Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсуа кинематографиа аихьӡарақәа

Иахьатәи сажәабжь изкуп иқәра шырацәамгьы аихьӡара дуқәа змоу, аҟыбаҩ ҷыда злоу, здунеихәыҧшышьа даҽаку ҳәа ахьыӡ зырҭахьоу, аҧсуа киносахьаҭыхыҩ қәыҧш, асценарист, актиор Наур Гармелиа.


Наур далгеит акинои, ателе­хәаҧшреи, арежиссуреи, акиносахьақәа рҿы ахәмарреи рзы Сан­кт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә институт. Иахьа лҵшәабзиала Урыстәыла аус иуеит режиссиорк, сценаристк, актиорк иаҳасаб ала. Дравторуп акиносахьақәа хҧа, дара Аҧсны иҭыхуп, аҧсуа цәа рхоуп. Изныкымкәа иара исценари иалху аҭыхымҭақәа алыркаахьеит иреиҕьу ҳәа. Убас 2021 шықәса рзы, ҩымҭак аҟынтәи иганы акәымкәа, иара имала ииҩыз асценари аҿар рыбжьара, анаминациа «Восхождение» аҟны аиааира игеит. Наур дравторуп зметр кьаҿу акиносахьақәа «Аишьцәа», «Ацҳа». Ахҧатәи афильм «Аҵыхәтәантәи ахәҧса» аус адулара анхыркәшаха ааигәоуп, уи аӡыргарагьы мҩаҧымсӡац. Наур Гармелиа изы ари раҧхьатәи зметр хаҭәаау фильмуп.
«Ленфильм» аредактор хада Андреи Апостолов, Наур исценари дахцәажәо иазгәеиҭахьеит, арежиссиор қәыҧш иусумҭа аниба инаркны ишеилкааз иара ҧеиҧш змоу иакәны дшыҟоу. «Аҵыхәтәантәи ахәҧса» акиносахьа алагоит асоциалтә ҟазшьа аманы, анаҩс иара атриллер ахь ииасуеит, ихыркәшахоит авестерн ала. Асценари ҩуп узавамло ҩаӡара ҳаракыла, ажанртә еилазаашьа акәзар, иџьаушьартә ахырхарҭақәа еиларсуп», – иҳәеит «Ленфильм» аредактор хада Андреи Апостолов. Наур ихаҭа иакәзар иҳәоит, асценари аҩра даналагоз хықәкы хаданы ишимаз иахьынӡауала ауаҩы изааигәаны аҩра. Ааамҭа акыр агеит акиносахьа ахьҭырхшаз аҭыҧқәа рыҧшаара, акастинг амҩаҧгара, уи зегьы рнаҩс ҩажәаҩык рыла ишьақәгылаз аҭыхратә гәыҧ рмаругақәа рыманы Аҧсныҟа раара. Арежиссиор Наур Гармелиа акиносахьаҿы арольқәа рынагӡаразы ааҧхьара риҭеит Урыстәылатәи актиорцәа ҧшьҩык: Васили Шьчипицин, Алексеи Белогорцев, Екатерина Демидова, Иулиа Шуборева. Иара убасгьы афильм аҿы арольқәа нарыгӡон зҟазара ҳараку аҧсуа актиорцәа Рауль Ақаҩбеи Даур Арухааи. Аҭыхрақәа рыхәҭак мҩаҧысуан Тҟәарчал ақалақь иаҵанакуа аҭыҧ ҧшӡарақәа рҿы. Џьанҭыхә рыгәқәа атҟәеит, рыбла хнакит аҭыхратә гәыҧ зегьы. Урыстәылаҟа ианыхынҳә анҩсгьы, рсоциалтә даҟьақәа рҟны афотосахьақәа иҭагало ирыҵарыҩуан ирбаз аҧшӡара иоунамышьҭуа икны ишамоу. «Аҵыхәтәантәи ахәҧса» аҟны иаарҧшу атема аибашьра ашьҭахь аӡәырҩы ирзааигәаз акәын, убри азоуп саргьы изалысхыз», – иҳәоит Наур. Акиносахьа афинанстә дгылара анаҭеит Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистрра.

