Аԥсны аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара занашьоу Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра инамаданы, анышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭан иҳаҭгәын иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, ԥаса Аахыҵ-Уаԥстәыла хадас иамаз Едуард Какоиҭы, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, аиҳабыра, рхаҭарнакцәа, араионқәа рнапхгаҩцәа, аветеранцәа, анацәа рхеилак ахаҭарнакцәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа. Ауаҩгәыраз, ауаҩгәыҭбаа дыздыруаз зегьы ргәалашәараҿы наунагӡа даанхоит.
Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь ҳтәыла напхгара анаиҭоз ашықәсқәа рзы ихацыркыз Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амҩа иацҵоуп.