Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адгьыл ажәлар ирмалуп

Аԥсны Жәлар Реизара аграртә политикеи, аԥсабаратә ресурсқәеи, аекологиеи рзы Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беиа ахҳәаа рзыҟаиҵеит Аԥсны массала адгьылқәа рҭиуеит ҳәа ауаажәлар рыҩнуҵҟа ицо ацәажәарақәа.


Ҭемыр Беиа ишьақәирӷәӷәеит иара хадара ззиуа Аилак ашҟа ишнеиуа категориак аҟнытә даҽакахьы риагаразы, хықәкыла адгьылқәа зызку рыԥсахразы хыԥхьаӡара рацәала аусшәҟәқәа. Убри инаваргыланы, иазгәеиҭеит Жәлар Реизарахь инеиуа адгьыл азҵаарақәа рхыԥхьаӡара аҵыхәтәантәи аамҭазы аҽшамԥсахыз.
«Аха иазгәасымҭарц залшом депутатк, тәылауаҩык иаҳасабала сгәы змырҭынчуа зхы шьҭызхыз тенденциак. Лассы-лассы абас иҟалоит, ҳашҟа иааиуеит Аиҳабыра рҟнытә адгьыл иадҳәалоу азҵаарақәа. Урҭ заанаҵы изыхәҭоу аусбарҭақәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа ркомиссиақәа ирхысуеит, нас зегь рыла иҭҵаауп, игәаҭоуп ҳәа иԥхьаӡаны Жәлар Реизарахь иаакылсуеит. Аха анаҩсан, апроцедурақәа зегьы ианырхыслак ашьҭахь, лассы-лассы иҳаҳауеит адгьылхәҭақәа рганахьала азинқәа даҽа шьоукы рахь ииасуеит, мамзаргьы урҭ гәыгәҭажьны иаанхеит, убарҭ адгьылқәа рҟны акымзарак ҟарҵом ҳәа. Иҟалап, урҭ (иалху адгьылхәҭақәа, ақьырашьҭыхыҩцәа, ахархәаҩцәа) даҽаӡәы иҭаразы «аамҭа бзиақәа» ирзыԥшызар. Адгьылқәа шырҭиуазы алаҳәарақәа рацәаны иаабоит аинтернет аҟны, Аԥсны адгьыл аҭира шамуа зегьы ишырдыруагьы. Убасгьы иҟалоит, адгьылқәа алырхуеит идыру обиектк аргыларазы, аргыларагьы мҩаԥысуеит, аха иара иаҵанакуа адгьыл 1/20 ахәҭа ауп, иара убри аамҭазы егьи аҿацә ҭацәны ишьҭоуп», – иҳәеит Беиа.
Адепутат иамеикуам, дарбанзаалак иԥсҭазаараҿы, иарбанзаалак анаплакы аусураҿы еиуеиԥшым аамҭақәа, ауадаҩрақәа цәырҵыр алшоит, ҳәарас иаҭахузеи, урҭ иаақәырҵәиааны ирыԥсахыр ауеит дара убырҭ адгьылқәа рганахьала иазгәаҭаз апланқәагьы.
Аха абас еиԥш иҟоу ахҭысқәа анырацәахалак, абри атенденциа гәынамӡара-гәаанагарақәак узцәырнамгарц залшом.

«Сара исыздыруам аҳәын­ҭқарреи ахазхатәуааи реим­ак-реиҿак аганахьала хҭ­ыс хаҵәыкгьы, мамзаргьы аҳәынҭқарра аганахьала иаԥ­шьганы адгьылтә еизыҟазаашьақәа анааныркылауа. Лассы-лассы мацара иҳаҳауа убри ауп: ахазхатәуаа рыбжьара адгьыл еимакны реиҿыхарақәа. Араҟа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа аақәгылоит бжьаҟазаҩцәақәак раҳабасала. Насгьы иџьоушьаша, аимакқәа рҭыԥ рықәҵараан, ԥҟарак аиԥш, аҳәынҭқарра ауп азарал зауа», – рыхшыҩ азишьҭит адепутат.
Ҭемыр Беиа иҳәеит аграртә политикеи, аԥсабаратә ресурсқәеи, аекологиеи рзы Жәлар Реизара аилак аҟны аус зуа иареи иҩызцәеи убас еиԥш ахҭысқәа ирыниоит, адгьылқәа қьаадла реиқәыршәара «занааҭ» усны иззыҟалаз шьоукы адгьыл иадҳәалоу аусшәҟәқәа зегьы рҟны иуԥылоит.
«Абри гәаҭашьа амаӡами Жәлар Реизарахь ақьаадшәҟәқәа неиаанӡа?» – азҵаара шьҭихуеит Беиа. Уи аганахьалагьы даара агәҩара имоуп.
Адепутат агәыҩбара им­ам­ адгьылхәҭақәа зырҭауа рыҩнуҵҟа ишыҟоу зламысцқьоу ахархәаҩцәа, ақьырашьҭыхыҩцәа, ҷыдала рацәак идуум адгьыл хәҭақәа рҟны зхатәы нхамҩа еиҿызкаауа ауаа.
Беиа иажәақәа рыла, абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа Жәлар Реизараҿы аԥхьа иргыланы ирыхәаԥшуеит.

«Иаҳҳәаз зегьы агәҭахәыцразы мацара акәымкәа, анапхгараҭаразгьы имаҭәахуп, атәылауааи ҳаԥхьатәи абиԥарақәеи ирыхәартә еиԥш адгьыл зҵаарақәа рыӡбашьа азеиԥш знеишьақәа аиҭарыхәаԥш­разы. Ҳара Жәлар Реизараҿы даара хшыҩзышьҭрала ҳазнеилоит адгьыл зҵаарақәа рҭыԥ рықәҵара, адгьыл иашьҭоу ааҳаԥхьалоит, иара убас аилак аилатәарахьы иааҳаԥхьалоит Аиҳабыреи амчра аҭыԥантәи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, аҭыԥанқәа рҟны аҭагылазаашьаҵәҟьа зеиԥшроу здыруа», – иазгәеиҭеит Ҭемыр Беиа.
Иара убас, адепутат иҭахуп адгьылхәҭақәа анаҩстәи рлахьынҵа ахылаԥшразы мҩакы азыԥшаазарц.
Аграртә политикеи, аԥсабаратә ресурсқәеи, аекологиеи рзы Жәлар Реизара Аилак ажәалагала ҟанаҵоит уаанӡа ирырҭахьоу адгьылхәҭақәа зегьы рганахьала алеишәа шьақәыргылахаанӡа адгьыл зҵаарақәа рыхәаԥшра аанкылахарц.
Иара убас, Ҭемыр Беиа ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа реиҳабацәа рахь ихы ирхоит дара рнапаҵаҟа иҟоу аусбарҭақәа адгьыл зҵаарақәа рыҭҵаара иҵегьы инҭкааны ишахәҭоу иазнеиларц.
«Даҽа шьоукы раасҭа хьыӡҳәала дара роуп еиӷьны издыруа аҭыԥанқәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа, хьыӡҳәала дара роуп изхьыԥшу ажәлар зегьы ирмалу ҳадгьылқәа анаҩстәи рлахьынҵа», – иаҵишьит аграртә политикеи, аԥсабаратә ресурсқәеи, аекологиеи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беиа.

Акьыԥхь иазирхиеит
Б.Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me