Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Азҿлымҳара змаз аиқәшәара

Ааигәа Аҟәа, абизнес-центр ахыбрақәа руак аҿы имҩаҧган «Урыстәылеи Аҧсынтәылеи: ашәарҭадареи аҿиареи (Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа)» ҳәа хьӡыс измаз астол гьежь. Уи еиҿнакааит асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр.


Уаҟа иалахәыз иреиуоуп Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Иқәгылоз зегьы ражәахәқәа рҿы ирҳәоз еиҧшын. Ишдыру еиҧш ҳазҭоу ашықәс март 17 рзы Урыстәыла Ахада иалхра иамшуп. Убри азы Аҧсны иқәынхо ауаажәлар Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу, ибзиаӡаны иазхәыцны, хырҩа амҭакәа абжьыҭирахь инеирц шахәҭоу.
Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр адиректор Олег Дамениа иҳәеит: «имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа аглобалтә кризистә еибарххарақәа рҟазшьа шамоу. Урҭ алхрақәа ирыбзоурахоит астратегиатә ҟазшьа змоу, аҧхьаҟатәи атәыла аҿиара, аҧеиҧш. Убри азы азҿлымҳара ду аҭатәуп абжьыҭираҿы».
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иқәгылараҿы дазааҭгылеит Урыстәыла иааннакыло аҭыҧ хада Аҧсни уи иқәынхо ажәлари рзы. Уи Аҧсны ахьазханаҵаз адагьы, аҭынчра аҭышәныртәаларазы имҩаҧнагоит еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа. Иргәалаиршәеит 1993 шықәса инаркны 2008-нӡа Аҧсни Урыстәылеи рҳәааҿы 407-ҩык ауаа шҭахахьоу, урҭ рахьтә 42 % - аурысцәа шракәу. Иара убас иазгәеиҭеит 2008 шықәсазы Урыстәыла ацхыраарала Аҧсны амчрақәа Аҧсны асуверинитет шырыхьчаз. Иахьа уажәраанӡа Аҧсны ауааҧсыра атәанчаҩцәа ироуа аҧара Урыстәыла ацхыраарала шакәу. Хыҧхьаӡара рацәала аҿырҧштәқәа ааигеит Аҧсны Ахада, Урыстәыла ацхыраара ду шыҟанаҵо Аҧсны аҭышәынтәалареи аизҳареи ирызкны. Убри зегьы азгәаҭаны, агәыҕра имоуп Аҧсны жәлар рҟәыҕара аарҧшны Урыстәыла Ахада иалхразы рыбжьы рҭиип ҳәа.
Ажәахә ҟаиҵеит иара убас Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. Иара иҳәеит, Аҧсни Урыстәылеи аиҩызаратәи астратегиатәи усеицура шрыбжьоу, уи зегьы еиуеиҧшым аҧсҭазаара аганқәа зегьы ишырныҧшуа. Иазгәеиҭеит, аусеицураҿы еиуеиҧшым апроблемақәа шцәырҵуа. Аха ианаамҭоу аҩ-ганкгьы рыбзоурала ишырыӡбо. Иҭабуп ҳәа реиҳәеит, ажәахәқәа ҟазҵоз зегьы Урыстәыла ацхыраара ахә ҳаракны ишьаны иахьалацәажәаз.
Иқәгылоз ааҧхьара ҟарҵон Аҧсны ауааҧсыра рахь, март 17 рзы Урыстәыла Ахада иалхрақәа рҿы рыбжьы рҭиирц, алхрақәа рыҽрыладырхәырц.

Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me