Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥхарра зҵаз ахәылԥаз

Ааигәа, абаҩхатәра злоу аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩы Џьими Шәманиа Москва иҟоу ҳаԥсуа диаспореи хаҭала, иҩызцәа: Николаи (Ника) Шамбеи, Гәырам Рогавеи, Нарҭ Сангәлиеи рыбзоурала ааԥхьара иман Москваҟа.

Урҭ еиҿыркааит, Москва иҟоу аԥсуа диаспора иртәу аресторан «Ривиера» аҟны ашәаҳәаҩ Џьими Шәманиа ирҿиаратә хәылԥазы. Имҳәакәан высшьа амам, ари аресторан аҟны хаҭалатәи зырҿиаратә хәылԥазы раԥхьа еиҿкаахаз, уи насыԥсгьы изауз ашәаҳәаҩ Џьими Шәманиа шиакәу.
Мышқәак раԥхьа Москва еиҿкааз арҿиаратә хәылԥазы ахьтә ихынҳәыз ашәаҳәаҩ Џьими Шәманиа ҳаиҿцәажәараан излазгәеиҭаз ала, арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит даара аԥхарреи агәыбылреи аҵаны.
Уи рхы аладырхәит Москва инхо аԥсуаа маҷҩымкәан, иара убас хаҭала Џьими Шәманиа иҩызцәа, ирҿиара ҳаҭырла иазыҟоу аӡәырҩы.
Сааҭки бжаки ицоз арҿиаратә хәылԥазы аҟны ашәаҳәаҩ инаигӡеит ихатә ашәақәа инарҷыданы, еицырдыруа аԥсуа шәаҳәаҩцәеи акомпозиторцәеи рырҿиамҭақәа: «Мрамза» – Тото Аџьапуа, «Бара быда» – Кәасҭа Ченгелиа, «Ачара ду», «Даади» – Заур Зыхәба. Аԥсны иазку Артур Лакрба иашәақәа, иара убас, – Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз Валери Багаҭелиеи Резо Чачхалиеи рашәақәа.
Еицырдыруа, аӡәырҩыгьы ҿырҳәала ирдыруа Валери Багаҭелиа иашәа – «Бабаду», Резо Чачхалиа иашәа – «Изурызеи» – арҿиаратә хәылԥазы ахь имҩахыҵыз даара ргәаҵанӡа инеиз, ибзианы ирыдыркылаз ашәақәоуп.
Џьими Москваҟа ицара аиҿкаара иацхрааз иреиуоуп: Даур Барганџьиеи – (Москва иҟоу аԥсуа диаспора рхаҭарнак) Нодар Ҳашбеи.
«Ашәаҳәара ада ус сымамкәан, зеиӷьаҭам ала арҿиаратә хәылԥазы сзеиҿызкааз, сырҿиара еиҳагьы сгәы азҭазҵаз, маҷк иадамхаргьы аԥсуа ашәала ргәы сзыҟаҵазар, ргәалаҟазаара ашьҭыхра сылшазар, сара сзы акыр аанагоит», – иҳәеит ашәаҳәаҩ ҳаиҿцәажәара хыркәшо, арҿиаратә хәылԥазы аиҿкаара зхаԥшьгароу иҩызцәа уи амҩаԥгара иацхрааз Москва иҟоу аԥсуа диаспореи дрызгәдуны, иҭабуп ҳәа раҳәо.
Аиашазы, аԥхарреи агәыбылреи зҵаз аестрадатә шәаҳәаҩы ирҿиаратә хәылԥазы иалахәыз ргәалашәараҿы акраамҭа иаанхоит.

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me