Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Акалаҭи амҵәышәи рҭоурых

Аԥсуаа рҿы аарыхра иузаҟәым­ҭхо иадҳәалоуп ҩ-маҭәарк – акалаҭи амҵәышәи. Ишԥацәырҵи дара, насгьы урҭ ирышьашәалоу маҭәарқәак иахьа ахархәара зрымамзи дара реиԥш, ашышра ҩычагас аԥсуаа ҳҿы аҿиара ианбалагеи?
70 шықәса зхыҵуа Мықә ақыҭан инхо Зураб Араҳамиа инапала акалаҭқәа ҟаиҵоит. Уи игәыла иҟынтә иҵеит. Иара иҽазҵәылхны дашьҭаны ҳәа акәым, анхараҿы исыхәо ак сзыҟаҵозар ҳәа нап аиркит. Аԥхьа иҟасҵоз усҟак ублаҿ иааиуамызт, аха нас салашьцылеит, иҳәоит иара. Зны ихазы ишышуан акалаҭқәа, нас аҳаблан инхоз зегьы акака рзыҟаиҵеит.
Зураб акалаҭ аџьи арасеи ирылихуеит, урҭ аҵла ахкқәа рырҷҷара маншәалоуп. Амҵәышә ҟаимҵац, уи иаҳа ицәгьоуп иҳәоит. Акалаҭ ашышраҿы зегь реиҳа узыдхало аҵа аҟаҵароуп.
«Акалаҭ злысхуа аџьи араса ҷыни нанҳәамзазоуп ианԥысҟо. Ҩымш раҟара ианышьҭасҵалак ашьҭахь, амцаҿы избылуеит. Амҿы канӡароуп, аршьшьара маншәалахарцаз. Ашышра саналаго мышкы шагу уахык амҿы аӡы иӡаауп. Азхара аӡы аналалак аус адулара маншәалахоит», - иҳәоит Зураб.
Абар, шьҭа ҩажәа шықәса ҵуеит анхаҩы акалаҭқәа ҟаиҵоижьҭеи. Ари аамҭа иалагӡаны шьҭа иус дазҟазахеит уҳәар алшоит. Иусумҭақәа иҭиуеит, изҭахугьы маҷҩым. Аԥхьа даналагоз калаҭк 1500 мааҭ иаԥсазгьы, уажәы х-нызқь мааҭ рҟынӡа инеихьеит, иаазхәогьы анхацәа роуп.
«Акалаҭ анҵыра амоуп, аџьабаагьы абоит - ибзианы уахылаԥшуазар. Ауаара ианруҭалак хьаас изымкуа дыҟоуп. Аџьықәреи амашьына ианақәрыԥсалак хыхьынтә идыршәуеит, ма иақәтәоит, зны адәахьы иаанрыжьуеит. Акалаҭ уи бзиа иабаӡом. Пату ақәуҵар, акыраамҭа иухәарҭахоит», - иҳәоит Зураб икалаҭқәа дрыхӡыӡаауа.
Зураб акалаҭқәа ҩ-хкыкны иҟаиҵоит, идуу - 50 кьыла зкуа. Уи аҟаҵаразы 140 сантиметр иҟоу аџьқды аҭаххоит, егьи - 25 кьыла зкуа – иазхоит метраки ҩажәа сантиметри иҟоу. Акалаҭ хәыҷқәа зҭаху еиҳарак аҳәса роуп, рацәак аидара аҵалара зҭахым. Акалаҭ хәыҷы аҟаҵаразы зынӡа ижәпам қдызаҵәык азхоит.
