Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ан – афырԥҳәызба лԥазаҵә дихцәажәон

Аиашьа дыӷәӷәоуп аиашьа ила, ҳаргьы иахьа ҳ-Аԥсны хәыҷы иахалашо амра, иҳамоу аҭынчра зынагӡахомызт аҳәынҭқарра дуӡӡа Урыстәыла ажәҩа ҳаҵанамкызҭгьы.


Абар шьҭа ҩ-шықәса ҵит Урыстәыла Украина имҩаԥнагоижьҭеи арратә аоперациа ҷыда. Уи аханатә иалагылоуп Аԥсны аҵеицәа. Хьаа дууп ҳажәлар маҷ рзы убра ҳаҷкәынцәа ахьҭахо, аха ахақәиҭра нагӡа уоурц азын еснагь уабџьар мазеизароуп, ашәарҭараан иувагылаз аиашьара изууроуп. Абри аамҭа иҭагӡаны, Украина зхы ыҵызхыз анацистцәа ирҿагылоу аибашьраҿы иҭахахьеит 30-ҩык инреиҳаны Аԥсны аҵеицәа.
Ааигәа Гәылрыԥшь араион, Агәыӡера аҳаблан иаартын Украина арратә аоперациаҿы иҭахаз СВО афырхаҵа Давид Заур-иԥа Сабекиа ихьӡала аҳаҭыртә ҭӡы.
Диит иара Башкортосҭан, ақалақь Стерлитамак. Иара убра далгеит ашкол, дҭан Башкириатәи аҳәынҭқарратә университет аиурист изанааҭ ла. 2016 шықәсазы Давид дахысит арратә маҵзура ВДВ абригада ақалақь Кубленко, Москватәи аобласт. 2018 шықәса ноиабр азы инапы аҵаиҩит аконтракт Урыстәылатәи Афедерациа атә́ылахьчара Аминистрраҿ, дагьыхынҳәит Аԥсныҟа, абра арратә маҵзура дахысырц. Хышықәса дахысуан Гәдоуҭа иҟоу Урыстәылатәи арратә базаҿы 7-тәи аԥшыхәратә рота аҟны. Агәыӡера иара дынхон иаб иаҳәшьцәа Дареџьани Елисои рҟны. Агәыӡера иара изы имчы ҭаҵаган, ишьамхы рӷәӷәаган.

Аконтракт аҩбатәи аҿҳәараан Давид диаган ақалақь Будионовск, Ставропольтәи аҿацә аҟны иҟоу арратә базахь.
2022 шықәса 24 февраль инаркны далахәын Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә аоперациа. Абри ашықәс азы иара ҩынтәны иоухьаз ахәрақәа ирыхҟьаны амедкомиссиа ихы дшақәиҭыртәызгьы деиҭахынҳәит ирхәҭахьы, «сара убра саҭахуп» ҳәа аҭак рыҭауа. Аиашазы, иара иҩызцәа дырҭахын аҳауеиԥш, акрыздыруа аԥышәа змоу акомандаҟаҵаҩыс, избанзар иара дахысхьан азыҟаҵара бзиа, насгьы убри аҟынӡа алахҿыхра, аҟәыӷара иныԥшуан, иага ҭагылазаашьа хьанҭа иалагылазаргьы исолдаҭцәа ргәы шьҭихуан, игәра ргон, «Ҳара ҳаԥсҭазаара ҳтәыла иатәуп, ҳаԥсҭазаара Анцәа итәуп» иҳәон иара, абас – дыргәаладыршәоит иҩызцәа.

Дҭахеит Давид Сабекиа ианвар 7 рзы адҵа шынаигӡоз. Ифырхаҵараз данҭаха ашьҭахь ианашьан Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра ахьӡала аҳамҭақәа.
Аҳаҭыртә ҭӡы аартуа уи мҩаԥызгоз, Гәылрыԥшь араион, ауаажәларратә еиҿкаара «Русское содружество» анапхгаҩы Валентина Пицевич илҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рҵеи лаша Давид ихьӡ хашҭра шақәым. Ажәахәқәа ҟарҵеит Вл. Арӡынба ихьӡ зху амузеи аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиа. Аешьара рыхьӡала еизаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит Нугзар Сабекиа. «Давид дышқәыԥшӡаз идунеи иԥсахит, аха аӡәгьы димырԥхашьеит, фырхаҵаҵас ихы мҩаԥигеит», – азгәеиҭеит иара.
Зԥазаҵә дҭахаз ан Рашана Сабекиа илгәалалыршәон лыҷкәын иԥсҭазаара: «Давид иниҵыз маҷуп, аха изуҳәаша рацәоуп, иара еснагь ихы-иҿы ихаччон, деилҟьан оумакала бзиа ибон иаб иԥсадгьыл Аԥсны. Сара сышҟа иааилоит лассы-лассы иҩызцәа, даҳгәаларшәо ҳаччоит, ҳагьҵәуоит, аибашьраҿы раԥхьатәи ахәра ӷәӷәа аниоуз «Сыҷкәын деиқәхеит, анцәа диман азы ҳәа сҳәауан, аха иахьа аԥсҭазаара ианымшәо ахәра дансцәага исҳәагәышьеит – «сыҷкәын анцәа бзиа дибон, анцәа дигеит ҳәа».
Лабжышда узазыӡырҩуамызт ан-афрыԥҳәызба Рашана лгәыжьжьага ажәақәа, лԥа ақәрахьымӡа изкны илҩыз ажәеинраала Ажәалагалақәа рҳәеит СВО алахәыла Андреи Чирков, Вадим Никоненко.
Алахьеиқәҵаратә митинг ашҟа иааиз ашколхәыҷқәа ажәҩан ахь идәықәырҵеит анкьапышҭарчқәеи, аҳәыҳә шкәакәақәеи – урҭ аҭынчреи ацқьареи ирсимволуп. Хашҭра рықәымлааит аҭынчреи аиашареи зыԥсҭазаара ахҭнызҵаз ҳҵеицәа зегьы.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me