Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

100 ҭыԥк змоу ахәыҷбаҳча

Лаҵарамзазы Гагра ақалақь аҿы шәҩык ахәыҷқәа рзы ашәқәа аанартуеит ахәыҷбаҳча ҿыц. Уи алыршахеит араионтә биуџьет амчала.


Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынба лажәақәа рыла, ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәа разымхара – ари проблема ӷәӷәоуп.
«Ҳара араион аҿы аус зуа ф-хәыҷбаҳчак рахьынтә ҩба ақалақь аҿы ишыҟоугьы, акыр ҵуеит аҭыԥқәа разымхара апроблема ҳамоуижьҭеи. Убри аҟнытә, араион Ахадараҿы Абазгаа рымҩаҿы иҟоу ахәыҷбаҳча иагу-иабзоу аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит», – илҳәеит лара.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иарбоу аобиект аҿы ахыркәшарахь инеихьеит, ахәҭакахьала ихымԥадатәиу аинвентаргьы ааргахьеит.
Абаҳҷаҿы аҿы ԥшь-гәыԥк аадыртуеит, урҭ рҿы аҽазыҟаҵарақәа аԥсышәала мацара имҩаԥыслоит. Хана Гәынба лажәақәа рыла, иахьазы еиқәдыршәахьеит ахәыҷқәа рсиақәа, иара убас аколлектив (ааӡаҩцәа, ахәыҷхылаԥшыҩцәа, ахәыҟаҵаҩцәа, атехникатә усзуҩцәа уҳәа), иҭацәу аҭыԥқәа.
Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара «Стройцентр Проект» ахаҭарнак Сергеи Биџьба ишеиҭеиҳәаз ала, аусурақәа зегьы иазԥхьагәаҭоу аграфик инақәыршәаны имҩаԥысуеит, урҭ реиҳаракгьы нагӡоуп.
«Уажәы ҳара ахәыҷбаҳча иаҵанакуа аҵакыра аиқәыршәара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥаҳгоит. Аобиект ахархәаразы рыҭара азԥхьагәаҭоуп лаҵарамза, 2024 шықәсазы. Аргылара-монтажтә усурақәа рпроект-харџьынҵатә хәыԥса 58 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит», – иазгәеиҭеит иара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me