Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иԥсадгьыл азы ихы деигӡомызт

Ашҭа ԥшӡа аԥсҭазаара ахьеилашуаз аҩнаҭа аҩны агәара анаԥшҩы илаԥш ацәиӡартә иҟоуп. Аԥшәма хәыцрак даланахалон Иааигәа итәаз иаҳәшьаду илгәалашәоз ахҭысқәа рыла ихәыцра даалылхуан. Зцәыргара ицәыцәгьаз гәалашәарак дытҟәаны даман. Нас, лоунытә даақәыԥсычҳан иажәа дналагеит.


– Ҭаацәала аԥсуа мца ҳаакәшан ҳаатәалон. Ҳаб еснагь ашарԥазӡа дгыланы инапы злакыз аус ахь дцон. Ақыҭаҿы уи Виктор ҳәа акәын ишишьҭаз, ашәҟәы Владимир ҳәа данын. Ҳҭаацәара дуун, имгәамҵӡакәа инхон. Ҳан Ладариа Ҭина аҩны ауси аколнхараҿы илыдзи еилалыгӡон. Ҳаргьы иҳалшоз ала ҳлывагылан, – иҳәеит аб иҩны инхо Виктор.
Ҳалуашь Владимир Константин-иԥа шамахамзар зегьы дырдыруан. Узидгылалак аказы мап икуамызт, «агәы ҭбаа» ҳәа ишьҭан. Асовет Еидгыла еилаҳаанӡа уи аџьабаа дуӡӡа ибеит иқыҭа гәакьа Мгәыӡырхәа. Изныкымкәан, ақыҭсовети Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовети рахь депутатс далырххьан. Мгәыӡырхәатәи аусҳәарҭа ааигәара (уажәы Аԥсны зхы ақәызҵаз рбаҟа ахьгылоу) амашьынақәа рҭаргыларҭеи егьырҭ ақыҭа иамаз атехникеи рзы ахыбра гылан. Аӡәы имашьына акы агхама, атрактор ԥхасҭахама, Виктор имахәар хьашьшьаа уаҟа дрывагыланы, еиқәыршәаны ириҭон.
Виктор Ҳалуашь аҭоурых змаз аҭаацәара дырхылҵшьҭран. Иаҳәшьазаҵә Валентина илгәаларшәо иаҳзеиҭалҳәеит: «Ҳаб амал змаз уаҩын, инхарагьы ӷәӷәан. Виктор дхәыҷын, агара дгаран ҳаб харада ахара идҵаны дандырӡуаз. Ҳан Конџьариа Маниа аколнхара даҵгәаны, лырахә-лышәахә зегьы рҭыԥ иқәҵаны, анхара дуӡӡа иҟаз дшацхраауаз, иаалырҟьаны лыԥсҭазаара далҵит. Ҳаб иҩнаҿы ҳаҳәшьа ду Катиа ҳлааӡеит. Лара Алшәынбақәа дрыман. Абас еиҭымрала иааӡаз ҳакәын. Виктор ихатә ҭаацәара далан, шьҭа ибӷа еиҵихит анаҳҳәоз аибашьра рыхьӡеит.
Виктор ихшара фҩык Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагылан. Борис, Константин, Џьон, Леонид – ахԥатәи абаталион аҟны еибашьуан, Валери – анџьныртә баталион аҟны. Бориси, Џьони, Константини «Агәымшәаразы» амедалқәа ранашьоуп.
Резо Ҳалуашь диит 1985 шықәса хәажәкыра фба рзы Мгәыӡырхәа ақыҭан. Иан «сыжәҵыс хәыҷы» ҳәа дишьҭан. Иан Ҭина ахатәы иашьа длымаӡамызт. Убри аҟнытә, лаб иҩны аш́ә аартызарц, лԥацәа аӡәы лаб игәараҭаҿы дыҟазарц лҭахын. Лыԥшәмеи лареи еиқәышаҳаҭны Резо хәышықәса анихыҵ Лыхныҟа дыргеит, Ладариа Тарас игәараҭа еихеиҳарц, иациҵарц. Лхәыҷқәа зегьы аџьџьаҳәа ианеицыхәмаруаз, Лыхны иаанлыжьыз лыҷкәын игәхьаагара зны-зынла дахәаҽуан. Убри аҟнытә мчыбжьык ҩынтә-хынтә инабжьыслон. Резо зҿы дыҟаз ианду Валиа Чуазԥҳа лмаҭа дивагьежьуан, иаргьы бзиа дибон. Лыхны даннеи Ҳәыҳә ҳәа хьыӡшьарас илҭеит. Избанзар дгәыбзыӷын, лажәа дахыԥомызт.

