Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аӡәгьы дыхдырҵәом

Атәыла Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Аԥсныпресс акорреспондент даниацәажәоз хәажәкырамза 27 рзы имҩаԥысыз Бабышьра ақыҭа ауааԥсыреи иареи реиԥылара далацәажәеит.


Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, атәыла анапхгара раԥшьгарала, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҵакыраҿы ааигәара инхо ауааԥсыра рԥылара мҩаԥысит.
«Ари аиԥылара ақыҭа ауааԥсыра аҳаирбаӷәазеи уи аинфраструктуреи рыҿиареи рреконструкциеи рпланқәа рзы адырра рыҭара хықәкыс иаман. Актәи аетап иазԥхьагәанаҭоит 2024 шықәсазы аҳаирбаӷәаза аус арура. Ауаа ирзеиҭаҳҳәеит уажәы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иарбан етап аҿы иҟоу, ашьҭыԥраа-тәарҭатә цәаҳәа аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа, ҳаԥхьаҟа зхархәара алмыршахо ахыбрақәа рықәгара шымҩаԥысуа атәы. Ҳара иара убас аҳаирбаӷәаза аҿиара аплан ҳалацәажәеит, ахәҭакахьала, аҳаирбаӷәаза аҵакыра аладатәи ахәҭа аганахьала уи арҭбаара азԥхьагәазҭо аҩбатәи аетап ҳазааҭгылеит», – иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Уи иазгәеиҭеит, аиԥылара иалахәыз ахсаалаҿы иддырбан иарбан хыбрақәоу иргылахо, насгьы урҭ ахьыргылахо аҭыԥ.
Ауаа, аԥсшьаҩцәа рнырхаразы аҭыԥқәеи изеиԥшразаалак асасааирҭатә комплексқәеи иарбоу атерриториаҿы ишыргыламхо агәра ргартә алшара роуит.
«Ҳаиԥылара иалҵшәаны ҳаиқәышаҳаҭхеит ақыҭауаа рҟынтәи 5-6-ҩык аҳаирбаӷәаза аҵакыра аладатәи ахәҭаҿы инхо атәылауаа ринтересқәа рыхьчареи анаҩс аҳаирбаӷәаза аҿиара аперспективатә план алацәажәареи рзы Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба напхгара зиҭо Акоординациатә штаб аусура ралархәразы азы ҳаиқәшаҳаҭхеит», – иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Аминистр даҽазныкгьы аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы аԥсшьарҭа ҭыԥқәеи, асасааирҭақәеи, мамзаргьы апартаментқәеи рыргылара хықәкыс иҟаҵаны аҳаирбаӷәаза арҭбаара иазку аинформациа ҵабыргӡам ҳәа даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳара уажәазы аҳаирбаӷәаза арҿиаразы аперспективтә план ҳалацәажәоит. Убри ахықәкы ала ҳара ақыҭауаа аилацәажәара рҽаладырхәырц ааԥхьара раҳҭеит», – иҳәеит иара.
Ауаа хырҵәаны даҽаџьара риагаразы ателеграмм-каналқәа рҿы ицәырҵыз аинформациа Џьансыхә Нанба убасҵәҟьа мцла еибаркуп ҳәа ахиҳәааит.
Аминистр аҿаҵаҩи аԥсуа гани аҳаирбаӷәаза аҵакыра арҭбааразы еицырзеиԥшу аплан рымоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Уи иҟоу акомплекс ахәҭак аоперативтә хархәара аҳасабала Аԥсны атәылахьчара Аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рструктурақәеи иахьрыҭоу ауп изыдҳәалоу. Жәларбжьаратәи анормақәа зегьы ирықәшәо ҳаамҭазтәи аҳаирбаӷәаза аргыларазы иҟоу атерриториа азхом, убри инамаданы аҩбатәи аетап ҳәа изышьҭоу аперспективтә ҿиара аплан алацәажәара мҩаԥысуеит. Ҳара ари азҵаара алацәажәара ақыҭа ахаҭарнакцәагьы ралархәра ихымԥадатәины иҳаԥхьаӡеит», – инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me