Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Лхаҵкы, аминистр иԥҳәыс

Аԥсны жәлар рартист, Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмаа-ԥҳа иқәлыргылаз, Бранислав Нушич иҩымҭа иалху аспектакль «Лхаҵкы, аминистр иԥҳәыс» знык иахәаԥшыз игәы еиҟараны дыннажьуам, даҽазныкгьы аиҭахәаԥшра агәаҳәара инаҭоит.


Аспектакль аҟны даара ибзианы иаарԥшуп зхаҵа дминистрхаз аҳкәажә Џьени лԥагьареи лхышьҭыхреи, ҳәаа змам, иагьҵаҵӷәыдоу лхымҩаԥгашьа. Арҭ реиԥш ацәаҩа ҟазшьақәа ихнаԥааз аҳкәажә Џьени лхаҿсахьа Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы қәҿиарала анагӡара лылшеит Аахыҵ-Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист Фрида Леи-ԥҳа.
Аспектакль аҟны актиорцәа рҟазара ган рацәала иаарԥшуп, урҭ ари аспектакль аҟны инарыгӡоз акәашарақәа ахәаԥшҩы агәахәара инаҭартә еиҿкаан. Хаҭала, актиорцәа рбаҩхатәра инаҷыданы, ахәаԥшҩы илаԥш зыдхалаз ируакуп урҭ рцәашәҵатәымаҭәа, реилаҳәашьа. Абаҩхатәра злоу адезаинер О. Загорскаиа актиорцәа рцәашәҵатәымаҭәа гьама ҳаракыла, ԥшшәы бзиала еинааланы, еиҿыбааны аԥҵара лылшеит.
Аспектакль аҟны иччархәны иаарԥшу, адунеи амаа знапы иакушәа збо, хаҭала амаҵура змамкәаны, акгьы иалаҟамкәаны иуаҩ дуны зхы збо, лхаҵа данминистрха, «аминистерша» – ҳәа амаҵура зхазгьы изхәыцыз аҳкәажә Џьени леиԥш иҟоу ауаа ҳаамҭазгьы уаҩы иԥылоит. Аха амаҵура иага иҳаракызаргьы, уи ауаҩреи ахымҩаԥгашьа бзиеи ацзар шакәу, ишхадароу, насгьы иарбан маҵуразаалакгьы ишаамҭалатәу, ауаҩреи ахымҩаԥгашьа бзиеи ауаҩытәыҩсатә ҟазшьа иахәҭакзар шакәу ала уаҩ дазнархәыцуеит аспектакль.
Зны-зынла аԥсҭазаараҿы иаҳԥылало аҳкәажә лҟазшьеи лхымҩаԥгашьеи змоу ауаа ҿаԥнаҽуеит, рыбзамыҟәра аанарԥшуеит.

Алиа Гәажә-ԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me