Резо нанҳ́әамза жәиԥшь рзы аибашьра ианалага Белоруссиа дыҟан. Убри аҽныҵәҟьа Адлерҟа дыԥрит. Уаантә Чечниаҟа дцеит. Уаҟа зҽеизызгоз агәыԥқәеи иареи еиқәшәеит. Ихазы абџьар ԥшааны, шьхала иаауаз Нхыҵ-Кавказаа дрыцны дааит. Уи ианду лахьи иԥшәма Флорида Ҭариа ибаразы ҿаҟьаҿас дзааӡомызт, Резо иҩнаҭаҿы иԥа Денис изҳауан. Урҭ дынрылаԥшны, игәы шҭынчымыз ашҭа дынҭыҵуан. Резо Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы деибашьуан. Иара дызлаз акоманда ажьырныҳәа хәба рзы иҟаз ажәылара иалахәын. Усҟан командирс иҟаз Зарданиа Руслан раԥхьа дгыланы аӡиас ирит. Аха ажьырныҳәатәи ажәылараан ҳаибашьцәа ԥхьаҟа ицартә аҭагылазаашьа рмоуит. Рымчқәа ахьмаҷзи, ацхыраара ахьыҟамзи иахҟьаны ихьаҵыр акәхеит. Резо инапы хәын. Ахәра шимазгьы аҩны дырзынкыломызт. Иаҳәшьаду Валентина илгәалашәоит: «Резо, уаншьцәа ргәараҭаҿы хаҵас иҟоу уара уоуп. Уԥазаҵә Денис дааӡатәуп, уанду дыздыԥшыло, дызқәгәыӷуа уаҳа аӡәгьы лымаӡам. Ухәыц. Унапы угәыдҳә́аланы уцаргьы, узлеибашьуеи?!» – ҳәа аниасҳәа, иара иҽаасгәыдижьлан: «Зегьы ҟалоит! Аиааира ҳара иаагоит», – иҳәан дынсыдҵит.
Резо инапы иаҵдаз ацаха ихәда ишыхшьызгьы, иҩызцәа ахьтәаз Ешыраҟа дцеит. Иҟалап ажәылара шыҟало ала ргәы рҽанырҵазар. Уи хәажәкырамзазы акәын. Ажәылара акыр агын. Резо иаб игәараҭаҿы дааит. Иаби иани убасҟак иеигәырӷьеит, еидтәалеит, еицәажәеит. Нас ицара аамҭа анааи, Ешыраҟа дышцо реиҳәеит. Аԥсшәақәа еибырҳәан, агәашә дынҭыҵын, акыр днаскьахьан, дааҭгылеит. Ишьҭахьҟа данааԥш иани иаби ахьгылаз игылан изыԥшуан. Ашырҳәа даагьежьын, рыгәгьы рмыхьыртә: «Саб, аибашьраҿы иҟамло акгьы ыҟам. Сҭаханы иҟалозар, иудыруазар сҭахуп, Лыхныҟа ус сымаӡам!» – ҳәа наиеиҳәан, инапы злеимыхьуаз ала иарҭмаҟ ибӷа инкыдиҵан, шьҭахьҟа дымԥшӡакәан, амҩа днанылеит. Иани иаби ицәаара ахьынӡарбоз ишьхныԥсыланы изԥшуан.

