Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Анри Ферзба – 70 шықәса

Аҧсуа милаҭтә ҟазара аӡбахә анаҳҳәо, ҳаналацәажәо, еиҧхьхәыцрада ҳхаҿы иааиуа, иаҳгәалашәо дыруаӡәкуп Аҧсны жәлар рартист, ахореограф, Леон иорден занашьоу, Е. Бебиа ихьӡ зху аҧсуа ҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» ала зырҿиаратә ҟазара хацзыркыз, ари ансамбль аҟны иналукааша раҧхьатәи акәашаҩцәа иреиуоу Анри Џьоџьа-иҧа Ферзба.


Зыҧсҭазаара зегь аҟазара иазку, ааҧсарак зынмырҧшкәан уи амаҵ азызуа, акыр шықәса инеиҧынкыланы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаҧсазтәыз ансамбль аҟны ахкы нагӡаҩыс, шәаҳәаҩыс иҟоу, уи инаваргыланы, абаҩхатәра злоу аҿар рааӡараҿы зҧышәа рымаздо, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа арҵаҩы Анри Ферзба сынтәа 70 – шықәса ихыҵит. Уи инамаданы, аҟазара дшалагази, хаҭала, акәашаҩ изанааҭ залихызи реилкааразы ҳара ҳамҩахыҵит Аҧсны жәлар рартист аус ахьиуа амилаҭтә культура ахәшҭаарақәа руак ахь.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа ахь ҳнеимҭаз, зегьынџьара ҭынчран, арҵаҩцәа руадагьы ҭацәын, зегьы аурокқәа рахь иҟан. Аха минуҭқәак рышьҭахь, аҩбатәи аихагыла ахьтә хаа-хаа иааҩуан амузыка абжьы. Ҳаргьы уи абжьы ахьгоз ашҟа ҳҿынаҳхеит, ҳааигәахацыҧхьаӡа еиҳа-еиҳа еилыкка, игәазырҳаганы иҳаҳауан аҧсуа кәашара. Сыгәгьы иаасыҵанаҳәеит аҟазараҿы зџьабаа рацәоу, хаҭала, аҿар аҟазара агәыбылра дыркраҿы зыбзоура маҷым Анри Џьоџьа-иҧа абри азал аҟны дыҟазар ҟалап ҳәа. Аиашазы, сымҩашьеит. Ашә саныныҩнала, аҧсшәа анеибаҳҳәа ашьҭахь, аҭамзаара шьҭаҵо, акәашашьа зирҵоз аҿар срыхәаҧшырц шысҭахыз иасҳәеит. Ҳәарада, мап сцәимкит, 15 шықәса раҧхьа хаҭала, аҧсуак иаҳасабала, асцена азы акәымкәан, схазы аҧсуа кәашара аҵаразы захь сныҟәоз сырҵаҩы.
Актәи акурс астудентцәеи сареи ҳанеибаирдыр ашьҭахь, уи ишиҟазшьоу еиҧш, иус дналагеит. Аиашазы, агәахәара ду узҭо иурок амҩаҧгашьа збахьан ҵаҩык иаҳасабала, аха уажәы, даҽа блак ала, инарҵауланы, еиҳа хшыҩзышьҭра аҭаны избартә аҭагылазаашьа сыман.
Аҽны даара исықәҿиеит, хаҭала, бзиа избо аҧсуа жәытә кәашара, «Анхацәа рыкәашара» анагӡара иналагеит аҟазара азанааҭ алызхыз актәи акурс астудентцәа. Аҧсны жәлар рартист урҭ, иара ишигәаҧхоз аиҭаҵрақәа ҟарымҵакәан ишьҭуамызт. Дааҭгыланы зныкымкәан-ҩынтәымкәан идирбон, нас, еиҭах дырзыҧшуан, ишахәҭоу, ииашаны иҟарҵаанӡа, ирҵаанӡа.

