашьон… Уажәы џьоукы-џьоукы аибашьраан инықәгыла-аақәгыло иҟаз «фырхацәан», иуаа дуқәахан аԥсшәаҵәҟьа аҳәара раҭәаршьом… – Назира лахь иҩны иааиз ахәыҷқәа дааргәыдрыҳәҳәалеит, ларгьы лхы-лҿы аалашеит… – Абарҭ ахәыҷқәа рзын абзиара ҟалааит, – лҳәан дааԥышәырччеит Назира.
Ашҭа зегьы ацәажәабжь ҭыҩуан. Аусурахьынтә иааиз Баҭал ишьаҿақәа ӷәӷәала еихыго ашҭа дааҭалеит, уи аибашьра зегьы иалсыз, Леон иорден ианашьоуп. Ан Ламара Џьениа-Анқәаб быжьҩык лмоҭацәа дрыгәҭылакны игылан. «Оҭар амлашьратә акциаҿы дантәаз 20-ҩык еицтәаз рахьтә аибашьраҿы иҭахеит: Аҩӡба Фридон Ҷаҷ-иԥа (Аԥсны Афырхаҵа), Дбар Гули Константин-иԥа (Леон иорден) ианашьоуп, Анқәаб Оҭар Шоҭа-иԥа (Леон» иорден). Амлашьратә акциаҿы иҟаз Гәдоуҭа итәаз ахацәа зегьы аибашьра иалахәын. Оҭар ихьӡала аӡәы адәы дықәызҭгьы, сгәы уи ала исҟычуан, аха… Иара 32 шықәса заҵәык роуп иниҵыз», – лҳәан ԥшьшьаала лҿыналхеит.
Ашҭа аганаҿы инышәнап ҟалеит. Уаҟа иара идҳәалоу зегьы еидкылоуп. Даныхәыҷызтәи ипатреҭқәа рыла иалагеит. Ихәыҷратә ԥсҭазаара уагәыланахалоит, нас ашкол данҭаз ашықәсқәа, аԥсуа жәлар рмилаҭтә қәԥара… Урҭ зегьы иуеилдыркаауеит ахааназ аҭоурых азы имԥсуа ахьӡ аанзыжьыз ахаҵа иҭоурых. Аибашьцәа реицәажәара агәра унаргоит Анқәаб Оҭар Шоҭа-иԥа иҩызцәеи иареи еиқәдырхаз ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш лаша шацзаауа…

Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me