Арҭ акрызҵазкуа ахҭыс дуқәа Аԥсны жәлар мҽхакы ҭбаала иазгәарҭоит. Февраль мза 19 азы Гәдоуҭа ақалақь Р.Дасаниа ихьӡ зху акультура Аҩны ахыбраҿы имҩаԥысит Д.Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкыз аиԥылара. Уи мҩаԥигон апоет қәыԥш Инал Гыцба. Апоет, арккаҩ ду Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәа ирыԥхьон уи ҿыц аԥсы ахазҵаз ашколхәыҷқәа: Ариана Барцыц, Хаҳәбиа-ԥҳа Дана, Гьаргь Цымцба. Аԥсуаҭҵаара аинститут аусзуҩы Дифа Габниа дазааҭгылеит Дырмит Гәлиа иҭоурых, хәы змаӡам иара иџьабаа, аԥсуа жәлар милаҭҵас ҳшьақәгыланы, ҳҿахәы ҳҳәаратәы ҳҟаларазы илиршаз.
Дырмит Гәлиа иажәеинраала «Хоџьан ду» иалху ашәа нарыгӡеит ансамбль «Риҵа» ашәаҳәаҩцәа (Асахьаркыратә напхгаҩы Нора Чамагәуа).
Дырмит ду илшарақәа аназгәаҳҭо, раԥхьа иҳаргылоит сынтәа 105 шықәса зхыҵуа ҳажәлар рҭоурых, рыблахтыра иузаҟәымҭхо агазеҭ «Аԥсны». Ажәа иҳәеит аредактор хада, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра арҵаҩы Ахра Анқәаб. 105 шықәса шахыҵхьоугьы, ҳазҭагылоу аамҭазы адунеи аҿы аглобализациа иӷәӷәаӡаны анырра анамоу, агазеҭ рацәак имодам ҳәа иахәаԥшуа шыҟоугьы, ҳара ҳаиԥш имаҷу ажәлар ҳхеиқәырхаразы акырӡа аҵанакуеит. Сара саԥсуоуп ҳҳәар ҳалшоит зегьы, аха ҩныҵҟалагьы ус ҳазыҟалароуп. Иааиуа ҳабиԥарақәагьы ирызнаҳгароуп уи аҵакы еиқәырханы.
Ажәахәқәа ҟарҵеит Валера Аҩӡба, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу. Иара иазгәеиҭеит Аԥсны Ахада идҵала ишаԥҵоу аҳәынҭқарратә комиссиа, Бадра Гәынба напхгара зиҭо, арҭ арыцхәқәа рымҩаԥгаразы. Ажәа иҳәеит ажурнал «Алашара» аредактор хада, Дырмит Гәлиа ипремиа занашьоу Анатоли Лагәлаа. «Дырмит Гәлиа ишәҟәқәа зыҩны иҩнам, урҭ ирмыԥхьац уи дзаԥсуахом», иазгәеиҭеит иара. Нас даԥхьеит Дырмит Гәлиа изикыз ажәеинраала. Аиԥылараҿ итәаз идырбан апоет иԥсҭазаара атәы зныԥшуа авидеонҵамҭа. Ҭабара зықәӡам ҳпоет ду ицәаҳәақәа ирыцын изыркыз ажәеинраалақәа. Апоетесса Кама Быҭәба даԥхьеит лхатәы жәеинраала.
Апоезиа азҟазацәа иаарымырдон игәыҟаҵагаха асцена зырлашоз ансамбль «Адац» акәашацәа. Ажәеи ашәеи еилагӡо, акраамҭа акультура Аҩны иҩныҩуан ҳ-Дырмит ду ихшыҩҵакқәа. Саргьы исҭахуп сыстатиа хсыркәшарц апоет игәаҭахрақәа ккаӡа изныԥшуа ицәаҳәақәа рыла:
Исҭахын сара сҿаҳәатәы ҟалауа сҟаларцы,
Аԥсны иазеиӷьу акәымзар даҽакы сымҳәарцы,
Аԥсуаа еидгылауа рҳәатәы еиқәшәарцы,
Русқәа бзиан адыррахь рхы дырхарцы!...
Наира Сабекиа