Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәлар рзы иҟаз

Аԥсны аҳҭны-қалақь ашколқәа ныҳәа дук еиԥш иазгәарҭеит апатриарх Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра амш. Иҟам, хымԥада ари амш азгәазымҭаз, гәыла-ԥсыла иахамҵгылаз ҵараиурҭак.
Шьыжьнаҵы еилыхаран Б.Шьын­қәба ихьӡ зху Аҟәатәи 1-тәи абжьаратә школ акттә залаҿы. Аҵаҩцәа, рнапхгаҩцәа рыгәҭылакны рҽазыҟарҵон ҳ-Дырмит ду изкыз аиԥылара.

Ирзыԥҵәаз аамҭаз азал ааҩндырҭәааит ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа. Апоет, адраматург, ҳбызшәа ашьаҭаркҩы, изкыз аиԥыларахь дааит, Аԥсны аҵара-дырра Аминистр Инал Габлиа. Аиԥыларахь имҩахыҵыз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо уи аиҿкааҩ, арҵаҩы Лиудмила Радион-иԥҳа Адлеиба ажәа лылҭеит ашкол адиректор Нона Делба. Лара иаазыркьаҿны дазааҭгылеит Дырмит Гәлиа иҭоурых, инысымҩа. Аҵаҩцәа аԥхьон инеимда-ааимдо ҳлитература ашьаҭаркҩы иаԥҵамҭақәа, ҟазарыла инрыгӡон ипоезиа иалху ашәақәа. Ашколаҿы Нонна Ферзба лнапхгарала еиҿкаау ансамбль «Анана» идырҿыхон, аԥсы ахарҵон апоет ду иажәеинраалақәа «Хоџьан-ду», «Сыхаара сыԥсадгьыл», «Арԥызбеи аԥҳәызбеи рышәҟәы»
Аҵаҩы Рабиа Амҷба даԥхьеит Дырмит Гәлиа изкны илҩыз лхатәы жәеинраала. Иазааҭгылеит иара убас раԥхьатәи агазеҭ «Аԥсны» аԥызҵаз, аԥсуа жәлар рыларҵәара алзыршаз дшыруаӡәкыз, насгьы акьыԥхь ала ишҿаԥиҽуаз ахәахәа, ишре-илиркаауаз аиаша. Дышрыԥхьоз ижәлар аҵаралашарахь. Абар ииҳәоз уи анҭыҵ деигәырӷьаны «Иахьа ҽаԥарак ҳаиҭаԥеит». Ажәеинраалақәа «Аҽацә», «Абри соуп сара», ажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа», ҿыц аԥсы рхалон абри аиԥылараҿ.
Аҵыхәтәан аиԥылара еиҿызкааз иҭабуп ҳәа раҳәо аҵарадырра аминистр Инал Габлиа иҳәеит «Ҳара иҳахьчароуп Дырмит Гәлиа иаҳзынижьыз аус ду ҳазегь ҳаицхырааны, уи илшеит ҳҭоурых аҭҵаара, ҳбызшәа, ҳлитература ахацыркра. Академик Н.Марр иҩуан «Дырмит Гәлиа иаҟара хара ихәыцуаз дмиӡац» ҳәа. Дырмит Гәлиа иҭынха, ихьӡ-иԥша ҳажәлар ирыцзаауеит наӡаӡа, ибызшәа акәзар ӡыхьҵас ицқьоу, абиԥарацыԥхьаӡа еимырдалоит.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me