Иныбжьаршә-аабжьаршәны, аҟазара, акәашара еиҳа агәыбылра шьҭырхырц, иазхьаҧшырц ирзеиҭеиҳәон инарыгӡо акәашара аҭоурых, иара убас хаҭала иара аҟазарахь ишьаҿа анеихигоз аҟазацәа дуқәа, анапхгаҩцәа нагақәа шыҟаз. Урҭ зегь рыла иҿырҧшыгаз, ирылаз рбаҩхатәра мацара акәымкәан, зыҧсадгьыли зыжәлари зҟазарала иӡырызгоз, адырреи аҧышәеи змаз ракәны ишыҟаз.
Аурок ашьҭахь, Анри Џьоџьа-иҧа ҳаиҿцәажәара хацыркуа, аҟазара дхәыҷаахыс дшалааӡаз, иахьеи-уахеи иҭаацәараҿы ишибоз ала иажәа дналагеит:
– Саб Џьоџьа Кәтол ақыҭаҿы анхацәа злахәыз ахор еиҿкааны иман. Саҳәшьа Џьулеттеи сареи, ашәаҳәаратә хор ахь ҳаигалон. Уи инаҷыдангьы, ҳҭаацәараҿы: сан, саб, сашьа Оҭар, саҳәшьцәа: Анета, Нонна, Џьулетта зегьы хәылҧазыла ҳанааилатәоз ашәа еицаҳҳәон, анаҩс, ҳшынҭаацәаз ҳқыҭаҿы еиҿкааз «ашәаҳәаратә хор» аҟны ашәа ҳҳәон. Насгьы аҭаацәаратә ансамбль еиҿкааны ашәа еицаҳҳәон ҭаацәаныла. Уи аамҭазы, ашкол аҟны акәашарагьы ддырҵон Акаки Малиеи Шьоҭа Мырцхәлааи. Абжьаратә ҵара саналга, сҭаацәа ирҭаххеит иреиҳау аҵараиурҭа сҭаларц, аха сара схатәгәаҧхарала иалысхит, сыҧсҭазаарагьы азыскит ахореографиа. Анаҩс, уи сыҧсҭазаара иахәҭакны иагьыҟалеит.
70-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи акультура ҵара-лашаратә ҵараиурҭа санҭалоз ашықәсан акәын. Инаалукаашаз абалетмеистер, ахореограф, зҟазара аҩаӡара ҳаракыз, абаҩхатәра иашаҵәҟьа злаз Аҧсны жәлар рартист Едуард Бебиа, Аҧсны еиҧш, уи анҭыҵгьы, анаҩс зыхьӡ наҩыз, Аҳәынҳқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» еиҿикааит. Уи акәхеит, Е. Бебиа сҵара хсыркәшаанӡа ҳәа дымҧшыкәан, сшынҭалаз еиҧш, «Шьараҭын» ахь снеиҧхьеит. Аҵареи аусуреи еиласыгӡон. Ахореограф изанааҭ сыманы сҵара аныхсыркәша ашьҭахьгьы «Шьараҭын» ада «ҧсы схамызт». Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа еиуеиҧшым ахкқәа насыгӡон, скәашон «Шьараҭын» аҿы. Аибашьраан ари ансамбль аҟнытә, аҧхьаҟа ҳмилаҭтә ҟазара ӡырызгашаз, еихазҳашаз, ҳҩызцәа акәашаҩцәа 12-ҩык рыҧсадгьыл аиқәырхара рхы ақәырҵеит,иҳаҧхеит,цәыӡ дуны иаҳзыҟалеит. Урҭ рышьҭахь, рылымкаа, хаҭала, сара исылымшеит «Шьараҭын» ахь ахынҳәра, уаҟа акәашара…