Аҟазеи сареи заа ишеибаҳҳәа­хьаз еиԥш, инагӡаны иҟаҵамыз акалаҭ аҿы иаҳирбеит ишишышуа. Иаҳа иҟьаҟьаны иҟоу аткьацқәа аҵахь ишьҭуеит, иааихданы ишьҭаиҵоит. Акалаҭ иахәҭоу аҭбаара анаиҭалак, аӷәыцәмаҟьақәа аҩадахьы ирхәоит. Нас иаҳа иҵаӷоу алаиԥоит. Акалаҭ ахы акәзар, аҷын аакәыршан адәахьалагьы, аҩныҵҟалагьы еидикылоит. Нас акылҵәарақәа ҟаҵаны арасамаҵә ҵаӷаӡаны ирҷҷаны, акалаҭ ахы алаҿаиҳәоит. Азныказы зыжәпара маҷу, аха ихәхәаӡа иҟоу аҵәаҟьақәа анубалак уаршанхоит, ас иҵаӷаны рҷҷашьас иамоузеи ҳәа. Зураб иажәақәа рыла, ҷынк хәба-ԥшьба ҵәаҟьа алихуеит. Иара маругас имоу аҳәызба мацароуп. Араҟа аус злоу, иара иажәақәа рыла, ианаамҭоу аџьи арасеи рыԥҟароуп, уи ианацлалак аԥышәа бзиа – акалаҭ мазеиуп. Ҽнакала ҩбагьы анеизиго ыҟоуп, излихуа ирмазеины имазар. Ари аус аҿы аӡәы духәартә дыҟам, иҳәоит Зураб. Иара ихала, ҭынч аус аниуа иаҳа бзиа ибоит.
Акалаҭи амҵәышәи аԥсуаа ҳҿы ииз маҭәарқәоуп. Дара ажәытә хаҳәаамҭа аҟынтә иаауеит. Иара амҵәышә аформа акәзар, аԥсуаа ирхәыцыз ак акәны иҟоуп, лҳәоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы Инга Шамԥҳа.
«Ауаҩы дшьақәгылеижьҭеи, ажәытә ахаҳәаамҭа инаркны, анхараҿы ихы иаирхәоз злаҟаиҵоз аҵиаақәа рыла акәын. Раԥхьатәи амаҭәахәқәа ишышны иҟаиҵоит. Урҭ ҟазара ҳаракыла инагӡамзаргьы, даара ихәарҭан. Итыруа иҟаз аҵиаақәа: аҟарма, аӡахәа, ашәчқәа ирылырхуан. Аӡҟычгьы ахархәара аман», - ҳәа еиҭалҳәоит Шамԥҳа.
Абраҟа иҳәатәуп, акалаҭи амҵәышәи ишышны иҟарҵоз амаҭәарқәа рахь ишаҵанакуа, ашышра ахаҭа акәзар, аԥсуаа рнапҟазараҿы ҩычага елементны иԥхьаӡоуп.
Аԥсуаа мҿыла иршышуан аандақәа, ажәытә ргыларақәа – ақәацәқәа, амаҵурҭақәа, аԥацхақәа, акәытҵарақәа, ацақәа, аџьмаҭрақәа уҳәа.
«Ажәытә нхарҭақәа быцала иршышуан. Ахыбқәагьы аҵиаақәа рыла иԥаны иҟарҵон ақәа кылымсырцаз, асы ачҳарцаз. Аҵиаақәа рыла ашышра Аԥсны ииз акоуп», - иазгәалҭоит аетнолог.
Аԥсуаа жәытә-натә аахыс ажьааӡара иаҿын, уимоу аӡахәа Аԥсны иатәу ҵиаауп. Аӡахәа ара еизҳауан ауаҩы дықәнагалаанӡагьы. Абнаӡахәақәа даара иалаҵәаны иҟан. Ажь аԥсуа дгьылқәа иртәу ҵиааны ишыҟоу аршаҳаҭуеит Нарҭаа репосгьы. Ажь зларҭаауаны аԥсуаа ирхәыцыз амҵәышә ауп. Ақәаҵақәа рҿы ахархәаразы даара иманшәалан. Ажь зҭаз амҵәышә шахала илбаашьҭны акалаҭ иҭарыԥсон. Иахьагьы аҵлақәа ирықәу ажь усоуп ишырҭаауа. Иҟоуп анапҟазацәа - уи ҟазҵо.