Абри афильм ауп иалахәу хәажәкыра ҩажәи хҧа рзы Ханты-Мансииск иаатыз «Дух огня» захьӡу Жәларбжьаратәи аҩажәиҩбатәи аҧхьарбара афестиваль. Сынтәатәи атема азкын амилаҭтә кинематографиа иҷыдоу абызшәа. Уи иалахәын Урыстәыла зегьы аҟынтәи арежиссиорцәа русумҭақәа реиҧш, аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәаба рҟынтәи зҽалазырхәыз арежиссиорцәа рфильмқәагьы. Афестиваль аҽалархәрагьы ус имариаӡам, избан акәзар ҧҟара хаданы иҟоуп- иалахәу акиносахьақәа зегьы раҧхьарбара. Наур Гармелиа ифильм ҭыхны, еизганы амонтаж азуны ахәаҧшразы ирхианы даналгази, афестиваль анымҩаҧысуаз аамҭеи еиқәшәеит. Ааҧхьара анирҭа уи аҽалархәра дақәшаҳаҭхеит. Арежиссиор иажәақәа рыла аҧсуа цәа зхоу асценари лымкаала дазнеиуеит. Избан акәзар ари иара изааигәоу темоуп. «Сара исҭахуп сҭаацәа, сқыҭа, сыҧсадгьыл ртәы еиҭасҳәаларц» ҳәа азгәеиҭоит иара. Миха Лакрба иновелла «Аишьцәа» амотивқәа рыла акиносахьа анҭихуаз, Наур изныкымкәа урҭ ановеллақәа реизга даҧхьеит. Акраамҭа иалсыҧшаауан исгәаҧхаз, анаҩс саангылеит «Аишьцәа» аҟны. Избан акәзар, иара ашьхараҿы имҩаҧысуеит, аҧсабара асахьагьы еилфаҷа иаарҧшуп. Сгәы иаанагоит дарбанзаалакгьы изыҳәан ихадароу аҵакы змақәоу иреиуоп иара дзышьцылоу, бзиа иибо, цәаҩала изааигәоу. Уи анаҩсгьы, аҧсуаа рҵасқәа аинтерес ду рымоуп. Ари атема ҧсра зқәым иреиуоуп, – иҳәоит арежиссиор.
Наур иазгәеиҭоит Урыстәыла аҵара зҵо аҧсуаа зегьы шамахаӡамзар гәазыҳәарас ишрымоу рыҧсадгьыл ахь агьыжьра, араҟа рзанааҭ ала аусура. Ихатәы дазааҭгыло иҳәеит, Аҧсны афильмқәа рҭыхразы мҽхакыҭбаала аусурақәа рылагара ааигәа залыршара ауа акәны ишимҧхьаӡо. «Зегьы иаҳҭаху аҧсуа кинематографиа арҿиара, ашьҭыхра ауп, аха уи иацуп ахарџь ду, иаҭаху рацәоуп. Мышкызны уи зегьы ҟалашт, аха иаарласны изылшо ак акәны сахәаҧшуеит» иҳәеит арежиссиор.

Наур Гармелиа диит Гәыҧ ақыҭан. Ашкол даналга анаҩс аамҭак азыҳәан акинемотографиатә студиа «Аҧсуафильм» аиҳабы, арежиссиор, актиор Виачеслав Аблоҭиа иахь ҽазыҟаҵара дныҟәон, анаҩс ауп акинои, ателехәаҧшреи, арежиссуреи, акиносахьақәа рҿы ахәмарреи рзы Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә аинститут аҭалара иҽаназик. Урҭ аамҭақәа игәаларшәо Наур иҳәоит аҵараиурҭа аҭалара ауадаҩрақәа шацыз, изҭахыз рхыҧхьаӡара ахьырацәаз иахҟьаны, ҭыҧк аҿы иқәгылан быжьҩык. Аха иара дҭалеит, аҵара бзианы иҵон, арежиссура шицааиуаз ирҵаҩцәагьы ирбон аҟынтә ицхраауан. Абас ала аҧсуа рҧыс есааира иҩаӡара еиҳахо иахьа имоу аихьӡарақәа рҟынӡа днаӡеит. Убри аан иара иҳәоит зегь иреиҕьу ҧсыршьаганы ишимоу иаб иашҭа, Гәыҧ даныҟоу илало амчқәа шракәу ирҿиара ҵаргәас иамоу. Арежиссиор бжеиҳан Санкт-Петербург дыҟоуп. Уи ақалақь агәеисыбжь сара сыҩныҵҟатәи аритм иақәшәоит. Амегополис дуқәа рҿеиҧш аҧсҭазаара уахьымӡо иццакӡам. Зны-зынла Аҟәа ацәаҩа ахыскаауеит. Уаҟагьы ауаа мыццакӡакәан инеиааиуеит, ирацәоуп убла хызкуа аҭоурыхтә хыбрақәа, амузеиқәа – иҳәеит иара. Наур аҧхьара бзиа ибоит, аҧсуа шәҟәыҩҩцәа раҧҵамҭақәа лассы-лассы ишьҭихуеит. Зегь реиҳа исзааигәоуп Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа, –ҳәа азгәеиҭоит арежиссиор қәыҧш .

Ханты-Мансииск имҩаҧысуаз акинофестиваль цон хымш. Иаартын жәабран ҩажәи хҧа рзы. Хәажәкыра ҩажәи ҩба рзы Москва, «Крокус Сити Холл» иҟалаз атерракт инамаданы алахьеиқәҵаратә мшқәа рылаҳәан. Убри инамаданы афестиваль аартра ацеремониа аханатә ишарбаз акәымкәа аҧсахрақәа алагаланы имҩаҧган. Аконкурс иалахәыз аусумҭақәа рырбара мҩаҧысуан еихшаны ҩымш. Аҧхьарбара анымҩаҧыс инаркны, акиносахьа ахәаҧшцәа иалыркааит, абжьыҭараҿгьы аҧыжәара аиуит. Аихшьаалақәа ҟаҵо, алҵшәақәа рылаҳәан аҵыхәтәантәи амш жәабран ҩажәи фба рзы. Наур Гармелиа ифильм «Аҵыхәтәантәи ахәҧса» аноминациақәа ҧшьба рҟны аҧхьахә агеит. Сергеи Соловиов ихьӡ зху аҳамҭа хада «Золотаиа Таига» иаҧсахаз акиносахьа автор, арежиссиор Наур Гармелиа иқәгылараҿы иҭабуп ҳәа реиҳәеит афильм аҭыхра зџьабаа аду зегьы.
Акиностудиа «Ленфильм» аредактор хада Андреи Апостолов иҳәеит «Наур Гармелиа режиссиорк иаҳасаб ала, аҧеиҧш ду змоу, азхаҵара зцу изанааҭтә мҩа абаржәоуп ианалага» ҳәа шиаҧхьаӡо. Убасгьы иазгәеиҭеит, акиносахьақәа рҭыхразы зҿлымҳара зуҭаша аҭыҧқәа рыхсаала ишану Аҧсныгьы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me