Анри Џьоџьа-иҧа ирҿиаратә ҟазара злахациркыз «Шьараҭын» даара игәы шазыбылуа мҩашьауа, дазгәдуны, уи иадҳәалаз игәалашәарақәагьы акымкәан-ҩбамкәан иаҳзеиҭеиҳәеит.
«Акыр тәылақәа рҟны ҳмилаҭтә ҟазара ӡыраҳгахьан, Аҧсны ахьӡ ҭаҳгахьан «Шьараҭын» арҿиаратә коллектив. Гостроль ҳасабла ҳцахьан, Урыстәыла еиҧш, аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәпакы рахь: Швециа, Норвегиа, Индиа, Морокко, Германиа, Голландиа, Франциа, Финлиандиа, Африкатәи атәылақәа, Алжир, Ҭырқәтәыла уҳәа убас егьырҭгьы. Ҳахьцалак, шамахамзар, аҧхьахәқәа аагон, ахәаҧшцәа хнахуан ҳҟазара.
Исгәалашәоит, Москва, 80-тәи ашықәсқәа рзы имҩаҧысуаз Адунеизегьтәи афестиваль аҟны, еицырдыруа, зҟазара аҩаӡара ҳаракыз Академиатә ансамбльқәа рацәаны излахәыз аҟны, хаҭала, афестиваль ахыркәшара, «Шьараҭын» акәашаҩцәа ишҳадыргалаз.
Ахәаҧшцәа «Шьараҭын» ақәгылара ишазыҧшыз, уи мбакәан ишзымцоз азгәаҭаны, заа имцакәан, аҵыхәтәанынӡа иаангыларц азы иӡбаз акы акәын уи.
Ҳәарада, ҳара ҳзы акыр аҵанакуан, ҳаззыҧшымыз қәҿиара дуун ари ахҭыс», – иҳәеит уи.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, А. Ферзба раҧхьа ҳауаажәлар рыцхырааразы Урыстәылантәи иаарышьҭуаз абџьар, аџьаҧҳаны, афатә-ажәтә уҳәа аидарақәа атранспортқәа ирықәхны ашьҭаҵарҭақәа рахь иназгоз дыруаӡәкын. Анаҩс, Аҧсны жәлар рартист Кәасҭа Ченгелиа еиҿикааз агәыҧ «Аиааира» ахь инеиҧхьеит ихатә ҩыза – Аҧсны жәлар рартист Роза Чамагәуа-ҧҳаи, усҟан 11- шықәса зхыҵуаз рҧа, аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзбеи, иареи.
Ҭаацәаныла излахәыз агәыҧ «Аиааира», аибашьраан афронт ацәаҳәахьы инеиуан, ашәала ргәы шьҭырхуан аҭабиақәа ирҭатәаз Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Анри Ферзба ансамбль «Шьараҭын» ааныжьны, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа аҿы мацара аусура ҩаҧхьа деиҭалагеит. Уиижьҭеи араҟа инеиҧынкыланы 30 шықәса ҵуеит аус иуеижьҭеи.
«Аибашьра ашьҭахь, ҽнак зны, афилармониа аҟны концертк ыҟан, адәаҿы ҳаиқәшәеит Аҧсны жәлар рартист Уасил Царгәыши сареи, уи аҿар рааӡара сшаҿыз, аха ансамбль «Шьараҭын» шынсыжьыз аниасҳәа, иаразнак напхгара зиҭоз, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаҧсазтәыз ансамбль ахь ашәаҳәаразы ааҧхьара сиҭеит.Азныказы, салак-ҩакит, аха асцена иашьцылоу ауаҩы акраамҭа изанааҭ ада изычҳауам… Сақәшаҳаҭхеит. Уиижьҭеи жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи Аҳәынҭқарратә ансамбли Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭеи рҟны аусура еиласыгӡоит», – иҳәеит Аҧсны жәлар рартист ирҿиаратә ҟазара дазааҭгыло.

– Шәҟазара акәашара ала ихацшәыркит, анаҩс, ашәаҳәара, уи инаҷыдангьы аҿар рааӡараҿы аџьабаа жәбоит, шәҟазаратә хырхарҭақәа рахьтә еиҳа ишәзааигәоузеи, иалышәкаауазеи? – ҳиазҵааит Анри Ферзба. Дааччан, «ауаҩ инацәкьарақәа зегь шизеиҧшу еиҧш, исзеиҧшуп урҭ ахкқәа. Ауаҩы иарбан усзаалак дызлаго, бзиа имбакәан изынагӡом, изыҟаҵаӡом. Хаҭала, инеиҧанкыланы 30 шықәса аҿар рааӡара снапы алакуп. Ари аус аҿы ахәыҷқәа бзиа иумбозар, урҭ рызнеишьа уақәымшәозар, алыҵшәа аиуӡом. Еиҿырҧшны исҳәозар, хаҭала акәашареи ашәаҳәареи ирымадоу сырҿиаратә усура аасҭа, аҿар рааӡараҿы аҭакҧхықәра еиҳаны избоит. Аха араҟа аусуразы иаҧҵоу аҭагылазаашьа бзиа имҩақәнаҵоит, ҳәоуеиқәшәала аколлектив ҳусеицура. Амала, уеизгьы, акәашара, ахореографиа ала сырҿиара ахьхацсыркыз азы, иҟалап еиҳа сгәы азыбылуазар – акәашара», – дҳацәажәон Анри Џьоџьа-иҧа.
«Аҟазара ахы ӡырнагоит, уи ахҿиарах ҕәҕәоуп. Анри Ферзба аҟазара злаз аҭаацәара ирылиааз, ихәыҷра инаркны уи иалааӡоу иоуп. Иуҳәар алшоит, аҟазара шьҭрала иаауеит ҳәа. Уи ихатә ҩыза, Аҧсны жәлар рартист Роза Чамагәуа-ҧҳа лакәзар, ган рацәала аҟазара иаларсу, иадҳәалоу, аҧсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа рмырӡра хықәкыс ишьҭыхны аҭыҧҳацәа рансамбль «Гәында» еиҿызкааз, напхгаҩысгьы иамоу лоуп. Иахьагьы аҟазара аганахьала изыдҵаало дыруаӡәкуп, аҟазара иазку архив бзиа еиҿкааны илымоуп, илдыруагьы рацәоуп. Рҧа Алхасгьы иабшьҭра дықәуп, уи абаҩхатәра злоу оператә шәаҳәаҩуп.