Инга Шамԥҳа илҳәоит Аԥсны византиаа рымч аҳра анауаз араантә иртәыртәуаз ауаа иахьнаргоз аҭыԥ аҿгьы ирдыруаз акәын излагоз. Италиатәи ажәытә хыҵхырҭақәа рҿы иҟоуп амҵәышә асахьа змоу ажь зларҭаауаз, аха уи Аԥснынтә игоу акоуп ҳәа агәраганы дыҟоуп аетнолог.
Амҵәышә аформа аԥхьа ицәырҵыз ак шакәугьы, акалаҭ иаҳа ахархәара аман. Иҟан амаа зманы аҟаҵкәырқәа реиԥш иҟаҵаз, шәагаалагьы дара еиуеиԥшымызт. Адгьылқәаарыхра ианалага нахыс акалаҭ асахьа змаз ишышны иҟаз амаҭәахәқәа ркын. Раԥхьа Аԥсны иаадрыхуан ахәыӡ, нас ажәибыжьтәи ашәышықәсазы ицәырҵит аџьықәреии аҟәыди. Иара иахьагьы амхы аҭагалараҿы акалаҭ ада ԥсыхәа ыҟам, иара ахы ҭбаауп, иманшәалоуп. Акалаҭ ркын аҭаҭын анҿырхуазгьы.
Иршышуаз анхараҿы ихәарҭаз маҭәарын адарҷ. Иара иахьа ахархәара амам, аха аиԥш зеиԥшу убар улшоит Аҳәынҭқарратә музеи аҿы. Иааизыхәаны иҟаз, иара хәарҭан аԥсыӡкраан. Адарҷ иаҳа итыруаз аҵиаақәа ирылхны иҟарҵон, аха еиҳарак аҟарма иалырхуан. Аԥсыӡ ахьамаз аҭыԥ аҿы иаанрыжьуан. Иара иамаз аформа иабзоураны аԥсыӡ анҭалалак шьҭахьтәи изҭыҵӡомызт. Аԥсыӡ ҭаларцаз изларжьоз фатәык ҭыршьуан.
Еиҭа ишышны иҟарҵоз аинтерес зҵоу маҭәаруп ацгәмырчы. Иара аԥацхаҿы икнарҳауан, афатә ҭарҵәахырцаз. Еснагь ахәышҭаараҿы еиқәыз амца иахылҵуаз алҩа иабзоураны афатә ԥхасҭахаӡомызт. Иара ишышны, иаагьежьны аформа амоуп. Ҵаҟала иамаз ахҩа аартны унапы нҭаҵаны иуҭахыз афатә ааҭугон. Ацгәмырчқәа акымкәа-ҩбамкәа икнарҳауан, афатә еилыхны акәын ишҭарҵоз. Акәацрҩа хазы, ахшлых хазы.
Ишышны аԥацхақәа рҿы ахәышҭаара иахакнарҳауан иара убас ахәарҭа, афатә ахьдырҩоз, иара убас аҭӡаҿы икыдырҵон акәаҷабқәа зҭадыргылозгьы. Амузеи аҿы иҟоуп мҿыла мацарала ишышны иҟаҵоу алыхәҭа. Иара аамҭа иаӡрыжәхьеит аҟнытә иԥҽуп, аха аиҿартәышьа, аидкылашьа уамашәа иҟоуп. Иҳәатәуп, ишышуаз ахацәа шракәыз, дара роуп аҩнымаҭәахәқәагьы ҟазҵоз.
Абасала, аԥсуаа ҳҿы ицәырҵыз маругақәак иахьагьы ахархәара рымоуп, анхацәа рнапаҿы иркуп, иажәыр аҿыц аархәоит, егьырҭ ракәзар, шьҭа амузеи аҿы ада иубарҭам, рыхьӡқәагьы ажәытәра иагеит.

Альбина Жьиба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me