Аҳҭны-қалақь Аҟәа аҭарцәразы ажәылара иалагеит. Зарданиа Руслан напхгара зиҭоз акоманда Аладатәи Ешырала имҩасраны иҟан. Уи аҽны зашьа дҭахаз Руслан ицымхәрас ари агәыԥ командирс даман Даур Ахба. Резо драдистын. Иҟаз-ианыз ажәабжь ишьҭуан. Арахь инапы ихәыз омак ихәомызт. Ирациагьы иабџьаргьы деицрыҵан. Рыдҵа анагӡаразы ԥхьаҟа еихон. Дара иааныркылараны иҟаз аҭыԥ аҿы инеит. Аха рышьҭахьҟа ирыцхраауаз, иааираны иҟаз аӡәгьы зымнеит. Иахьтәаз аӷацәа рыкәшеит. Резо арациала дааҟәымҵӡакәа ацхыраара даҳәон, убри аамҭазы ахы иқәшәеит. Уи иԥсахәага ҭан, «5-45» ҳәа изҿу ахы акәын иаахаз. Иҩызцәа Ладариа Гарики, Гәынба Мызи, даҽа ҩыџьеи, иҳәазаны иԥсы аиқәырхаразы шьҭахьҟа ихынҳәырц иалагеит. Аха изымцошәа анырба аҭабиаҿы дырҵәахит.
Аибашьра ашьҭахь Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны иҭахаз ргәалашәара иазкыз аиԥылараҿы Зарданиа Руслан иҳәеит: «Резо жәытә-натә аибашьра далагылазшәа деибашьуан. Аӷа иҽицәыхьчара ихахьы иааигаӡомызт. Резо иеиԥш иҟаз аибашьцәа роуп Аиааира аагара зылшаз…»
Резо Ҳалуашь аҭабиа дҭыганы алашьцара рҽалакны иҩызцәа Гәымсҭа аӡиас дрыманы иҭалеит. Аха зҳәаақәа ирҭыҵыз Гәымсҭа дрымнахит. Нас ихьӡаны цәгьала аӡиас дырыргеит. Ашьжьымҭан, 1993 шықәса хәажәкыра 16, асааҭ ԥшьба реиԥш иԥсҭазаара далҵит.
Зыхшаара фҩык аибашьрахь иҟаз Виктор иԥшәмеи иареи лацәеихьшьык ҟарымҵеит. Ашарԥаз аб иҽааилеиҳәан, ашҭа дынҭыҵит. Уи дынишьҭалеит игәыла Ӡаԥшьба Аликгьы. – Гәдоуҭа аштаб аҿы ҳнеит, – иҳәеит Ӡаԥшьба Алик. – Уа ирҳәеит иҭахази ихәызи шырацәоу, адәыӷба аԥылара шаҭаху. Ҳара иаразнак уахь ҳцеит. Аԥшрагьы ҳақәымшәеит. Маҷк ааҵхьаны адәыӷба абжьы ргауа Лыхны абжьаларҭаҿы иаангылеит. Ацхырааразы игылаз ажәлар рацәан. Иҭыргоз рсиа иаԥхьон. Аӡәгьы дахьыҟамыз игылаз ирыманы ицон. Ус, Ҳалуашь Резо ҳәа рыларҳәеит. Иаб Виктор ԥшьаала иԥа днеихагылеит. Ҿымҭӡакәан, днаганы имашьына днақәҵаны, аҩныҟа дҳаманы ҳааит…
Резо ианшьцәа ргәараҭаҿы дахьынхоз ашә аркуп. Усҟан Резо аибашьра данцоз аҩны иаанхаз иԥа Денис ԥшьышықәса ихыҵуан. 20 шықәса данырҭагылаз амашәыр иахҟьаны дҭахеит.
Резо иашьа, иаб иҩны иҟоу Валери иҭоурых иҳәонаҵы ихы-иҿы гәырҩала иҭәын. Резо, – иҳәеит иара, – ихәыҷра инаркны иԥсы ахьынӡаҭаз иҟаиҵозаалак иус иԥсадгьыл иадиҳәалон.
Резо иаб игәараҭа ԥшӡоуп, еихаҳауп иашьцәа рыбзоурала. Иаҳәшьазаҵә Изольда лыԥхарра есымша ицын. Иҭаацәагьы, иҩызцәагьы, дыздыруаз зегьы рзы ахааназ ԥсра иқәымкәан рхаҿы, аҭоурых аҿы Резо даанхоит. Иара ихаҭа иҵәҩаншьап ыҵшәеит, аибашьра ихәышҭаара арцәеит. Аԥсадгьыл ахьчаҩ. Резо Владимир-иԥа Ҳалуашь данҭаха ашьҭахь ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.

Гугуца Џьыкрба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me