Иага аҟазара ауаҩы илазаргьы, аҿар рызнеишьа данақәымшәа, бзиа ианимба, урҭ аҟазара рылааӡара илшом.
Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп, аҿар Аҧсуа кәашара рызнагараҿы, аклассика аелементқәа алазгалаз Анри Ферзба иоуп. Уи гәык-ҧсыкала зус иазнеиуа, аҟазараҿы зџьабааи зылшеи рацәоу аӡә иоуп», – лҳәеит Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡ-ҧҳа, акыр шықәса аус зцылуа Анри Ферзба ихаҭареи иҟазареи дырзааҭгыло.
Ҷыдала, абаҩхатәра злоу аҿар дышрывымсуа, ахылаҧшреи агәцаракреи шриҭо азгәаҭо дҳацәажәон, Анри Џьоџьа-иҧа иааӡамҭа, иахьа рҵаҩыс ари аҵараиурҭа аҟны аус зуа, абаҩхатәра злоу ахореограф, Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩ Иана Цәеи-ҧҳа.
«Сара Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа санҭалоз схәыҷын, 13 шықәса схыҵуан. Анри Џьоџьа-иҧа игәылара сҭынхацәа рҿы саанҿасуан, аҵараҿгьы, аҩнгьы ахылаҧшреи агәцаракреи сыгижьуамызт, сурокқәа нҵәаанӡа дысзыҧшны, снапы кны аҩныҟа сигон. Азанааҭдырра аганахьала аҟазараҿы еихьӡарак сымазар, ҷыдала, иара ибзоуроуп. Насыҧсгьы исшьоит уи иҧышәа сымеидартә аҭагылазаашьа Анцәа иахьсаҭәеишьаз, саб ишьҭахь исыргыло, абык иеиҧш исыҧхьаӡо аӡә иоуп уи», – лҳәеит лырҵаҩы дизгәдуны Иана Цәеи-ҧҳа.
Имҳәакәан высшьа амам, Анри Ферзба иҭаацәара рҟазара инаҷыдангьы, аҧсуа иаҭәоу аҟазшьа бзиақәа рыла ихаҭәааны ишеиҿкаау.
Урҭ рҭаацәараҿы аҳра ауеит – аҳәоуеиқәшәара, аилибакаара. Ҳәарада, аҟазарауаа рҭаацәара даҽакалагьы изыҟалом.
Ҭаацәаала, Аҧсны жәлар рартистцәа: Анри Ферзбеи Роза Чамагәуа-ҧҳаи, урҭ рҧа, абаҩхатәра ссир злоу, Аҧсны ахьӡ ҭызгахьоу аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзбеи зегь ҟазара уаауп, рус акуп азы, аҩнгьы еизҵаауеит, ажәакала, аҟазара еиднакылоит.
Аҟазара аӡыхь еиҧш иҵхәрааны иахьааиуа Аҧсны жәлар рартист Анри Ферзба иҩнаҭа иагымхааит аҿиара, аизҳара, хаҭала, аҧсуа милаҭтә ҟазара дагымхааит сынтәа 70 шықәса ихыҵра азгәазҭо Аҧсны жәлар рартист Анри Џьоџьа-иҧа Ферзба.

Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me