Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Хабарда дыбжьадырӡит

Аҧсуа шәҟәыҩҩы-адраматург, арежиссиор, актиор, акәашаҩ, Аҧсни Қырҭтәылеи жәлар рартист Мҭы Ақаҩба диижьҭеи 115 ш. ҵит.


Мҭы Осман-иҧа Ақаҩба диит (14.03.1909) иахьатәи Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит – инықәырԥшны 1938 ш. рзы).
Ақыҭа школ даналга аҵара изацымҵеит, аҩны дыҟан, иҭаацәа дрыцхраауан анхамҩа аус аҟны. Ашьҭахь аҵара иҵон Гәдоуҭатәи жәашықәсатәи ашкол аҟны, адраматә кружокгьы далахәын.
1929 ш. апрель азы Аҟәантә дызҭаз ашкол иаҭааит хҩык рыла ишьақәгылаз акомиссиа: Аҟәатәи аҧсуа школ адиректор К. Ӡиӡариа, аҟәатәи адраматә студиа арежиссиор В. Домогаров, иара убас арҵаҩы В. Маан. Акомиссиа иалаз аҧышәара иахрыжьит адраматә кружок иалахәыз жәохәҩык. Урҭ рахьтә Аҟәатәи адраматә студиа ашҟа ирыдыркылеит хәҩык, «насыҧ змаз» дрылан М. Ақаҩба, насгьы амилаҭтә театртә ҟазара иналукааша аусзуҩцәа ракәны ишьақәгылаз А. Агрба, Шә. Ԥачалиа, Р. Агрба, В. Аргәын.
М. Ақаҩба астудиаҿы иҵара анхиркәша аусура далагоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Уи нахыс, 1936 ш. инаркны аҵара иҵон Қарҭтәи атеатртә институт аҟны. Рҵаҩцәас иман еицырдыруа актиорцәа, СССР жәлар рартистцәа А. Хорава, Џь. Алексиӡе, А. Васаӡе. Усҟан аинстиут иҭан иара убас М. Зыхәба, Ҳ. Қапба, Ҷ. Џьонуа уҳәа егьырҭгьы.

Жәлар рыкәашареи рашәа­қәеи дрызҿлымҳахеит дыш­қәыҧшыз. Дышнеи-шнеиуаз дхореографхеит, П. Ԥанцулаиа напхгара зиҭоз Аҧснытәи аетнографиатә ансамбль акәашаҩцәа нагақәа дреиуан. Араҟа ахкы нагӡаҩцәас иҟан еицырдыруа акәашаҩцәа Г. Агрба, Џь. Хьециа, Ф. Ачба, А. Гәыблиа, Ш. Аҩардан, К. Лазба, А. Чычба, Д. Царгәыш уҳәа егьырҭгьы. М. Ақаҩба ихьӡ иадҳәалоуп «Шьараҭын» назлоу акәашарақәа ансамбль апрограмма алаҵара.
М. Ақаҩба ибаҩхатәра акәашарақәа рҟны мацара акәым иахьааҧшуаз. Аҟәатәи адраматә студиа даналга, арежиссиор В. Домогаров идигалеит адраматә ҩымҭақәа ҩба: «Кьахьба Ҳаџьараҭ», «Инаҧҳа Кьагәа». Иҩын жәлар рашәақәеи ражәабжьқәеи шьаҭас иаҭаны. Нас ихаҭагьы ароль хадақәа (Ҳаџьараҭи Кьагәеи) наигӡеит арҭ аспектакльқәа рҟны. Аҩымҭақәа хазы иҭыжьын Аҟәа.
М.Ақаҩба авторс дрымоуп иара убас аетиуд «Шәхынҳәы» (иҩуп С. И. Ҷанба иҭоурыхтә драма «Амҳаџьыр» аҵыхәтәантәи ахәҭа шьаҭас иаҭаны), апиесақәа «Аӡахәа ашәа», «Мҩамш, аҧҳәызба», актк злоу аскетч «Ҳабахә ила».
Аҧсуа драматә театр аҟны М. Ақаҩба дыхәмарит арольқәа: акомандор (Лопе де Вега, «Ауаса рӡыхь»), Ҳаџьы Мураҭ (И. Вакели, «Шамиль»), Рылеев (Н. Лернер, «Адекабристцәа»), Лиапкин-Триапкин (Н. В. Гоголь, «Аревизор»), аокруг аиҳабы (С. И. Ҷанба, «Кьараз») уҳәа.
1938 ш. алагамҭаз Қарҭ М. Ақаҩба дырбаандаҩын, уи нахыс аӡәгьы ихабар имбеит. Заа дыршьхьан иашьа Шьрыф. М. Ақаҩба ашьауӷа иқәҵан 1938 ш. март 14 рзы, ахәҭаҷ 58, 10-58, 11 инақәыршәаны. Апартиеи аиҳабыреи (ахәҭакахьала Л. Бериа) дырҿагыланы дықәгылеит ҳәа ахьӡҵаны ахара идҵан. Дандырбаандаҩуаз аламҭала адраматург иҩуан акомедиа «Аҵыхәтәантәи ачара», аригьы афольклортә материалқәа ахрархәарала.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иҭыжьуп ишәҟәқәа: «Кьахьба Ҳаџьараҭ» (3-хәҭаки хә-сахьаки змоу адрама. Аҟәа, 1933); «Инаҧҳа Кьагәа» (5-хәҭаки 9-сахьаки змоу адрама. Аҟәа, 1936; «Апиесақәа» (Аҟәа, 1958); «Икыдлаз аеҵәа» (Апиесақәа. Ихаҭа изку астатиақәеи агәалашәарақәеи. Аҟәа, 2002).

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me